Sputnik, Владимир Бегунов
— Заур, дышԥоугәалашәои Баграт Шьынқәба?
— Ҳара Москва ҳанхон. Сабдуи ҳареи ҳаиқәшәон иара Москва даннеиуаз, ма ҳара Аԥсныҟа ҳанаауаз. Баграт Москва лассы-лассы днеилон. Иара ишәҟәыҩра адагьы аҳәынҭқарратә маҵзурақәа дырхагылан, СССР Иреиҳаӡоу Асовет депутатс дыҟан.
Ҳара Аԥсныҟа ҳанаауаз амшын аԥшаҳәахьы ҳаицҭыҵуан, Ҷлоуҟа ҳаиццон. Даара бзиа ҳаибабон. Ҳҭаацәара аҭоурых ҳзеиҭеиҳәон, амҳаџьырра аҭоурых далацәажәон. Ишәҟәы "Ацынҵәарах" ҭырқәбызшәала еиҭагоуп, даара ирылаҵәаны иҟоуп Ҭырқәтәыла.
— Шәаныхәыҷыз бжьагарақәас ишәзыҟаиҵоз шәабду?
— Абжьагарақәа рцынхәрас еиуеиԥшым аҭоурыхқәа ҳзеиҭеиҳәон. Сгәы иаанагоит иара изы ҳара аԥсуаҵас иҳазҳар зегь раасҭа ихаданы иҟан.
— Шәара шәдипломатуп. Ишԥалышәхи уи азанааҭ?
— Сҭаацәа еснагь сҿаԥхьа аус дуқәа ықәдыргылон. Саргьы уи сҽанысшьалон.
— Шәҭаацәа Ҭырқәтәыла аԥсуа қьабызқәа ирықәныҟәома? Шәхәыҷқәа аԥсшәа рдыруама?
— Ҭырқәтәыла ирацәаҩуп аԥсуа диаспора. Урҭи сареи аинырра ҳамоуп. Амилаҭ қьабызқәагьы реиқәырхара ҳҽазаҳшәоит. Ахәыҷқәа аԥсшәа рҵоит. Ибзиан ирдыруеит рабду иажәеинраалақәа.
— Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа иреиӷьашәшьозеи?
— "Ацынҵәарах". Сгәы иаанагоит уи иаԥхьо зегьы анырра ду рнаҭоит ҳәа.