Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьылахь рырхынҳәразы азҵаара иамҽханакуа ахшыҩзцарақәа рацәоуп. Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рҿаԥхьа зегь уи реиҳа ихадароу зҵаараны иқәгылоуп. Ари ахырхарҭала иззаҭгылахьоу, иҳәаақәҵоу аусқәа рацәоуп. Досу имоуп ихатә гәаанагара, ихатә знеишьа.
"Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иаахьоу ҳџьынџьуаа рацәаҩымзаргьы, иҟоуп. Аибашьра ашьҭахь аума, уи аԥхьа аума, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭаларц иаахьаз астудентцәа роума, даара ҳгәы рыладуны ҳаҟан, иахьагьы ҳарзыԥшуп имаац. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иҟоуп урҭ рахьтә шьҭахьҟа ихынҳәқәазгьы, уи аҩыза ҟамлароуп", — ҳәа азгәалҭоит аетнолог Сима Дбарԥҳа.
Ҳаԥсадгьыли ҳажәлари аԥхьаҟа еизҳазыӷьауа, милаҭк аҳасабала иӷәӷәаӡа ршьапы иқәгыланы иҟаларц азы, хымԥада арепатриациа аус зегьы ҩнапыкала ала ҳазнеироуп. Абас еиԥш иҟоуп иааидкыланы ҳажәлар разнеишьа, рхәыцрақәа. Убас дахәаԥшуеит ари азҵаара аҵарауаҩ Сима Дбарԥҳагьы.
"Ииашоуп, иаарц зҭаху ыҟоуп. Ҳекономикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, иҟалап абра ианааилак иахәҭоу аԥсҭазаара ҳазрымҭозар. Уи азы аҽазышәарақәа маҷымкәа ишыҟоугьы. Сара агәаанагара сымоуп, реиҳараҩык ақалақь аҿы анхара рҭахуп ҳәа. Аха, ус еиԥш нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара уадаҩхоит. Уи еилкааны наҟ-ааҟгьы ҳазнеироуп", — лҳәеит Дбарԥҳа.
Аҳәынҭқарра иҟанаҵо хымԥада ирацәоуп, ажәларгьы уи еилкааны иазнеироуп. Иҟан аамҭақәак, аҳәаанырцә инхо ҳашьцәеи ҳареи аихатәы ԥардақәа анҳабжьаз, аха Анцәа иџьшьаны, аиҭанаиааира аҳәаақәа рҽандырҭбаа, ишырҳәо еиԥш, еибаԥшаауа, еигәныҩуа иалагеит еицәыӡхьаз аԥсуаа, аижәлантәқәа, аишьцәа.
"Шәарҭ ибзиаӡаны ижәдыруеит ҳдемографиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ҳарҭ еилаҳкаароуп зегь раԥхьа иргыланы ҳашьцәа шракәу. Ҭырқәтәылантәи иааз даҭырқәоуп ҳәа ихәаԥшра ҟалашьа амаӡам. Урҭ ҳхылҵшьҭрақәа ируаӡәкуп, шьак-дак иалҵыз ҳашьцәа роуп. Досу ихдырра аҟынӡа абас инагатәуп. Ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа, дҵаҩума, дыстудентума хәба-жәаба минуҭ абри атема иазааныжьны иалацәажәалатәуп ашколқәа рҟны, ауниверситетқәа рҟны", — ҳәа агәаананагара лымоуп аҵарауаҩ.
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра инаваргыланы, ҳбызшәа аҭагылазаашьа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Уи жәытә аахыс ҳазмырҭынчуа зҵаараны иаанхоит.
"Сахьынаԥшааԥшуа, иааҳакәыршаны ҳбызшәала ацәажәара ҳаҟәыҵызшәа збоит. Абызшәа аҭҵааҩы Хьиуитт ианиазҵаа: "Абызшәа шԥеиқәырхатәу?" — ҳәа, аҭак абас еиԥш иҟаиҵеит: "Шәцәажәала!". Ииашацәҟьаны, шаҟа уалацәажәо, убриаҟарагьы анҵыра амаиуеи?!" — ҳәа азгәалҭоит абызшәа азҵаара дазааҭгылауа Сима Дбарԥҳа.
Аԥсуа ҭаацәараҿы абызшәа ашьҭыбжь ахьымгаз, даара ишәарҭоу аҭагылазаашьа аԥнаҵоит рыхшара рыҩнуҵҟа. Уи ҳара ҳабла ҷыц еиԥш ҳахӡыӡаауа ҳазнеироуп. Абызшәа змам ажәларқәа, милаҭк аҳасабала ахеиқәырхара шрылымшо — еилкаау усуп.
"Аиҳабыратә абиԥара абыржәы аԥсшәа рҳәозар, урҭ ирышьҭанеиуа абиԥара еиҳа еицәаны ирҳәо иалагоит, урҭ рхәыҷқәа еиҳагьы ихьысҳаны. Убри аҟынтә, сара сгәаанагарала, аҿар рыҩнуҵҟа џьара иҿыцу аԥшьгарақәак хәыцтәуп, апрограммақәа аԥцатәуп, аинтернет ахархәара амоуп, абызшәа иадзыԥхьалаша аусқәа еиҿкаатәуп. Аҵара зларҵаша алитература ырманшәаланы, досу иқәра излаҵанакуа ала иазнеитәуп", — лҳәоит аҵарауаҩ.
Сима Дбарԥҳа излалыпҳьаӡо ала, абри аус аҟны зегь реиҳа ицхыраагӡоу, насгьы ҳаиқәзырхо акакәны дрыхәаԥшуеит ашколқәа.
"Актәи акласс инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа амаҭәарқәа аԥсышәала ианиаҳамга, ҳбызшәа бжамҽамны иаанхозшәа збоит. Ҩ-напыкала абри аус ҳазнеироуп, абааԥсқәа. Аҭаацәа ираҳәалатәуп, аурыс школ ахь акәымкәа аԥсуа школ иҭарҵаларц шакәу ахәыҷқәа. Ҳбызшәа аԥеиԥш бзиа амазар ауп", — лгәаанагарақәа дырзааҭгылеит Дбарԥҳа.
Аибабара иахылҿиаауа абзиарақәа рацәоуп. Зегь раԥхьа иргыланы уи иацуп агәыбылра. Аԥсны инхо аҿари аҳәаанырцә иҟоу аҿари аибабара иахьынӡалшо ирыбжьаҵалатәуп. Хымԥада, уи алҵшәа маиурц залшом.
"Уҭынхацәа лассы-лассы ианумбо, ахьшәашәара убжьалоит. Шаҟа абрахь иаҳзааго ахәыҷқәа, аҿар, уи еиӷьу иарбан. Ишәгәаламшәои, аԥхынтәи алагер ахь Ҭырқәтәылантәи ахәыҷқәа анааргоз. Аԥсуа шәақәа, акәашарақәа, ажәеинраалақәа уҳәа зегьы рҵеит, рҩызцәеи, рыжәлантәқәеи еибадырит. Урҭ рахьтә, иахьа Аԥсны инхақәогьы ыҟоуп", —ахҭысқәа лгәалалыршәон Дбарԥҳа.
Аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа рахь лхы нарханы, абар Сима Дбарԥҳа илҳәо:
"Зегь раԥхьа иргыланы ҳашьцәа Аԥсны ҳарзыԥшуп. Аԥсны дара рыԥсадгьыл ауп. Исҭахуп ҳҿаҵа еиҩшаны ҳанхарц, ҳанҵырц. Ак ҳагзаргьы, ҳала ихибамыкшалакәа, ҳаизааины, ҳҳәоу еиқәшәаны иҳаӡбарц. Агәабзиара, аманшәалара рыгымзааит, ҳшырзыԥшу рдыруазааит!" — лҳәеит Сима Дбарԥҳа.