Ердынџь Аҭеиба: Аԥсныҟа шықәсык сымцар, сгәы сыхьуеит

© Sputnik / Саида ЖибаЕрдинч Аҭеиба
Ердинч Аҭеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь азааигәара иҟоу аԥсуа қыҭа Қаиалар (Хәаԥ) еиҿкаау Адернеқь аиҳабы Ердынџь Аҭеиба иаҳзеиҭеиҳәеит, араҟа инхо аԥсуаа уахи-ҽни рыԥсадгьыл гәакьа ргәы ишҭоу, хәыцырҭас ишрымоу.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Қаиалар ақыҭа иаланхо аԥсуа ҭаацәарақәа роуп, хыԥхьаӡарала иугозар зықьҩык иреиҳауп, 240 ҭӡы ыҟоуп. Иуԥылоит абарҭ ажәлақәа: Ебжьноу, Габлиа, Барцыц, Дармаа, Аҭеиба, Хәымсацә, Махариа, Ҳагәышь, Агәмаа, Ҭыскәач, Ҭарба, Гамсаниа, Пасаниа, Цәеиба, Ажьиба, Қацәба, Габниа, Гәымба, Қапба, Ҟаитан, Ҷанба, Кәарҷиа, Ҭраԥшь, Шьынқәба, Цыхьычба, Ԥалба, Қәпалба, Зыба. Дара зегьы рынхара рынҵыра уеигәырӷьаратәы еиҿкаауп. Ахацәа зегьы аусқәа руеит. Доусы рҭаацәақәа ныҟәыргоит: ма аҳәынҭқарратә маҵура иазааԥсо, мамзар абизнес ныҟәырго, ма адгьыл иқәаарыхуа, арахә-ашәахә ааӡо.

Аԥсуаа ахьынхо Ҭырқәтәыла егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟнеиԥш, аратәиқәагьы еиднакылоит Адернеқь.

Уаанӡа уада хәыҷык азалхызҭгьы, иахьа уи шьақәгылоуп, аамҭала аус зуаз ашкол ахыбраҟны.

Енгин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Енгин Ебжьноу: Аԥсныҟа санаауаз издыруаз ҩ-ажәак ракәын: иҭабуп, абзиараз

"Ажәытәтәи аамҭақәа раан, ари аҵакыраҟны иргылан ашкол, Сақариеи, Измиҭи ақалақьқәа ирыбжьакыу ақыҭақәа рынхацәа рхатәы мчла. Абраҟа аҩышьеи аԥхьашьеи рҵеит аԥсуаагьы гәыԥҩык. Анаҩс, аамҭақәа анца, аҳәынҭқарра ахарџьла ашкол ҿыц ргылан. Уигьы аамҭакы аус ауит. Аҭаацәарақәа рыхшара ақалақьтә школқәа рахь ирго ианалага, Ҭырқәтәыла аҵара аминистрра иатәыз ахыбра иҭацәны иаанхеит. Ҩажәа шықәса иқьанҭажәыз ашкол, Қаиалар инхоз аԥсуаа Адернеқь алархырц рыӡбеит. Уи азы изныкымкәа ацәажәарақәа мҩаԥыргон ҳқыҭа аиҳабы Ҳаалуқ Барцыци, аспорт аганахь ала амаҵура ду змоу Шьансал Бигәааи. Дара Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра ирабжьаргеит, ари ахыбра аҿар рзы аспорттә комплекс алырхырц шырҭахыу. Азин аныҟала, ақыҭа иаланхо аԥсуаа зегьы реибабарҭа ҭыԥхеит," — иҳәоит Адернеқь аиҳабы.

Аԥсуаа рхеидкыла анаҩс, араҟа еиҿкаауп аспорт аҽазыҟаҵаратә зал, абилиардтә зал, анапылампыл, амҵышәымпыл, аԥҟьаҭ асра уҳәа асекциақәа.

Ердынџь иазгәеиҭеит, анапылампыл азы аҭыԥантәи аҿартә команда алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа.

Есышықәса 30 аԥсуа қыҭақәа ркомандақәа алархәны аицлабрақәа еиҿыркаауеит.

Қаиалар ҩышықәса инеиԥынкыланы ахәмаррақәа мҩаԥыргахьеит. Уи ныҳәа дук ирзаҩызан зегьы. Арахь иааиуан иалеибабоит ҳәа ақәра еилых ҟамҵакәа ақыҭауаа зегьы.

Иахьа, Қаиалар ақыҭан иҟоу аԥсуа Дернеқь еиҳараӡак аҿар ирзынархоуп.

© Sputnik / Саида ЖибаЕрдинч Аҭеиба
Ердинч Аҭеиба - Sputnik Аҧсны
Ердинч Аҭеиба

"Ҳара ашкол ажәытә хыбра Адернеқь алхра аназаҳаӡба, хымԥада, хықәкыс ишьҭаҳхит, еиҵагылаз абиԥара ҿыц радыԥхьалара. Убри аҟнытә араҟа иаԥаҳҵеит аҿар ргәы ззыҳәо, бзиа ирбо аспорттә секциақәа. Иахьа иаҳбаратәы иҟоуп, ииашаны амҩа шалаҳхыз," — инаҵишьит Ердынџь.

Адернеқь аҟны, аамҭа-аамҭала Аԥснынтәи арҵаҩцәа аԥсуа бызшәа ддырҵарц иаарыԥхьоит.

"2014 шықәсазы, Оксана Ҭарԥҳа аԥсшәа амаҭәар мҩаԥылгон. Ҵыԥх акәзар, Аза Шамԥҳа. Дара ауасхыр бзиа шьҭарҵеит. Ирҭаауаз зегьы рхатәы бызшәа агәыбылра ддыркит. Шықәсык ахыи-аҵыхәеи еиԥымҟьарада арҵаҩы дҳамазар еиҳагьы алҵшәақәа ҳауон," — ҳәа ҳаилиркааит Адернеқь аиҳабы.

Лиуҭфи Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан

Адернеқь аҟны лассы-лассы аиԥыларақәа мҩаԥыргоит. Аиҳабацәа аҿар ирылабжьоит, ирылацәажәоит ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи.

Ердынџь Аҭеиба иакәзар, есышықәса Аиааира амш инақәыршәаны Аԥсныҟа дцоит. Знык ицәбжьахар ӷәӷәаала игәхьааиго далагоит.

"Сџьынџьдгьыл ахь ҵҩа змам абзиабара сгәаҵа иҭоуп. Мзызқәак ирхырҟьаны шықәсык сзымцар, сгәы сыхьуа салагоит. Аԥсны сшьапы анықәсыргылалак, иаразнак сашьцәа збарц Блабырхәаҟа сеихоит. Аиаҳәшьа гәакьа леиԥш исзыҟоу Екатериа Бебиаԥҳа есқьынагьы сасра слыдылкылоит. Аԥсны ахыи-аҵыхәеи еимыздоит. Аиааира иазку аусмҩаԥгатәқәа схы рыласырхәоит," — иҳәоит иара.

Қаиалар ақыҭа, аԥсуа Дернеқь аиҳабы иҭахыуп, ахатәы бызшәа арҵаразы апрограмма иҵегь иӷәӷәазарц.

"Иахьа шәара Аԥснынтәи иааз ажурналистцәа, сара аԥсышәала сшәацәажәоит, шәызҵаарақәа рҭак ҟасҵоит. Мышкызны, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ирыԥсҭазаашьоузеи ҳәа џьоукы ааны, аԥсшәа здыруада ҳәа аратәиқәа иразҵаар, аҳаҭгәынқәа рахь рнапы дырхоит. Убри ҟамларц азы, ахатәы бызшәа арҵара иҵегь ирӷәӷәатәуп," — инаҵишьит Ердынџь.

Иазгәасҭарц сҭахыуп, ари ақыҭа ааныжьра сара сзы даара ишыуадаҩыз. Араҟа инхо аԥсуаа ргәыбылра сылаҽит, рыбзиабара снырит.

Ажәабжьқәа зегьы
0