Надараиа: атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра акәӡам, аҿыцқәа рыла аиқәыршәароуп имҩаԥысуа

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба имҩаԥигеит аусутә еилацәажәара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә Усбарҭа аусзуҩцәа алархәны аҩаша, рашәара 19 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 20– Sputnik. Гал араион ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәы ҿыцқәа рыла реиқәыршәара иаанаго ажәытә аҿыц ала аԥсахра акәӡам, уажәы имҩаԥысуа аҭаԥшыхәрақәеи агәаҭарақәеи ирыхрыжьуа иҿыцу процессуп иҳәеит араион Ахада Ҭемыр Надараиа Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба имҩаԥигаз аусутә еилацәажәараҿ.

"2014 шықәсанӡа Мрагыларатәи Аԥсны ауааԥсыра апаспорттә комиссиа аӡбрала ирырҭахьаз атәылауаҩшәҟәқәа амчра рымаӡам ҳәа ишьақәыргылоуп. Азакәан ҩ-тәылауаҩрак азин ҟанаҵоит Урыстәылеи Аԥсныи рганахь мацарала. Азыҳәаҩ аԥсуа тәылауаҩра аиуразы иахәҭаны иҟоу агәаҭарақәа дырхыжьхоит, дырхыжьхоит агәаҭарақәа аҽа ҳәынҭқаррак дшатәылауаҩым азгьы", — иҳәеит Надараиа.

Аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла ашықәс нҵәаанӡа ауааԥсыра зегь рзеиқәыршәом

Атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа роуит 200-ҩык рҟынӡа араион ауааԥсыра, убри аан анхараз азин роуит 3500-ҩык ауааԥсыра иҳәеит Гал араион апаспорттә ҟәша аиҳабы Ҭимур Минаиа.

Апаспорттә Усбарҭа аиҳабы Едуард Манаргиа иазгәеиҭеит зыквалификациа ҳараку акадырқәа шазымхогьы.

"Аусзуҩцәа ахьӡом ирзынарышьҭуа адокументқәа аус рыдулара. Асистема аус ауразы кадырла аиқәыршәара аҭахуп" — иҳәеит Манаргиа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Астамыр Қьецба иазгәеиҭеит атәылауаа документла реиқәыршәара ырмариатәуп, иара убри аан еиӷьтәтәуп ҳәа. Уи азы ихымԥадатәины иҟоуп араионқәа рхадарақәеи, амиграциатә маҵзуреи, амилициа аҟәшақәеи реинырра — иҳәеит иара.

"Иарбанызаалак ицәырҵуа апроблемақәа иаарласны иӡбаны рҭыԥ иқәҵалатәуп" — иҳәеит Қьецба.