Аԥсадгьыл- бырлашуп: Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба иҭоурых

© Фото : Сырма АшубаЛеон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба
Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба иҭоурых Cырма Ашәԥҳа лматериалаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иауз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз аԥхьатәи амшқәа рзы имаҳаӡеит. Иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо, аибашьратә мҩа аҵыхәтәанӡа ианысыз Муҳаремм Аҭрышбеи иареи Ҭырқәтәыла, аԥсшьарҭатә қалақь Бодрум иҟан усҟан. Дара аибашьра аԥхьагьы Аԥсныҟа аара ргәы ишҭаз, апаспортқәа реиқәыршәара ишаҿыз ауп ари ажәабжь хлымӡаах шрылаҩыз.

Зульфи Ачузба - Sputnik Аҧсны
Ачузба: ҳаирпланла ажәҩан санало, аԥсуа жәлар зегьы убра иҟазшәа збоит

"Аибашьра иалагеит ҳәа аниаҳа, Муҳаремм аҭел дысзасит: "Иҟаҳҵои?"-ҳәа. "Ҳцоит" — сҳәеит. Авиза аҟаҵара ус имариаӡамызт, Баку ауниверситет аҿы аҵара ҳҵоушәа адокументқәа ҟаҵаны Москва ҳцарц, Москвантә Аԥсныҟа ҳаиасыр ҳаӡбеит. Апаспортқәа заҵәык ракәын ҳара иаҳтәҵәҟьаз, егьырҭ ашәҟәқәа ус иҟаҳҵеит. Шәачанӡа аара убас иҳалҳаршеит", — аибашьра аҭоурых дагәыланагаланы дцәажәон Иауз Аҭрышба.

Абасала, аибашьра иалагеижьҭеи мызкы ааҵуаны, Иаузи Муҳаремми Аҭрышаа Аԥсныҟа аара рылдыршеит. Шәача ҩымшҟа иаанхеит, аштаб рыԥшааит, анаҩс идәықәлеит рыԥсадгьыл ахь.

"Ихәлан, амҩақәагьы ҳаздыруамызт. Гәдоуҭа асасааирҭахь ҳааргеит, уа иаҳдыруаз аҷкәынцәагьы ыҟан, ҳанырба игәырӷьеит. Муҳаремми сареи уадак ҳарҭеит, ҳаԥсы ҳшьеит маҷк. Ҳҩыз Бергиуль Чуазԥҳа ҳара ҳҿы дааин иҳалҳәеит уаха ажәылара ишцоз аҷкәынцәа. Шәцарц шәҭахызар ашә сасуеит, шәдәылҵ ирласны лҳәеит лара", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Усҟан дара злеибашьуаз абџьарҵәҟьа рымаӡамызт. Иауз, гранатаки ҳәызбаки ракәын имаз иҩызцәа иҽырхьыгӡаны ажәылара данцоз.

"Ачеченцәа ргәыԥ сацын сара. Ҳахьцаз акыр ихаран, ахысра ӷәӷәа цон. Сҩызцәа автоматқәа хәба иргаз рахьтә, акы сара исырҭеит. Убас ахы ыҵнахит сара сзы аибашьра аҭоурых", — ахәыцра рацәа деимаркуа дҳацәажәон Иауз.

Иауз даара ихьааганы далацәажәоит аибашьра иарҿиаз ахҭысқәа, ивыршьааз иҩызцәа ргәалашәарақәа.

"Гәыма ицоз аидыслараҿы аҷкәынцәа рацәаҩны иҭахеит. Ақырҭқәа хыхь џьара иқәтәан. Амҩақәа аҳаркит, иахьцоз амҩа рымаӡамызт. Ҳара ԥшьаала Шроманӡа ҳнеит. Аԥсны Афырхаҵа Баҳадыр Абыӷбагьы уа ӷәӷәала дырхәит, анаҩс иԥсҭазаара далҵит. Ирацәаҩуп ирхәыз, иҭахаз аибашьцәа", — игәы хьаауа еиҭеиҳәон аибашьра аветеран.

Джанкат Чкуа - Sputnik Аҧсны
Ҩажәи хәба шықәса иԥсадгьыл аҿы: Џьанқат Чқәуа иҭоурых

Иауз дызлаз аибашьцәа ргәыԥ ажәыларахь ианцоз аламҭалазы еизаны ишәаҳәон, икәашон, ус акәын амҩа ишықәлоз.

"Зны-зынла урҭ акадрқәа ателехәаԥшрала ианызбо сцәа сынҭаӡыӡаауеит. Шаҟаҩгьы еиццаз рахьтә изыхнымҳәзеи еибганы?.. Аибашьрахь акәымкәа, ҳгәалаҟазара шьҭыхны, ачарахь ҳцозшәа акәын ажәыларахь ҳашцоз. Рыԥсадгьыл азы ибылуаз аҷкәынцәа ракәын зегьы", — игәалаиршәоит Аҭрышба.

Иауз Аҭрышба игәалаиршәоит иара убас, Аԥсны аибашьра анцоз Ҭырқәтәылантәи арахь иааз иаҳәшьа Ешьым лыӡбахә.

"Саҳәшьа дхәыҷы аахыс, лҟазшьа џьбаран, ахаҵа еиԥш дыҟан. Сара сахьцалак зегьынџьара шамахамзар дсыцын. Ибзианы издыруан, Ешьым дсышьҭаланы дшаауаз, лгәы рҭынчны аҩны дшаанымкылоз. Аԥсадгьыл зегьы иаҳтәуп, аӡӷаб, аҷкәын ҳәа иҟаӡам. Досу излаилшо ала иԥсы азҭихроуп", — иҳәеит Иауз Аҭрышба.

Шромантәи Аҟәаҟа ианылбаауаз, Иауз дызлаз агәыԥ аҟынтә ирхәыз, иршьыз аҷкәынцәа рацәаҩхеит, иара ихала заҵәык даанхеит. Анаҩс, Ҭырқәтәылантәи иаан еибашьуаз Али Ашәба дызлаз агәыԥ ахь диасит. Урҭ дрыцны Аҟәанӡа дылбааит.

"Ашьхараҟынтә иаҳбон Аҟәа. Ахаан лабҿаба исымбацызт ақалақь. Аҟәаҟа ҳанылбаауаз ихәлахьан, изеиԥшраз ҳәа акагь сымбаӡеит. Ашьыжь ауп абара санахьӡа. Аха, аибашьра иабылхьаз Аҟәа зеиԥшраз шәара шәазхәыц", — аҭоурых ашьҭа дхыԥшыло дҳацәажәон Иауз Аҭрышба.

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

Аибашьра анцоз аамҭазы убас еиԥш Иауз илахьынҵа ицныҟәеит, аҭаацәара далалеит. Џьырхәа ақыҭа иатәыз Самсониаԥҳак дааигеит. "Ибымбои, сара снаҩс шаҟа ачарқәа ҟалаз,"-ҳәа алаф ҳәо игәалаиршәон усҟантәи аамҭа Иауз.

Ирызҳауеит Иауз Аҭрышба ихшара. "Урҭ рааӡара аҟны аџьабаа ду збаз ран лоуп"- иҳәоит, аԥсуа ԥхәыс аҭаацәараҿы илымоу аҭакԥхықәра пату ақәҵо Иауз.

"Аԥсадгьыл абзиабара аҭахуп, уи ҳара ҳзы ибырлашуп. Абырлаш ацыԥхьқәа анаҟьо ишкаҷҷо еиԥш, аԥсадгьыл ҳара ҳзы имрахәагоуп. Пату ақәаҳҵалап, абааԥсы. Ҭырқәтәыла сиит сара, аха Аԥсны аибашьра ианалага ҩаԥхьа сеиҭеиит ара, исылшо ала аказы схы сеигӡом, иаҭахызар сгәы-сыԥсы ҭысхуеит!", — абас ицәажәара хиркәшеит аибашьҩы Иауз Аҭрышба.

Ажәабжьқәа зегьы
0