Арепатриациа

Шамиль Ешба: Уԥсадгьыл азы гәыла-ԥсыла уаныблы - хымԥада, уаԥсыуоуп

Згәы-зыԥсы, зхәыцрақәа еснагь Аԥсны иадҳәалоу Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Шамиль Ешба, лассы-лассы иԥсадгьыл даҭаауеит. Аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усқәа еснагь дрылахәуп, ижәлари иԥсадгьыли рҭоурых рҿахәҳәара дахьыҟазаалакгьы дашьҭоуп.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Акыр шықәса ҵуеит Шамили сареи ҳаибадыруеижьҭеи. Дыҟамзар ҟалап аԥсыуак, Аԥснынтә Ҭырқәтәыла днеины "Бзиала шәаабеит!" –ҳәа дызԥымлац.

Саҭанеи Гогәуаԥҳа: сыхьӡ иамоу аҵакы саԥсахарц сҭахуп

Ҟазшьала, аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟоу Шамиль зегьы дрыхьӡоит. Иусуратә аамҭа иҽахаршәаланы, атәым дгьыл аҿы аԥсуаа ҳмилаҭтә культура, ҳҵасқәа, ҳқьабызқәа реиқәырхара дашьҭоуп. Убарҭқәа зегьы азгәаҭаны, ааигәа Сҭампыл иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеидкыла (адернеқь) напхгаҩыс дарҭеит.

Арҭ амшқәа рзы, Шамиль Аԥсны дааны дыҟан, аха имаз аамҭа маҷын. Егьа ус акәзаргьы ҳаицәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳауит. Еилаҳкаап нас Шамиль Ешба ихаҭара, иара убас ҳазҭагылоу аамҭазы инапы злаку аусқәа.

"Сара Ҭырқәтәыла, Сақараиа ақалақь иатәу Ҳендеқь ақыҭа сеиуоуп. Сан д-Жьиԥҳауп, Гиульбаҳар лыхьӡуп, саб Виџьеҳи ихьӡуп. Сан лан д-Аҩӡԥҳан, саб иан Ҭаркьылԥҳан. Сара сан лан сылхаанӡам, аха сабду ибзианы дысгәалашәоит. Саб иганахь ала сандугьы сабдугьы сырхаануп. Ҳендеқь, иаҳҳәарц ҳалшоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа раасҭа аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны иахьынхо қыҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Шамиль ҳаицәажәара хацыркуа.

Иубаратәы иҟоуп, Шамиль дхәыҷаахыс аԥсуара дшазҿлымҳау, урҭ аԥҟарақәа дышрықәныҟәо. Еиҳабацәа иныҟәыргоз ақьабзқәа зегьы иахьа ишахәҭоу еиԥш рыԥсы ахьҭам акыр игәнигоит.

"Схәыҷын, аха исгәалашәоит еснагь Аԥсны аӡбахә ишалацәажәоз сеиҳабацәа, аԥсышәала ишцәажәоз, аԥсуа ҵасқәа шныҟәыргоз. Сара издыруа аԥсуара ҳаиҳабацәа рҟынтә избаз ауп. Аха, урҭ рхымҩаԥгашьа, рлеишәа, рҵас ҳара маҷк ҳацәыхароушәа исзааиуеит. Аԥсра, абзара, атәара-агылара уҳәа рнапы аҟынтә иааиуаз зегьы аԥсуа цәа рыҟәнын", — ҳәа азгәеиҭоит Шамил.

Аԥсадгьыл- бырлашуп: Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба иҭоурых

Шамиль Ешба Аԥсны аҭоурых, ижәлар знысыз амҩа, ирхыргаз аамҭа аҭҵаара еснагь дашьҭоуп. Аԥсны иҟамзара ҟалап дгьыл ҿаҵак иара дахьымнеиц. Иашьцәеи иареи еснагь аибабара рыбжьоуп.

"Аԥсны инхо сыжәлантәқәа рацәаҩымзаргьы дареи сареи ҳаибадыруеит. Сара излаздыруа ала, Агәыбедиантәи иҭыҵқәаз ҳауп ҳара. Саб иашьа Руҳи Ешба лассы-лассы Аԥсныҟа даалон. Хымԥада, иара иабдуцәа рышьҭра дазҿлымҳан, дазҵаауан. Уи иҟынтә ауп саргьы ишыздыруа. Сара сцаны избахьеит Агәыбедиа, аха уа уажәы Ешаа нхаӡом", — иҳәеит Шамиль.

Аԥсны инхо аԥсуааи, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспореи реимадара аус аҟны Шамиль илша акыр ирацәоуп, излаилшо ала урҭ аусқәа дрыԥхныҩуеит. Имаҷҩым иара Аԥсны ирҳаны имоу аҩызцәа, ақәлацәа. Илоу аԥсуара инаҷыданы, иашәаҳәара, икәашара акыр ухнамхырц залшом, имырзакан акәзар — дахьцалак ицуп.

Арҩҭааԥҳа: ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара

"Сҭампыл еиҿкаау аԥсуаа ҳхеидкыла акыр шықәса раахыс аус ауеит. Ҳаиҳабацәа уи азы ҭабуп ҳәа расҳәоит, ииашаҵәҟьаны рџьабаа даара ирацәоуп. Аԥснынтә аԥсыуак днеима, ҳџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазоума, ҳҿар реидкылара аус аҿоума, адернеқь иалнаршо акырӡа ирацәоуп", — ҳәа азәеиҭоит Шамиль напхгара зиҭо акультуратә хеидкыла азы.

Иара убас, Сҭампыл иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеидкылаҟны, Шамиль излазгәеиҭо ала, ахатәы бызшәа арҵара мҩаԥысуеит, еиҿкааны ирымоуп ахәыҷқәеи аиҳабацәеи рзы акәашаратә ансамбльқәа. Аԥсны иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәа акагь раҩрыжьуам,  аиҳабацәа, аҿар адыԥхьаланы инарҭбааныеиуеиԥшым ауснагӡатәқәа азгәарҭоит, ахәылԥазқәа, аизарақәа еиҿыркаауеит.

Ажәакала, ари аԥсуа хәышҭаара еснагь ихәыжжаӡа аԥсуа мца еиқәуп, аԥшәмацәа ракәзар — ирҭаауа асасцәа рзы еснагь рышәқәа аартуп, раԥсуа чеиџьыка рнапы иқәыргыланы ирԥылоит.

Аҭоурыхтә мзызқәа еиҟәыршаз ҳауаажәлари ҳареи ҳаидкылара, ҳаимадара аус, наџьнатә аахыс ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ируакуп. Шамиль ари аус азы имоуп ихатә гәаанагара.

Шамиль Ешба

"Ҳаиҳабацәа ихырҵаз ацҳа рӷәӷәатәуп, уи аҳәынҭқарратә шьаҭа амазароуп. Зегь раԥхьа иргыланы ашәарҭадара азҵаара ӡбатәуп. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы имҩаԥсыуа ахҭысқәа ирызҿлымҳауп. Иҟоуп иааны инхарц зҭаху, уи азы иҟоу аҭагылазаашьақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп. Иаҳдырроуп ҳара ҳшеишьцәоу, ԥсадгьылк шакәу иҳамоу — Аԥсны".

Шамиль, Аԥсадгьыл, аԥсуара, аԥсуа бираҟ, уара узы изакәузеи ҳәа сызҵарра аҭакс абас иҳәеит:

"Схы-сыхшыҩ, сгәы-сыԥсы —зегьы Аԥсноуп. Ҳаԥсуа бираҟ-ари ҳара ԥсыс иаҳхоуп, аԥсуа ишьала икәабоуп. Аԥсыуак иԥсы ҭанаҵы ишәыршәыруа икнаҳазар ауп, адунеи иақәлахароуп. Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы Аԥсуа бираҟ амҵан ҳаизароуп, Аԥсназы, аԥсуаразы аус ҳуроуп. Аԥсуа бираҟ уахгьы-ҽынгьы ҳхы-ҳгәы иҭазароуп, еснагь ҳхәыцра иалазароуп", — иҳәеит Шамил Ешба.

"Аԥсынтәыла еиӷьу адунеи аҿы ҳәынҭқаррак ыҟаӡам ҳара ҳзы. Ҳахшыҩқәа еибыҭаны Аԥсынразы аус ҳуроуп. Уара, сара ҳәа акагьы ыҟаӡам, иҟоу-Аԥсынроуп! Сара сзы аԥсуара — ари аԥхашьара, амаашьара, аламыс роуп, урҭ зегьы рыҵаракуеит. Угәҭыха аԥсышәала иануҳәа, уԥсадгьыл азы гәыла-ԥсыла уаныблы, хымԥада уаԥсыуоуп. Ус еиԥш сазнеиуеит сара", — ҳәа ҳаиҿцәжәара хыркәшо абас еиԥш азгәеиҭеит Шамиль Ешба.