"Еилыскаауеи угәы иҵхо": апоет Баграт Шьынқәба изку ажуналист игәалашәарақәа

Аԥсны иазгәарҭон Баграт Шьынқәба 70 шықәса ихыҵра. Апоет изкыз ахәылԥазқәа мҩаԥысуан Ареспублика араионқәа зегьы рҿы, иара убас аныҳәа ду мҩаԥыргеит дахьиз ақыҭа Ҷлоу. Ирацәан асасцәа, Шьынқәба дыздыруаз аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа, аҭҵаарадырра аусзуцәа. Уи аамҭақәа ртәы дазааҭгылоит хаҭала имҩаԥысуаз ахҭыс иалахәыз ажурналист Гурам Амқәаб.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

1987 шықәса рзы акәын. Аԥсны иазгәарҭон Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба 70 шықәса ихыҵра. Апоет изкыз ахәылԥазқәа мҩаԥысуан Ареспублика араионқәа зегьы рҿы, иара убас аныҳәа ду мҩаԥыргеит дахьиз ақыҭа Ҷлоу. Иира Ииа ҽны, Аҟәа, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысит ахәылԥаз. Ирацәан асасцәа, Баграт Шьынқәба дыздыруаз аҳәаанырцәтәи апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа. Уи аамҭақәа ртәы дазааҭгылоит хаҭала имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирылахәыз ажурналист, аҵарауаҩ Гурам Амқәаб.

"Мышқәак ааҵуаны еиԥш, ателехәаԥшреи арадиои, агазеҭқәеи, аредақциақәеи русзуцәа иааҳалаҩҩит Қарҭ, З. Павлиашвили ихьӡ зху аоператә театр аҿы имҩаԥыргарц шырҭаху Баграт Шьынқәба иубилеи. Ателехәаԥшра ажурналистцәа, сара сналаҵаны ҳдәықәырҵеит Қарҭҟа,  уи ахәылԥаз иазку адырраҭара азырхиаразы", — игәалаиршәоит Амқәаб. 

Баграт Шьынқәба имоҭа: сабду сара сзы еснагь дҿырԥшыган

Иарбаз аҽназы, аҭыхратә гәыԥ неит ақырҭуа телехәаԥшрахьы, авидеонҵамҭа аҟаҵаразы ацхыраара рырҭарц, усҟан Аҟәантәи заагара уадаҩыз алашара шаҟа аҭахыз ахьырзымгаз иахҟьаны.

"Ҳшымгәыӷӡоз араҟа иҳаҳаит сааҭқәак рыҩныҵҟала Қырҭтәыла акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ дышидикылоз Баграт Шьынқәба, ишианашьахо "СССР Асоциалисттә џьа Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ. Ари аҩыза анҳаҳа, иаразнак ҳашьҭалеит аҭыхразы азин ҳаурц. Ҳрыҳәеит ателехәаԥшра анапхгара ацхыраара ҳарҭарц, аха иҳалымшеит рҳәеит", — ҳәа азгәеиҭоит ажурналист.

Ҭелла еицәажәеит ақырҭуа коммунист партиа акультура аҟәша аиҳабы, аинструктори дареи. Иара ус иҳәеит: "шәара хьаас иҟашәымҵан, ара аҭыхрақәа ҳара ҳтелехәаԥшра иреиӷьу аоператор иҟаиҵоит, нас уи иҭихуа шәара ишәзынаҳашьҭуеит" — ҳәа. Абас ааҳәаны аҭел нықәиҵеит.

"Иҟаҳҵагәышьоз, ахәылбыҽха аоператә театр аҿы иҳамаз аҭыхымҭақәа рыла анҵамҭақәа ҟаҳҵеит. Ҳшаалгаз еиԥш, аухаҵәҟьа, адәыӷба ҳанҭалан, Аԥсныҟа ҳхынҳәит. Ателерадиоеилакы ахантәаҩы Шамил Ԥлиа, ҳзықәшәақәаз зегьы иаҳҳәеит, уигьы хьаас иҟаиҵеит. Қарҭҟа аҭел дасит, игәынамӡара реиҳәеит, аха инапы иакыз…", — ахҭысқәа ртәы игәалаиршәоит ажурналист.

Експонатда иҟоу амузеи: Баграт Шьынқәба иҩны

Гурам Амқәаб, режиссиорк иаҳасаб ала,  Жәлар рпоет изкыз, сааҭк ицоз афильм аҟаҵара идын. Қарҭынтә иаарышьҭыз авидеонҵамҭақәа бзиангьы иҭыхмызт. Афильм ари асиужет аларгылара аӡәгьы дадымгылеит. 

"Афильм амонтаж аҟаҵара ахыркәшара сшаҿыз, Баграт Уасил-иԥа, дуԥхьоит ҳәа сарҳәеит. Абри исеиҳәарызеишь?— ҳәа сгәы хыҭ-хыҭуа дахьтәаз иуада сныҩналеит. "уара ишыуҭаху,  угәы ишаанаго иҟаҵа" — ҳәа сеиҳәеит. Угәы иҵхо еилыскаауеит, уиашоуп, аҭыхра шәнарышьҭыр акәын. Сара ирасҳәахьан, ажәагьы сырҭахьан аҭыхра азин шшәырҭо. Аха, ражәа рзынамыгӡеит", — Баграт Шьынқәба иажәақәа игәалаиршәоит Амқәаб.

Мышқәак ааҵуаны, адиктор ҿырҳәала ирылалҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет ахьӡ ду дшаԥсахаз, нас арҭ акадрқәа рыда афильм аефир ахь ишьҭын. Адырраҭара шаанҵәаз, Баграт Уасил-иԥа, ахантәаҩы Шамил Хәсеин-иԥа дизасит. Ҭабуп ҳәагьы реиҳәеит афильм аус адызулаз зегьы.

Ашьҭахь, афильм Қарҭҟа иргеит. Уа еиҭаганы, Аԥсны иаладмыргылаз акадрқәа аларгыланы аефир ахь идәықәырҵеит.