Арҩҭааԥҳа: ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаНиджиза Арютаа
Ниджиза Арютаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәышықәса раахыс зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо Ҳаириҭҭин Чычбеи, Наџьиҳа Арҩҭааԥҳаи рҭоурых Сырма Ашәԥҳа лматериалаҿы.

Аҟәа ақалақь анацәа рхеилак аиҳабы Фируза Чамагәуаԥҳаи, уи алахәыла Нанули Ҭаркьылԥҳаи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Сириатәи ҳџьынџьуаа, аишьцәа Зиуари Заури рҭаацәа ирҭааит. Аибашьцәа ран, Наџьиҳа Арҩҭааԥҳа, "Ҳаҭыр зқәу ан" ҳәа, анацәа рхеилак далаҵан.

Сурея Чаха - Sputnik Аҧсны
Суреиа Чаҳа: Аԥсныҟа смаар срыцҳахон, минуҭкгьы сахьымхәыц

"Ҳарҭ анацәа хьаак ҳаиднакылоит, ҳгәырҩеи ҳгәырӷьареи еицеиҩаҳшоит. Ҳарҭ Чычаа рҭаацәа Аԥсныҟа нхара иааит ҳәа анҳаҳа, ҳарҭааны иаҳбарц ҳҭаххеит, аԥхьаҟагы ҳаимадара иацаҳҵоит", — лҳәеит Фируза Чамагәуаԥҳа.

Аԥсадгьыл доуҳамчык амоуп, уахьыҟазаалакгьы иара ашҟа иуԥхьоит. Егьаа аамҭа царгьы, аҭоурых ашьҭа арӡӡом. Ахьаагареи агәыбылреи зцу Аԥсадгьыл аԥхарра уахьцалак иуцуп. Хәышықәса раахыс зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо Ҳаириҭҭин Чычбеи, Наџьиҳа Арҩҭааԥҳаи фҩык ахшара рааӡеит. Дара, Сириатәи Арабтә Республикаҿы инхон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын рыхшара Зиуари Заури. Леон иорден занашьоу Зиуар, Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы дҭахоит, иашьеиҵбы Заур иакәзар, аибашьра ашьҭахь машәырла иԥсҭазаара далҵуеит. Заҟа ихьанҭааз ан Наџьиҳа лхьаа, ианылҭахыз лыхшара рҳаҭгәынқәа лнапы лзықәымшьуа дахьыҟаз.

"Сара сԥацәа рыԥсадгьыл иахызбаауам, сгәы ҭынчуп. Дара хәыҷаахыс рыԥсадгьыли рыжәлари ргәыбылра рылаҳааӡон. Иахьа, Анцәа иџьшьаны ҭаацәала ҳанхоит Аԥсны. Сыҷкәынцәа рыԥсынҵры кьаҿгәышьан, уаҳа рылахь ианымызт…", — дцәажәон зыблақәа агәыкра рхыубаалоз Наџьиҳа Арҩыҭааԥҳа.

Наџьиҳа, Сириа данынхоз, аӡахра лнапы алакын. Уи аԥҳәыс илусуп ҳәа дахәаԥшуан лара.

"Сара сыхшара рааӡареи, сусуреи еиласыгӡон. Аԥҳәыс лус бзиа ианылба, илықәымҿиар залшаӡом. Убасоуп аԥҳәыс дахьыҟазаалакгьы, лҟазшьа бзиазар, лҭаацәара ирнымԥшырц залшаӡом. Аԥҳәыс лнапы иҵылхуа шьарда ыҟоуп, еиҳаракгьы аԥсуа ҳәсақәа"-дҳацәажәон Наџьиҳа.

Наџьиҳа лан д-Агырԥҳан. Лара излалҳәо ала, аҩнаҭаҿы аԥсшәа лаҳауан. Лани лаби аԥсышәала еицәажәон, аха рыхшара ианрацәажәоз адыга бызшәа, мамзаргьы араб бызшәа рхы иадырхәон.

Исмет Ардан - Sputnik Аҧсны
Исмеҭ Ардан: сахьцалакгьы аԥсыуак ихабар саҳауазар ҳәа сашьҭан

"Ҳара ҳабшьҭра, амҳаџьырра аныҟала, Аԥснынтә ихҵәаныҬырқәтәылаҟа иагеит, уантә Сириаҟа. Уа Голлантәи аҳаракырақәа рҿы ҳанхон, аха Сириеи Израили излагаз аибашьра иахҟьаны, ҩаԥхьа ҳаиҭахҵәаны Дамаскҟа ҳалбааит"-аҭоурых аамҭа дазхьаԥшуа дҳацәажәон Наџьиҳа.

Сириа инхо Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы ыҟоуп, еиҳарак аҟабардақәеи адыгақәеи, аԥсуаа еиҳа имаҷуп. Иуԥылоит абас еиԥш иҟоу ажәлақәа: Агрба, Маан, Арҩҭаа, Маршьан, Кәыџба, Чычба уҳәа.

"Аԥсны, ҳара ҳадгьыл ауп, ҳабацәа, ҳабдуцәа рыԥсадгьыл ауп. Ҳара ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара, араҟа анхара. Сазгәыдууп иаҳьҳамоу Апсадгьыл. Уи хьӡысгьы иахьамоу Аԥсны. Аибашьра уаҳа иҟамлааит, ҳиааира наунагӡахааит"- дҳацәажәон аԥҳәыс ҟәыӷа.

Наџьиҳа Арҩыҭааԥҳа бызшәақәа маҷымкәа илдыруеит. Иаҳҳәозар: адыга, аҟабарда, аҭырқәа, араб бызшәа.

"Аха, сара урҭ абызшәақәа зегьы рылымкаа аԥсшәа здыруазар еиҳа исҭахәуп. Сгәы ишаҭаху еиԥшҵәҟьа сымцәажәозаргьы, аԥсуа бызшәа бзиа ибаны салацәажәоит, аҵара саҿуп"-лҳәеит Наџьиҳа.

Наџьиҳа лыԥшәма, Ҳаириҭҭин Чычба, арҿиара инапы алакуп, еиҳаракгьы ацуфарақәа рыҩра бзиа ибоит. Ажәлар р ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа дырзааигәоуп. Наџьиҳа илҭахуп, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц.

"Адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа, Аԥсныҟа иаарц сҭахәуп. Хәыҷи-дуи зегьы аԥсадгьыл амаҵ руроуп, ҳ-Аԥсны шьҭырхроуп. Анацәа, ахшара зааӡо, агәамчи-алшареи рымазааит. Аҳаҳаи, шәгәы кашәмыжьын, шәхы шьҭыхны, шәгәы ҭганы шәыдгьыл аҿы анҵыра ду ҳазшаз ишәаҭәеишьааит", — абас ныҳәаԥхьыӡла ҳаицәажәара хлыркәшеит Наџьиҳа Арҩыҭааԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0