Ҭургаи Ашәба: есышықәса Аиааиреи абираҟи рымшқәа аԥсуаа ҳаиднакылоит

© Sputnik Саида ЖьиԥҳаҬургаи Ашәба
Ҭургаи Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба иаҳзеиҭеиҳәеит, есышықәса, араҟа инхо 20 нызқьҩык аԥсуаа еидызкыло аныҳәақәа- Аиааиреи абираҟи рымшқәа шракәу.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Есқьишьеҳир ақалақьи акәша-мыкәшеи инхо 20 нызқьҩык аԥсуаа, есышықәса рхы аладырхәоит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааиреи, ҳбираҟи рымшқәа ирызкны еиҿкаахо агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.

Измиҭ ақалақь, аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа - Sputnik Аҧсны
Ҳасан Қардиа: аԥсуаа ршьа злоу ҩ-миллионҩык рҟынӡа Ҭырқәтәыла инхоит

"Арҭ акразҵазкуа амшқәа, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа хшыҩзышьҭра ду аҳҭоит, имҩаԥаҳгоит аԥсуа қыҭақәа руак аҟны. Ҵыԥх, аныҳәақәа ирызкны иаҳӡахит хәнызқь бираҟ. Хәыҷи-дуи идҳаркит, ақыҭаҿы зехьынџьара икнаҳҳаит", — иҳәоит Ҭургаи.

Аԥсуа Дернеқь аҟны, Қубилиаи Уазба еиҿкааны имоуп ахәыҷтәы акәашаратә коллективқәа ҩба. Аиҳабыратә гәыԥ иахьӡуп "Мрамза", аиҵбыратәи "Аԥшалас". Дара рықәгыларақәа рыла ҳџьынџьуаа дыргәырӷьоит, инарҭбааны иазгәарҭо аныҳәақәа раан. Иара убас ахәыҷқәа иддырҵоит аӷәы лаба арҳәара.

Ерол Хәаҷба ҳазҭалаз ашықәс инаркны, агәаҳәара змоу ааиԥхьоит амырзаканрҳәарахьы. Меҳҭеԥ Абраскьылԥҳа аԥсуа жәлар рашәақәа длырҵоит.

"Амырзаканрҳәареи ашәаҳәареи еиҳа иазҿлымҳау аҭыԥҳацәа роуп. Дара ирҵахьеит "Салуман ахаҵа", "Наныкьара" уҳәа ажәытә ашәақәа. Уи даара ҳгәы иахәаны ҳаҟоуп", — ҳәа азгәеиҭоит Адернеқь аиҳабы.

© Sputnik / Саида ЖибаЕсқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба
Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба - Sputnik Аҧсны
Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба

Лассы-лассы Адернеқь аҟны дааны аԥсуа шәақәа налыгӡоит Гиульшах Кучҳа, илзыӡырҩуагьы игәныркылоит.

Иара убас аҭыԥҳацәа рзы, Гиулиан Ашәԥҳа еиҿылкааит аӡахыҩцәа ргәыԥ, лара идлырбоит аба ган рацәала аус адулашьа. Ахатәы бызшәа ззымдыруа рзы аурокқәа мҩаԥигоит Гиурқан Ашәба.

Адернеқь есыҽны ашә аартуп. Арахь имҩахыҵуа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәоит, амилаҭ чыс лнапы иқәыргыланы дырԥылоит Наалан Кәаӡԥҳа. Лара аԥсуа хәыҟаҵашьа лҿызҵаауа аҭыԥҳацәагьы маҷҩым.

© Sputnik / Саида ЖибаЕсқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба
Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба - Sputnik Аҧсны
Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба

Абас, Есқьишьеҳир ақалақь аҟны, зыԥсадгьыл иацәыхароу ҳажәлар рхатәы бызшәеи, ркультуреи, рҵасқәеи реиқәырхареи, ԥхьаҟа ргареи иаҿуп.

Ҭургаи Ашәба иаҳзеиҭеиҳәеит, Есқьишьеҳир аҵара зҵо Аԥснытәи астудентцәеи дареи аимадара бзиа шрыбжьоу. Лассы-лассы Адернеқь аҟны аиԥыларақәа шымҩаԥырго.

Ҭургаи 2012 шықәсазы раԥхьаӡакәны Аԥсны дыҟан. Иара иԥсадгьыл иаразнак игәы азыблит.

Лиуҭфи Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан

"Аҳәаа санахыҵ, зехьынџьара аԥсшәа ансаҳа сгәы ԥшааит. Усҟан арантәи агәыԥ ҳҽеидкыланы ҳаҟан. Жәамш иалагӡаны Аԥсны аҭыԥқәа жәпакы ҳарҭааит. Ҳаԥсадгьыл ахь ҵҩа змам абзиабара ҳнырит", — еиҭеиҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Есқьишьеҳир аԥсуа Дернеқь изныкымкәа Аԥснынтәи аделегациақәа аднакылахьеит.

"Шықәсқәак раԥхьа, иаҳзааит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ранацәа. Урҭ рхьаа, араҟа зегьы ирыцеиҩыршеит. Даргьы аҩныҟа ианыхынҳәоз ус ҳарҳәон, "ҳара ҳаҷкәынцәа рыԥсыбаҩқәа ҳмоуит, ҳзыдԥышло аҳаҭгәынқәагьы ыҟам, зхала иаанхазгьы ҳмаҷым. Аӡәыр шәҳацны шәцар шәҭахызар, ҳашәқәа шәзаартуп" ҳәа. Аиашазы, уи ҳгәы еиҳагьы икылнаҵәеит", — ахьаа зцу ахҭыс далацәажәоит Адернеқь аиҳабы.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Есқьишьеҳирынтәи рашьцәа ирывагыларц инеиз иреиуоуп Баҳадыр Абаӷбеи, Зафер Аргәыни. Аҩыџьегьы Аԥсны рхы ақәырҵеит, руасиаҭ инақәыршәаны анышә иамадоуп рџьынџьдгьыл аҟны. Ирыхҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

"Арҭ аҷкәынцәа рҭаацәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп. Излаҳалшо ала есқьынагьы ҳрывагылоуп" — иҳәеит Ҭургаи.

© Sputnik / Саида ЖибаЕсқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба
Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба - Sputnik Аҧсны
Есқьишьеҳир ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҭургаи Ашәба

Есқьишьеҳир ақалақь акәша-мыкәша шықәсқәак раԥхьа аԥсуа қыҭақәа 14 ыҟан. Иахьа еизакны аԥсуаа ахьынхо быжь қыҭак рҟны ауп. Уи гәалас ирымоуп ҳџьынџьуаа, избанзар, амилаҭ еилаԥса уанрыланхо ухатәы бызшәа аиқәырхара уадаҩуп.

Ҭургаи Ашәба инапхгарала Есқьишьеҳир аԥсуа Дернеқь иалшо зегь ҟанаҵоит, араҟа инхо аԥсуаа рхаҿра амырӡразы.

Иара убас, гәҭакыс ирымоуп, хара имгакәа, рхатә харџьла инеиҵыхны аԥсуа культуратә центр хаз хыбраны аргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0