Аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла ашықәс нҵәаанӡа ауааԥсыра зегь рзеиқәыршәом

© Sputnik Томас ТхайцукПаспорт нового образца.
Паспорт нового образца. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба имҩаԥигеит аусутә еилацәажәара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә Усбарҭа аусзуҩцәа алархәны аҩаша, рашәара 19 рзы.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Аԥсуа тәылауаҩшәҟәы ҿыцқәа рыла 2018 шықәса анҵәамҭанӡа ареспублика ауааԥсыра зегь зеиқәыршәахом ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.

Апаспорттә Усбарҭа аиҳабы Едуард Манаргиа иааигаз астатистикатә дыррақәа рыла, атәылауаҩшәҟәы ҿыцқәа роухьеит 70 000-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

"Ареспублика араионқәак рҿы апаспорт аиуразы арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара лаҟәит", — иҳәеит Едуард Манаргиа.

Паспорт гражданина Абхазии - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ: Аԥсны атәылауаҩшәҟәы аԥсахра ауадаҩрақәа ацуп

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Астамыр Қьецба иазгәеиҭеит атәылауаа документла реиқәыршәара ырмариатәуп, иара убри аан еиӷьтәтәуп ҳәа. Уи азы ихымԥадатәины иҟоуп араионқәа рхадарақәеи, амиграциатә маҵзуреи, амилициа аҟәшақәеи реинырра — иҳәеит иара.

"Иарбанызаалак ицәырҵуа апроблемақәа иаарласны иӡбаны рҭыԥ иқәҵалатәуп" — иҳәеит Қьецба.

Атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭарзы аиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иалагеит ареспубликаҟны 2015 шықәса, хәажәкырамзазы.

Иара убри аамҭазы атәылауаҩшәҟәқәа рбланкқәеи анхараз азиншәҟәы абланкқәеи рыдагьы ирхиан асервертә, акомпиутертә программақәа, иахәҭоу аиқәыршәагақәа.

"Аԥснеимадара" аимадаратә канал аԥнаҵеит. Уи еиднаҳәалеит апаспорттә столқәа зегьы.

Аҧсны аминистрцәа Реилазаареи Афедералтә Аҳәынҭқарратә Унитартә Наплакы "Гознак" ирыбжьарҵаз аилаӡара анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москватәи аспециалистцәа атәылауаҩшәҟәқәеи анхаразы азин аршаҳаҭгақәеи рыҭареи ҳасаб рзуреи рзы асистема ашьақәыргылара мҩаҧыргеит. Атәылауаҩшәҟәқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа иаку ацентр аус рыднауло ишьақәыргылан.

Иҟаҵатәузеи Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыц аиуразы - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа тәылауаҩшәҟәы аиушьа

Адокумент ахьчара ду амоуп. Уи азы ахархәара рыҭоуп ҳаамҭазтәи ахьчаратә технологиақәа, иҷыданы абри адокумент азы иаԥҵаз ахьчаратә ҟазшьақәагьы абрахь иналаҵаны.

Дарбанызаалак аҽаӡәы адәныҟатәи аҳа ихы изамырхәо, асистема адәныҟантә аҭалара залмшо ишьақәыргылан.

Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы 2015 шықәса, хәажәкырамзазы. Иара убри ашықәс азы ареспубликахь иааган 60 000 тәылауаҩшәҟәы. 2017 шықәса хәажәкырамзазы атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аҩбатәи аетап хацыркын.

2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр алаҳәара ҟаиҵеит арҭ атәылауаҩшәҟәқәа рыла аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра ҟалоит ҳәа 2018 шықәса инаркны.

Атәылауаҩшәҟәы кьыԥхьуп урыстәылатәи афабрика "Гознак" аҿы, ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла ахьчара ҳаракы аманы иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0