Саида Жьиԥҳа, Sputnik.
Ҭырқәтәыла аԥсылманра ныҟәыргоит. Убри аҟнытә, амҳаџьырра иахнагаз аԥсуаагьы, иароуп динс ирыдыркылаз.
Аԥсуа қыҭа Қаиалар (Хәаԥ) жәытә аахыс хәаџьацәас иҟаз аҭырқәцәан, аха ҳџьынџьуааи дареи инаӡаны изеилибакаауамызт. Фы-шықәса раԥхьа, Есқьишьеҳир ақалақь адинҭҵааратә институт иалгахьаз Аиҳан Цыхьычба иӡбахә заҳаз аԥсуаа аҳәара ирҭеит, Қаиалар хәаџьас дрызнеираз.
"Сара аратәи аџьамаа сахагылаанӡа, аҭыԥантәи аҭырқәа хәаџьа даҽаџьара диасит. Убасҟан ақыҭауаа ирыӡбеит, аԥсуаа ирыцкару идҵааларц. Ус Қаиалар иатәыз издырқәоз ахацәа ааԥхьара сырҭеит. Аха арахь сааира баша иҟамлеит. Уи азы Анкара ицатәхеит, аҳәынҭқар иацәажәатәхеит", — иҳәоит ахәаџьа.
Аиҳан Цыхьычба даныхәыҷыз инаркны идыруан дышхәаџьахоз. Уи иан лгәаҳәара акәын.
"Сан сшыхәыҷыз схы иҭалгалахьан, адинҭҵаара саԥхьаҟа исыхәо акы ауп ҳәа. Саргьы сыхшыҩ азцо иалагеит. Анаҩс аинститут сҭалеит," — азанааҭ шалихыз игәалаиршәоит Аиҳан.
Ахәаџьа изы адин аныҟәгара имариоу усым, аха иагьыхьанҭам. Иара иуаажәлар рҿаԥхьа аҭакԥхықәа ду идуп.
Ианаамҭоу аџьамаа ашә ааиртыроуп, иахәҭоу аԥхьарақәа мҩаԥигароуп.
Уи анаҩс, аԥсра иадҳәалоу акәама-ҵамақәа зегьы инапы иҵихроуп.
Аиҳан Цыхьычба ҳаиҿцәажәара иалагӡаны иҳәеит агәаҳәара ду шимоу Аԥсныҟа ацара. Шықәсқәак раԥхьа, Аҟәатәи аџьамаа иахылаԥшуаз Саалиҳ Кәарацхьелиеи иареи еибадырзаап. Уи ибзоураны Аиҳан диԥшааит Аԥснытәи иашьа Алхас Цыхьычбагьы. Дара лабҿаба еиқәымшәацт, аха аинтернет ала еибабо иҟалеит.
Аԥсны Цыхьычба ажәла ныҟәызго рхыԥхьаӡара маҷуп, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыбжьарагьы убас.
Сара уамашәа избеит машәыршақә Аиҳан саниабадыр, ари ажәла шихыу аныздар, уи моу дышхәаџьоу.
Аиҳан иашҭаҟноуп аџьамаагьы ахьҭагылоу. Убри аҟнытә даара изыманшәалоуп аусура.
Иара хҩык ахшара драбуп. Ихәыҷқәа аԥсшәа рҳәоит, иҵегьы инҭкааны иаҳҵандаз ҳәа иҟоуп.
Есышықәса, лаҵара 21 азы Аиҳан Цыхьычба, Амшын Еиқәа аҿаԥхьа, амҳаџьырра ашықәсқәа раан аԥсуаа ахьӡхыргоз, иахьрызқәаҭыԥхоз Қьефқьен днеиуеит, имаҵура инақәыршәаны џьамыӷәарала зыԥсҭазаара иалҵыз ҳажәлар рхаҭарнакцәа ргәалашәара иазкны ашәҟәаԥхьара мҩаԥигоит.
Иахьа, аӡәгьы изы имаӡаӡам, аԥсылман дин ахырхарҭақәа жәпакы аиҿагыларақәа шрымоу. Аха Аиҳан иныҟәиго, ажәлар жәытә аахыс изцныҟәоз ауп. Убри инаваргыланы, аԥсуара дацклаԥшуеит, аџьамаахьы имҩахыҵуа зегьы бзиа деицырбоит, пату иқәырҵоит.
"Сара издыруеит, Аԥсны инхо ҳашьцәа реиҳараҩык шқьырсианцәоу. Ҳаргьы ҳаԥсадгьыл аҟнытә ҳхырҵәаны атәым дгьыл ахь ҳаармышьҭызҭьы уи акәхон иныҟәаҳгоз. Абарҭқәа зегьы еилкааны, адинтә еиҿыхарақәа мап рцәыскуеит. Исҭахуп, дарбанызаалак, дызмилаҭзаалк, иарбан динзаалак иныҟәиго, ҳаҭырла еизыҟазарц," — ҳәа ҳаилиркааит аԥсуа хәаџьа.