Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит

Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит ҳџьынџьуаҩ Раҳми Арӡынба Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа дааижьҭеи. Дынхоит Ачадара ақыҭан. Адгьыл ақәаарыхра бзиа ибоит, аԥсабара дазааигәоуп. Ҩыџьа арԥарацәа драбуп.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Жәашықәса раахыс зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иааны инхо Раҳми Арӡынбеи сареи ҳаиҿцәажәара ахы ыҵнахит абас:

"Сара, Ҭырқәтәыла, Ԥсырӡха ҳәа изышьҭоу аԥсуа қыҭаҿы сынхон, Ҭырқәтәыла. Атәым милаҭ дҳалаӡамызт. Иуԥылоит Адлеиаа, Кәыҵниаа, Чқәаниаа, Ԥлиаа, Маанаа уҳәа ирацәоуп аԥсуа жәлақәа", — ҳәа азгәеиҭоит Раҳми.

Раҳми излаиҳәо ала, Ԥсырӡха ақыҭаҿы инхо аԥсуа ҭаацәарақәа 150 ҭӡы рҟынӡа инаӡоит. Аҿар, аҵарадырразы, аусуразы ақалақьқәа рахь рхы дырхеит, аиҳабацәа рқыҭа кармыжьӡеит.

"Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаны Ҭырқәтәылаҟа инанагаз аԥсуаа, ԥсабарала рыԥсадгьыл еиԥшыз аҭыԥқәа алхны анхара рҽазыршәон. Ҳара ҳқыҭа шьақәзыргылазгьы Маанаа роуп. Усҟан уахь инеиуаз аԥсуаа ираԥхьагылан дара, Ԥсырӡха ҳәагьы ахьӡырҵеит. Аҳәынҭқар иакәзар, иахьырҭахыз анхара азин риҭеит, адгьылқәа дырмеигӡеит", — иаҳахьаз аҭоурых даҳзалацәажәон Арӡынба.

Раҳми иан Ԥшҭарԥҳан, Қьезибе лыхьӡын. Аԥсны дахьааиз ари аҩыза ажәла иԥымлаӡеит. Излеиликааз ала, амҳаџьырра рҵыхәтәа ықәнахызаап. Иара Ҭырқәтәылагьы рыжәла аҩыза ус ирацәаны иуԥылаӡом. Қьезибе лан д- Аргәынԥҳан, Шьерифе лыхьӡын. Раҳми иԥсадгьыл аҿы дахьынхо акыр деигәырӷьоит, ихатәы бызшәа акәзар, дазгәыдуны иҳәоит.

Ердынџь Аҭеиба: Аԥсныҟа шықәсык сымцар, сгәы сыхьуеит

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа, Аԥснынтә инеиз аделегациа далахәын акыр шықәса раахыс Аԥсуа радиоҿы аус зуа Семион Адлеиба. Ибзианы дысгәалашәоит. Усҟан еицыз жәохәҩык раҟара ыҟан. Дара ирҳәоз аԥсшәа сара еилыскаауан, аха сара сгәы ишаҭахыз еиԥш сызцәажәомызт. Убасҟан аԥсшәа бзиаӡаны исҵарц сыӡбеит", — ажәабжь дагәыланахаланы дҳацәажәон Раҳми.

Амҳаџьырра ҟалаанӡа шәабшьҭра Аԥсны иабанхоз?— ҳәа санҵаа, Раҳми аҭакс абас насаҭеикит:

"200 шықәса раԥхьа сабду иаб уаҩшьрак ҟаиҵан, Аԥснынтә дыхҵәаны Трабзон дцеит шьапыла. Уантә Адаԥазарҟа днанагеит. Чарак аҿы иҟалеит уи ахҭыс. Сабду иаб бзиа иибоз аҭыԥҳа даҽаӡәы дирҭазаарын, дызгаз дишьит ҳәа ауп ишыздыруа. Сабду иашьцәа ршьит Аԥсны, иара абналара дахьӡан, дықәҵит", — иҳәеит Раҳми.

Раҳми иани иаби ирааӡеит хәҩык арԥарацәеи, ҭыԥҳаки. Рыҩнаҭаҿы ихәыҷы аахыс ирбоз, ираҳауаз аԥсуара акәын. Издыруадаз, усҟан рыԥхыӡ иалаз рыԥсадгьыл ахь Раҳми наӡаӡа нхара ҳәа дшаауаз.

"Аԥсшәа анысҵа анаҩс, уажәшьҭа сыԥсадгьылгьыл сыла иасырбап сҳәан, сықәлан сааит, уаҳа сагьымцаӡеит. Схы-сгәы сақәгәырӷьо сынхоит Ачадара. Сыуаҩыбжара акыр сшынҭысхьоугьы, 70 шықәса схыҵуеит уажәшьҭа, адгьыл сықәхандеиуеит, аџьаус бзиа избоит", — дҳацәажәон Раҳми Арӡынба.

Раҳми, изанааҭ аганахь ала, акыр адунеи дакәшахьеит, амашьынақәа рыҟаҵара ахырхарҭала дҟазоуп. Швеицариагьы акыр шықәса дынхон. Аха, иара излаиҳәо ала, тәылак аҿы жәашықәса иреиҳаны дзынхомызт.

"Аԥсны бзиа избоит. Ауҭра ҟасҵоит, акәытқәа сымоуп, аԥстәқәа сзануп, ачуан сымоуп, амҳаԥ сымоуп, аԥсыуак инхараҿы ииҭаху зегьы сымоуп", – иҳәеит Раҳми длафуа.

Ииашаҵәҟьаны, Раҳми инхара-инҵыра уеигәырӷьаратәы иҟоуп. 200 кәты инарзынаԥшуа акәтаӷь зҵо акәытқәа имоуп, урҭ рыкәтаӷь ала акәҷар хихуеит, иааӡоит, инамыцхәу иҭиуеит. Ишәыр-иқәыр акәзар, еихашьшьы игылоуп.

Раҳми Арӡынба

"Сара аԥара сазрыцҳаӡам, сныҟәызгаша атәанчахәы соуеит. Аха, адгьыли сареи ҳаимадазар сҭахуп, иааурыхуа ануԥыло, уи еиҳау иарбан гәырӷьароу иҟоу?" — ҳәа азгәеиҭеит Раҳми ҳаиҿцәажәараҿы.

Раҳми иԥсадгьыл аҿы имҩасуа ахҭысқәа дрызҿлымҳауп. Ауаа патуеиқәҵарыла еизныҟәар иҭахуп.

"Аԥенџьыр аҟынтә уаныԥшуа иуҭахым умбар, иуҭаху убар, уи ԥырхага унаҭаӡом, угәы иахәоит. Сара исҭахым шԥаҟам, аха урҭ збарц сҭахӡам. Абзиарақәа ыҟами, убарҭ уреигәырӷьароуп", — иҳәеит Раҳми.

Ҭургаи Ашәба: есышықәса Аиааиреи абираҟи рымшқәа аԥсуаа ҳаиднакылоит

Аԥсуара амахәҭақәа дырзааҭгыло, Раҳми Арӡынба иазгәеиҭеит:

"Аԥсуара аҳәара мариоуп, аха анагӡара уадаҩуп. Аԥсуа еиԥш ақьабз, алеишәа, аԥхашьара змоу уаҳа милаҭ ыҟаӡам. Аха, урҭқәа ныҟәаҳгароуп, абааԥсы", — иҳәеит Раҳми ҳаԥсуара дахӡыӡаауа.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра мариаӡам. Уахь уназго амҩахәасҭакәа рацәоуп, аха зегьы ирыцкызароуп агәаӷьреи ачҳареи змоу ацҳамҩа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳамоуп, Аиааира ҳамоуп, ахақәиҭра ҳамоуп. Уи азы икаҭәахьоу ашьа ҳдыруеит. Аԥсны азакәанқәа ӷәӷәала аус руроуп. Азакәанқәа ирышьцылахьоу ауаҩы, ара анхара маҷк ицәыуадаҩхар алшоит. Аха зегь раԥхьа иргыланы идыруазароуп Аԥсны иара ишиԥсадгьылу", — ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит ҳџьынџьуаҩ.

Раҳми ижәлантәқәеи иареи аимадара рыбжьоуп. Иара ибзианы игәалашәоит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла даныҟаз реиқәшәара атәы.

"Аԥсны аибашьра анынҵәа, Владислав Арӡынба агәыԥ иманы днеит Ҭырқәтәылаҟа. Адаԥазар ауп иара дахьызбаз, уа ҳаибадырит. Аԥсуаа уа ҳанхашьа-ҳанҵышьа ибеит, ҳаргьы арахь гәырҩас ишыҟаҳҵоз иаҳҳәеит. Ииҳәоз ҩажәак рахьтә акы "Аԥсныҟа шәеиха!" ҳәа акәын. Уахь иҟоу аԥсуаа рызегьы рыԥсадгьыл ахь иаар иҭахгәышьан", — игәалаиршәоит Раҳми.

"Уԥсадгьыл уқәынхозар, зеиӷьыҟам аҳауа цқьа уфозар, ужәлар урылагылазар, иарбан уи еиҳау насыԥс иҟоу!", — иҳәеит ҳаиҿцәажәара хыркәшауа Раҳми Арӡынба.