"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьопуа Аԥсны аветеринартә маҵзура аусура иазкны
© Sputnik
"Аҵыхәтәантәи жәаба-жәаҩашықәса рыҩныҵҟала ицәырҵит Аԥсны зынӡагьы иҟамыз ачымазарақәа. Уахь иаҵанакуеит африкатәи аҿкы ҳәа изышьҭоу аҳәақәа рчымазара. Даара аџьабаа ҳнарбеит, ҳтәылаҿы аҳәақәа зегьы аныҳамхыр ада ԥсыхәа амамкәа иҟалеит. Избанзар, уи ачымазара иаҿагылоу алаҵа ӡбам. Азнаказ, ауааԥсыра агәра ргомызт ус еиԥш ачымазара ыҟоуп ҳәа, еиуеиԥшым ацәажәарақәагьы ахылҿиаахьан, аха анаҩс аҭагылазаашьа аныуадаҩха уи иазааит. Анаҩс зынӡа ааигәа арахә рчымазара ҿкны иҟан. Аха алаҵақәа ирыбзоураны уи аанкылара алыршахеит", — иҳәеит Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.