"Бзиала ҳаиқәшәааит!": Михаил Ҭаниа афронт аҟнытә иааишьҭаз исалам шәҟәы

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.
Sputnik

"…Амҩа сықәуп Польшаҟа, хьаас сҟашәымҵан. Иаарласӡаны аиааира сыманы схынҳәуеит. Хышбак иҳаҭгәын збеит абра. …джуп ақалақь апарк аҿы, аешьаратә ԥсыжырҭаҿы. Ихарсу аӷәыцәмаҟьа абас ануп "Хышба Николаи Николаевич, 1910 года рождения, погиб в боях с немцами 7 января 1944 года". Аамҭа сымам акәымзар, иҵегь ԥыҭҩык сԥшаауан, арыцҳақәа…
Аӡәгьы гәырҩас сҟашәымҵааит. Сзаанаҭ ала амаҵура смоут, аха сзызкхалак – еибашьроуп. Сышәҟәқәа лассы-лассы ишәмоут ҳәа шәымшәан, ақьаад амамзаароуп…
Бзиала ҳаиқәшәааит!
Михаил Ҭаниа дҭахеит иуль 29, 1944 шықәсазы.