Нарҭ Ҭлыша: сара ҩ-бџьарк сымоуп, акы – абызшәа, аҩбатәи - ақьабз

Ҩышықәса раԥхьа Иорданиантәи Аԥсныҟа нхара ихынҳәыз адыга рԥыс, иахьа дынхоит Аҟәа, дазгәыдуны иҳәоит аԥсшәа, иныҟәигоит аԥсуара. Аус иуеит абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аҿы.
Sputnik

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ааигәа, абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аусбарҭа сахьыныҩналаз, "Бзиала шәаабеит!" — ҳәа аԥсыуа маҭәала деилаҳәаны, ихы-иҿы ихаччо ԥсыуа рԥыск даасԥылеит. Аԥсшәақәа анааибаҳҳәа ашьҭахь, аус ицызуаз иҩызцәа сразҵааит: "абри арԥыс Аԥсны деиуоума?" — хәа. Дара, аҭакс ус сарҳәеит: "мап, ари арԥыс Иорданиантәи иааз адыгоуп, аха ҳара ҳаиԥшҵәҟьа аԥсшәа цқьаны иҳәоит" — ҳәа. Иаразнак агәаанагара соуит, мышкы алхны саарц, сиҿцәажәарц. Ааи, сгәаанагарагьы насыгӡеит.

Кәарҷелиаԥҳа: ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоу абызшәа арҿиароуп

Нарҭ Ҭлыша, дадыга рԥысуп. Диит Иорданиа. Ҩышықәса раԥхьа Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит. Нарҭи сареи ҳаибадырра ахы ыҵнахит абас еиԥш:

"Сара сҭаацәа зегьы Иорданиа, Амман ақалақь аҿы инхоит. Сани саби хәҩык ахшара ҳрааӡеит. Сан убых ҭыԥҳауп. Сара соуп Аԥсныҟа аара аԥшьызгаз. Сааижьҭегьы уаҳа Иорданиаҟа сымӡаӡац, сегьцаӡом", — ҳәа ицәажәара хациркит Нарҭ.

Нарҭ дазгәыдууны иазгәеиҭоит, Кавказ ажәларқәа зегьы хылҵшьҭрала ишеизааигәоу, еишьцәыаҵас ишеизыҟоу. Иара, Аԥсныҟа дшааз еиԥшцәҟьа иаԥшьигеит аԥсуа бызшәа аҵара.

"Зегь раԥхьа иргыланы аԥсуа бызшәа сҵарц сҭахын. Аиаша шәасҳәап, жәеиза мза ирылагӡаны аԥсшәа сҵеит, сыҩуеит, саԥхьоит. Иахьа ари абызшәа ԥшӡала сцәажәоит"- ихәеит Нарҭ, ииҵаз аԥсшәа дазгәыдууны.

Нарҭ ҳаиҿцәажәараҟны излазгәаиҭаз ала, иҿаԥхьа иқәиргылеит ахықәкы, аԥсуа бызшәа ада даҽа бызшәак ала дшымцәажәо, уи қәҿиарала егьынаигӡеит.

"Сара аурыс бызшәагь здыруеит. Уи аҵара еиҳа имариоуп, насгьы аурысшәа еиҳа ахархәара амазшәа збоит. Адәқьанқәа рахь санцозгьы урысшәала сцәажәаӡомызт. Ааи, исцәыуадаҩын. Исзымдыруаз ажәақәа аныҟаз, напыла ҳаилибакаауан аҭицәеи сареи. Мышкы ажәак сҵон, даҿа мышкы даҽа ажәак сҵон. Убас, хәыҷы-хәыҷла сжәар ҭбаахо иалагеит"-иҳәеит Нарҭ Ҭлыша.

Нарҭ, иахьа дазгәыдуны иҳәоит, хәыда-ԥсада абызшәа изырҵоз ирҵаҩцәа рыӡбахә.

"Тҟәарчал ҩымчыбжьа сыҟан, уа Манана Матуаԥҳа ислырҵаз рацәоуп. Иара убас, лџьабаа сыдуп Диана Шамԥҳа, аԥсуа грамматика, аҩышьа, аԥхьашьа, аҳәоуқәа рышьақәыргылашьа, абарҭқәа зегьы лара ибзианы ислырҵеит. Лиуда Шармаҭԥҳа ари аус аҟны исылҭаз ацхыраара ыҟуп", — ҳәа азгәеиҭоит Нарҭ Ҭлыша.

Нарҭ, абызшәа аҵаразы иара ихатә знеишьа ҿырԥшыс иҟаҵаны иазгәеиҭоит, иарбан усзаалак абзиара аган ала уазнеир, еснагь алҵшәа шамоу, ишуқәҿио.

"Абызшәа уҵарц уҭахызар иуҵоит, иуҭахымзар иузыцәгьахоит. Ари ԥсҭазааратә ԥышәароуп. Сара даара сазгәыдууп, иахьа абызшәатә политиказы аилак аҿы аус ахьызуа. Сыкәша мыкәша исаҳауа ԥсышәоуп, уи сара сзы даара аҵак ду амоуп", — ҳәа ҳаиҳәеит Нарҭ.

Нарҭ занааҭла дыпрограммиступ. Аилак аҿы инапы злакугь уи ауп. Иара насыԥс иԥхьаӡоит, иара бзиа иибо аус дахьаҿу, иааикәыршаны аԥсышәала ицәажәо, аԥсуара зло ауаа аус ахьрыциуа.

Сима Дбар арепатриантцәа ирызкны: исҭахуп ҳҿаҵа еиҩшаны ҳанхарц, ҳанҵырц

Нарҭ амилаҭқәа зегьы патуқәҵарыла дрызнеиуеит. Иаргьы иҭахуп ҳаҭырқәҵарыла изнеирц. Ихымҩаԥгара, ԥсыуа маҭәала иҽеилаҳәашьа уҳәа, иҟазшьа ҷыдақәа алумкаарц залшом.

"Аԥсуа маҭәа инаҷыданы, егьырҭ ажәларқәа рмилаҭтә маҭәақәагьы сымоуп. Иҟоуп урҭ аусура ианысшәысҵогьы. Иахьа, исшәу аславианцәа рымаҭәа ауп. Шамахамзар исшәысҵаӡомызт, аха иахьа ус иақәшәеит"- ихәеит Нарҭ ихы-иҿы ачча ықәыхх.

Нарҭ Ҭлыша, Аԥсны иҟазаара иалагӡаны, ақалақьқәеи ақыҭақәеи дырхысхьеит. Аҩызцәа рацәаны ирҳахьеит. Аԥсшьара аамҭа анимоу, иусура иҽахаршәаланы ҳтәыла акультуратә усмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәуеит.

"Сара бзиа избоит Аԥсуа драматә театр аҭаара, иара убас сцоит аурыс театр ашҟагьы. Арҿиара бзиа избоит, аҟазара пату ақәысҵоит. Гәдоуҭатәи ԥхәызбак Лида Ҳагԥҳаи сареи аԥсшәахь еиҭаҳгеит асахьаркыратә фильм "Агәымшәа". Ҳауаажәлар ирбо ираҳауа иҟаларц ҳҭахуп, ҵакыла аԥсуаа рҭоурых еиԥшуп", — ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит Нарҭ.

Адыга рԥыс даара дазгәыдууп Аԥсны дахьынхо, иара излаиҳәо ала игәалаҟазаара еснагь ибзиоуп, агәкажьра зынӡагьы иҟаиҵаӡом.

Саҭанеи Гогәуаԥҳа: сыхьӡ иамоу аҵакы саԥсахарц сҭахуп

Иҭахуп Кавказ еиуоу ажәларқәа рыԥсадгьыл иаԥшәымацәаны иҟаларц.

"Иорданиа инхо Кавказ ажәларқәа рхыԥхьаӡар 100 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Хымԥада, урҭ рмилаҭ ахаҿра аиқәырхара иашьҭоуп. Аха, атәым ҳәынҭқарра, насгьы изланхо амилаҭ анырра рнамҭар залшом", — ҳәа азгәеиҭоит Нарҭ.

Нарҭ ихшыҩҵакқәа акыр ихаҭәаауп. Ишырҳәо еиԥш, сизыӡыҩрландаз уҳәо дыҟоуп. Иара ҳаиҿцәажәара хыркәшауа, абас еиԥш азгәеиҭеит:

"Сара ҩ-бџьарк сымоуп. Акы-абызшәа, ҩба-ақьабз. Урҭ рыҩбагьы рҽанеибырҭа ирхылҵуа амч ӷәӷәоуп".