Меҳмеҭ-Али Доҳмаа: аԥсуаа рхеидкыла хаз комплексны аргылара ҳгәы иҭоуп

Ҭырқәтәыла, аҳҭнықалақь Анкара иахьа Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа 15 нызқьҩык нхоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуаагьы. Анкаратәи аԥсуа Дернеқь аиҳабы Меҳмеҭ-Али Доҳмаа иаҳзеиҭеиҳәеит, ахеидкыла аусушьеи, ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Анкара еиҿкаау аԥсуа Дернеқь есыҽны аҭааҩцәа амоуп. Аҳҭнықалақь дууӡа иаланхо аԥсуаа реибабарҭа ауп. Арахь имҩахыҵуа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәоит, Адернеқь иахылаԥшуа Аиҳан Ажьиба.

Раԥхьа иргыланы, араҟа рхатәы бызшәа ддырҵоит, ирзеиҭарҳәоит рџьынџьуаа знысыз аҭоурых. Ари аус иазааԥсоит Еџье Ҭраԥшьԥҳаи, Ендар Қацәԥҳаи.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа

Адернеқь аҟны иаартуп, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку ацыргақәҵатә уада, уи иџьабаа адуп Неџьдеҭ Агәмаа. Убас иара 10 шықәса раахыс редакторс даман, араҟа иҭыҵуаз агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь". Ҩышықәса раахыс еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны уи аусура аанкылоуп. Аха Неџьдеҭ Агәмаа излаҳаилиркааз ала, ҳазҭоу ашықәс азы, агазеҭ аҭыжьра ҩаԥхьа ихацдыркырц ргәиҭоуп.

Адернеқь аҩнуҵҟа, зехьынџьара улаԥш иҵашәоит Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо асахьақәа.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа

"Иахьа қьырала иҳамоу ахыбра зынӡа иҳацәмаҷуп. Убри аҟнытә иаҳҭахыуп аԥсуа Дернеқь хаз комплексны иҟазарц. Иаҳгәиҭоуп ахәыҷбаҳча, ахәмарҭа ҭыԥқәа, аспорттә дәқәа, Аԥснынтәи иаауа аделегациақәа ахьҳадаҳкылаша асасааирҭа маҷ уҳәа еизаку ахыбра ду аргылара. Убасҟан ауп, ҳмилаҭра аиқәырхара ҳалшоит ҳәа ҳҳәаратәы ҳаныҟало", — ҳәа ҳаилиркааит Меҳмеҭ-Али Доҳмаа.

Ҭургаи Ашәба: есышықәса Аиааиреи абираҟи рымшқәа аԥсуаа ҳаиднакылоит

Иахьа, Анкара аԥсуаа реизарҭас иҟоуп убас, Адернеқь ацхыраара аҭаразы, аныҟәгаразы Меҳмеҭ-Али Доҳмаа иаартны имоу аресторангьы.

Арахь ԥсшьаразы имҩахыҵуеит хәыҷи дуи. Аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит, аҿар ирылабжьоит. Традициак аҳасабала, аԥсуа ҳәсацәагьы мызкала зны, еиқәшәоит, агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдоит.

Анкара иқалақь дууп. Араҟа инхо аԥсуаа Ҭырқәтәыла ахыи аҵыхәи рҟнытә аусуразы иааны, анаҩс нхарҭас иалызхыз роуп. Абас еиԥш иҟоу аизарҭақәа ирыбзоурахоит аибадырра, аибабара, аӡәкра.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа иҳәеит, иахьа Анкара инхо аԥсуаа аӡәырҩы амаҵура ҭыԥ дуқәа ишырхагылоу. Ус шаку ҳхалагьы агәра ҳгеит.

Аԥснынтәи инеиз асасцәа иаҳԥылаз, абиологиатә наукақәа рдоктор Кадыр Абаӷба, Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны аус иуоит. Анаҩс ҳамҩаԥызгоз Ҭургаи Ӡаӡба ахкы наигӡоит Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарратә копеллаҟны, уи инаваргыланы аԥсуа Дернеқь аҟны аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп. Меҳмеҭ-Али иакәзаргьы акыр шықәса аполициа амаҵ азиуан, ачын ду ныҟәигон.

Хымԥада уи акырӡа ҳгәы иахәеит.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа аԥсшәа издырӡом, аха аҵара даҿуп. Уи азы ихы авба аиҭоит.

"Сара аԥсшәа сыздырӡом, иара убас сыхшарагьы. Уи иԥхашьара дууп, даарагьы игәнызгоит. Ҳаԥхьаҟа, ҳмоҭацәа рхатәы бызшәа дырҵаразы, рмилаҭ ахаҿра рнубааларазы ауп, иахьа ҳнапы злаку аусқәа ззынархоу", — иҳәоит Адернеқь аиҳабы.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа иазгәеиҭеит, Анкара аԥсуа қыҭақәа шыҟам, убри ауп еиҳараӡак абызшәа аиқәырхара шыуадаҩу.

Ҳасан Қардиа: аԥсуаа ршьа злоу ҩ-миллионҩык рҟынӡа Ҭырқәтәыла инхоит

"Арахь аҵара ҵара иаауо, анаҩс аусура иаанхо, аԥсшәа раҳаӡом, уи ала изацәажәо дыҟаӡам. Абас ҳбызшәа хәаҽуа иалагеит. Аха, хыхь ишысҳәаз еиԥш, ҳажәлар еидызкыло акомплекс ду ҳаргылар, наҟ-наҟ еиҵагыло абиԥара иҭабуп ҳәа ҳарҳәо иҟалоит", — инаҵишьит иара.

Иазгәаҭатәуп, Анкара аҵара зҵо Аԥснытәи ахәыҷқәа хылаԥшра шрымоу аҭыԥантәи аԥсуаа рҟнытә.

Ҩыџьа аушьҭымҭацәагьы, Меҳмеҭ-Али Доҳмаа ибзоурала иахьа Москва архитекторцәас аус руоит.

Аԥсуаа ус иаҳлахьынҵахеит, ҳаиҟәыҭханы, хазы-хазы ҳаҟалара.

150 шықәса раахыс, атәым дгьыл аҟны инхо ҳашьцәеи ҳареи, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаибабартә еиԥш амҩақәа ҳзаатит.

Уажәшьҭа ҳбызшәеи, ҳкультуреи ирлахьынҵахо зӡбо ҳара ҳауп.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа