Шамԥҳа: абыкь аҿиара аиоуа иалагеит, инструментк аҳасабала ахархәара амоуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырра аусзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа дазааҭгылоит ижәытәӡатәиу жәлар рмузыкатә рҳәага абыкь аҭоурых.
Sputnik

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Шәара аҭҵаарадырратә усурақәа ахьымҩаԥыжәго, хымԥада, ишәԥылахьеит аԥсуаа жәытәӡаахыс рхы иадырхәоз абыкь. Изакузеи абыкь, аԥсуаа ҳҿы уи ҭыԥс иааннакылои, насгьы рхы ианбадырхәо?

Анапҟаза Уасил Арухаа: ҳаԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа дмырӡыр сҭахуп

— Амузеи аусзуҩ еснагь ижәытәу, ма иӡыз, иахьа иаҳԥымло аинтерес зҵоу ацәыргарақәа еснагь дрышьҭоуп. Аха, уи уаҩҵас иҭыуҵаароуп, нас ажәлар ирбаратәы ираҳаратәы амузеи аҿы ицәыругароуп. Иҟоуп ирацәаӡаны иаҳцәыӡқәаз аматериалқәа, урҭ ахьӡқәа. Убри аҟынтә амузыкатә инструмент атема саналагоз, исҭахын зегь реиҳа ижәытәӡатәиу цәырҵрак аарԥшра. Уахь иаҵанакуа зегь реиҳа абыкь ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Абыкь хаҭала инструментхаанӡа, даҽа ҟазшьак аман.

- Иарбан ҟазшьаз нас иамаз абыкь?

— Уи ус машәырны иҟамлаӡеит ацәырҵра. Избанзар, иахьа ацивилизациаҿы ишаҳбо еиԥш, еиуеиԥшым атехникатә хархәагақәа ыҟоуп. Аҭел уасыр ҟалоит, ирласны аамҭа уҽақәыршәаны ахҭыс шыҟоу еиԥш еиҭауҳәар ҟалоит. Ажәытәан, иара абаагәарақәа ангылазгьы, ишыжәдыруа еиԥш, аԥсуаа ҳаԥсадгьыл еснагь ахьчара акәын ҳазҿыз. Убри аҟынтә, сигналк аҳасаб ала, абыкь абжьы еигәныҩгас иҟан, ахархәара даараӡа иаман. Уажәы ҳазлацәажәо амҿыла иҟаҵоу абыкь ауп.

- Абыкь абжьы шәарҭарак аныҟаз акәызма ахархәара анамаз, мамзаргьы агәырӷьаратә хҭысқәа раангьы рхы иадырхәозу?

— Уажәы сара сызлацәажәо сигналк аҳасабала рхы иадырхәоз абыкь ауп. Аибашьцәа рхы иадырхәон, ақәыларақәа ҟалама, иаразнак ала аӷа дцәырҵма, абыкь абжьы ала еибадыруан, рҽеидыркылон. Амҿыла иҟаҵоу абыкь аинтерес сыман изеиԥшраз, ихәыҷызма, идуузма ҳәа. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿгьы иҟоуп абыкь, аха даҽа ҟазшьак амоуп. Иҟоуп ахьчацәа уа рхы ианадырхәозгьы. Ҳара ҳҿы еиҳарак аибашьра ҟалама, ма ақәылара ҟалама, убасҟан акәын рхы ианадырхәоз амҿыла иҟаҵаз абыкь.

Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵашьа апроцесс

- Амҿы иалху абыкь анаҩс, иарбан хкқәоу уаҳа иуԥылоу?

— Амҿы иалху абыкь анаҩс, иҟоуп Џьырхәа ақыҭа аныхабааҿы иахьагьы иуԥыло, ҳара ҳқьабызқәа ирызку абыкь, еиҳарак аритуал хырхарҭа змоу. Уи аныхаҿы ус баша иҟамызт. Иара абҩа иалхны иҟаҵоуп. Абыкь, ауаҭка аршыгаҿгьы иуԥылоит. Изахьӡхаз ҳәа сгәы иаанаго, иара аформа аныхаҿы иҟоу абыкь акыр иахьеиԥшу ауп. Ақыҭаҿы ианаарылаҩлак абжьы, ақәылара ҟалеит, ма аӷьычра ҟалеит ҳәа акәын иаанагоз. Аӷьычра иатәызар, уи ашәи ацын. Иҟазҵаз дааны ашәиԥхьыӡ ихихыр акәын. Убри аҟынтә, шамахамзар абжьы дыргаӡомызт аритуал иатәу абыкь ҳәа зыӡбахә сҳәо.

- Амҿтәы быкь аԥхьа ахархәара змаз абыкь шԥаҟаз?

— Адунеи аҿы уахәаԥшуазар, амҿтәы быкь ҟалаанӡагьы атәыҩала ианыҟарҵоз ыҟан. Уи аҩыза ҳара ҳҿы иҟан сызҳәаӡом, избанзар уи атәы зҳәо адырраҭарақәа уиаҟара аанымхаӡеит. Аха, атәыҩа, амса иалхны ирацәаны иҳамоуп.

- Шәара амузеи аҿы ишәымоу абыкь злыхуи?

— Хметраки, ҩметраки бжаки аура аҭаны амҿы иалхны идсырҟаҵеит амузеи аҿы иҳамоу абыкьқәа. Аритуал атәы абҩа иалхтәуп азы макьана иҟасымҵаӡац. Иазгәасҭарц сҭахуп, раԥхьаӡа абжьы ахьгаз ҳара ҳмузеи аҿы шакәу, "Амузеи аҵх" ҳәа ауснагӡатә анеиҿаҳкаауз. Акомпозитор Оҭар Хәынҵариа усҟан иԥсы ҭан, амузыкатә инструмнентқәа ирылагӡаны аҟаҵара илшеит, амузыкатә ҵараиурҭаҿы рхы иадырхәоит. Уи аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа сцаны слыҳәеит, амузеи аҿы зеиҿкаара ҳгәы иҭаз аус аҟны абыкь абжьы гарц. Иаашаҵәҟьаны, амҿы иалхыз абыкьқәа рыхԥагьы абжьы гаратәы иҟалеит убасҟан.

Аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца: аԥсуа жәлар ринструментқәа рыбжьы агашьа

- Ишԥарыдыркылеи абыкь абжьы заҳаз ауаа?

— Раԥхьа еиҳа идууз абжьы геит, нас еиҳа иреиҵақәаз. Аамҭа уиаҟара амгаӡеит. Нас рыхԥагьы еидкыланы абжьы анга, ишанхеит. Ауаа еизнагеит, абри абжьы абантәаауеи ҳәа?! Аԥсуа инструмент атәы уаналацәажәо, даара аинтерес аҵоуп, избанзар урҭ зегьы жәытәӡатәиқәоуп: аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа уҳәа. А-19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсны еиҳа иуԥылон арҭ аинструментқәа азырҳәоз. Иахьа, аҿарацәа даараӡа аинтерес рымоуп, ирызҿлымҳауп, ахархәарагьы арҭоит. Ҳара ҳинструментқәа мыԥсӡеит, рыԥсы ҭоуп, еиҳараӡакгьы аҿиара рымоуп. Амузеи аҿы иҳамоу ажәытә инструментқәа ишырхәыцыз еиԥш ус иаанханы иҟоуп, уажәы аԥсахра аформақәа аларгало иалагеит. Сгәы иаанагоит абжьы иҵегьы ихаахоит, аҽарҽеиуеит, аҽарбеиоит ҳәа. Абыкь абжьы ацәгьара иазкызҭгьы, иахьа абжьы ангалак абзиара иатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. 2015 шықәса рзы ҳара ҳмузеи аҿы абжьы газар, нас Лыхнашҭаҿы абжьы дыргеит, анаҩс амҳаџьырқәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа раан абжьы дыргеит. Убас аҿиара аиоуа иалагеит, инструментк аҳасабала ахархәара амоуп.

- Абыкь ахаҭа злырхуа иарбан ҵиаау?

— Абыкь злырхуа аҵиаақәа ҿыц Аԥсны иаланагалақәаз ыҟоуп. Аамҭа уҽақәыршәаны иԥуҟароуп. Абҩеи амҿи ирылху абыкьқәа рыбжьқәа еиԥшым. Амузеи аҿы абыкьқәа ҩба ҳамоуп, аԥхьаҟа абҩа иалхны иҟаҳҵарц сҭахуп. Амузеи аҿы иҟоу зегьы ҿиароуп, абжьы гароуп, ицәыругароуп. Агәырӷьара, абзиарақәа рзы мышьҭабзиала абыкь абжьы галааит!