Нодар Ҷанба: ари апланетаҟны Аԥсны ҳәа аброуп иахьыҟоу, уаҳа џьаргьы иҟаӡам

С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба арепатриациа ахырхарҭала диҿцәажәеит Сырма Ашәԥҳа.
Sputnik

- Аҳәаанырцә иҟоу ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл радыԥхьалара аус аҟны иарбан мҩақәоу ижәбо? Шәгәаанагараеи зеиԥшроузеи?

— Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы доуҳала ҳаӡәуп. Аҳәаанырцә дыҟоума, зқьышықәсала атәым тәылаҟны дынхоума, аԥсуа идоуҳа ыӡӡом. Ииашоуп абызшәа удыруазароуп, аха абызшәа мацара ҳәа уаналагалак, уи иашахаӡом, избанзар раԥхьа абызшәагьы зхылҵуа адоуҳа ауп. Абри ҳдоуҳа мыӡырц азы, абызшәа амацарала иаҳзеиқәырхаӡом. Уа амузыка ацзароуп, уа ҳтеатр ҟалароуп иахьа иҳамоу. Абри зегьы излаҳалшо ала, культурала иҳәаақәаҳҵароуп. Культурала анысҳәа, уи иаанаго, синонимс иҟоу — аԥсуара ауп. Аԥсуарала ҳазнеироуп абри аус. Уа нас абызшәагьы ҟалоит, ахымҩаԥгашьагьы ҟалоит, атәашьа-агылашьагьы ҟалоит.

Сима Дбар арепатриантцәа ирызкны: исҭахуп ҳҿаҵа еиҩшаны ҳанхарц, ҳанҵырц

- Аиҭанеиаарақәа аныҟамлоз аҭагылазаашьазы, асалам шәҟәқәа рыла ҳдиаспореи ҳареи ҳанеигәныҩуаз аамҭа шԥашәгәалашәои?

— Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо аԥсуаа реибабара, реиҭанеиааира ҟалоит ҳәа сара саб усҟан иасҳәар, ихаиҵаӡомызт. Избан акәзар, исгәалашәоит, Џьенгиз Бганба ҳәа дыҟан, саб Ҭырқәтәылантәи асалам шәҟәқәа изааишьҭуан, убри ала еицәажәон. Саб ииҳәарц ииҭахыз сара изыҩуан сидтәаланы, абас асалам шәҟәы аҭак сышьҭуан, нас иара Џьенгизгьы арахь иааишьҭуан. Абас ашәҟәқәа ҳабжьан. Аха, аиҭанеиааирақәа ҟалоит ҳәа усҟантәи аамҭазы агәрагара уадаҩын, хымԥада. Иахьа, Анцәа иаҳзааигеит иара ҳхақәиҭрагьы. Ҳара ҳаззықәԥоз, Аидгылара афорум анеиҿаҳкаауаз аамҭақәа сгәалашәоит, аҿар ҳауп еидызкылаз Аидгылара. А-20-тәи ашәышықәса аҭоурых ииашаны ианӡам, убригьы рыцҳароуп. Иаҳҳәап, Антикатәи аҭоурых, ма абжьаратәи ашәышықәса аҭоурых уи цәгьазар ҟалап ииашаҵәҟьаны аҩра, аха ҳара иҟаҳҵоз ҳҳәаратәы, ҳалацәажәаратәы ҳаҟоуп. Зегьы рыԥсы ҭоуп, агәабзиара рымоуп.

- Амҳаџьыраа ргәалашәара амш, ҳәынҭқарратә мшны ишԥаҟалеи, ахы шԥаҵнахи? Излаҳдыру ала,а уи шәара хаҭала шәалахәын.

— Ари аҿар ҳауп иҟазҵаз. Аҿар Аидгылара иҳамаз иабзоуроуп. Амшын аҿықә аҟны ахаҳә шьҭаҵан. Хәҩык маӡала ҳаицәажәаны убри ахаҳә шьҭаҳҵеит. Усҟантәи аамҭазы, Асовет ҳәынҭқарра аныҟаз, шьаҿас иҟаҳҵоз зегьы иацклаԥшуан. Амҳаџьыраа ртема зынӡа ишьҭухыр ҟалаӡомызт. Уи азы ҳдыршәоит ҳәа иалагон, ҳашьцәа ирацәажәон, егьырҭ ирацәажәон: "иаанышәкыл, иҭаҳкуеит" ҳәа иҳашьҭан. Абас ишаҿыз, ҳара ҳтәы ҟаҳҵеит. Усҟан ТЮЗ ҳәа иҟан, абыржә аурыс театр ахьыҟоу ааигәара — ақәыԥшцәа ртеатр, убра еиҿаҳкааит ахәылԥаз.

Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

Раԥхьаӡа Алина Ачԥҳа лоуп исазҳәаз абас-абас ҳгәы иҭоуп ҳәа, нас аҿар зегьы ҳаидгыланы еиҿаҳкааит. Аматериалқәа зегьы иҳамаӡамызт, аха Алина илыман аматериалқәа маҷымкәа, афотосахьақәа. Абарҭқәа зегьы еизго-еизго ахәылԥаз еиҿаҳкааит. Амҩаԥгара анаԥшьаҳга иаҳҿагылеит. Аԥсуа напхгаҩцәа зегьы ирҭахымызт сҳәар иашаӡам,аха иҟан нас гәыхьс измамыз, иҟан ишәозгьы. Избанзар усҟан апартиа ыҟан, иалырцар ҳәа ишәон, уи зегьы еилкаауп, аӡәгьы лахь иаҳҭаӡом, аха абри мҩаԥаҳамгар ҟалаӡом ҳҳәеит. "Иҟалом" рҳәеит раԥхьа. "Ҳара имҩаԥаҳгоит, шәара ааигьы, мапгьы шәҳәаргьы, зынӡа уи ҳазҵааӡом" ҳҳәеит. "Ишәмуӡозар, Аҟәа иҟашәымҵан, абрахь џьара Пицундоума, Гагроума, ақалақь налҵ имҩаԥыжәга" рҳәеит. "Аԥсны аҳҭнықалақь ауп Аҟәа, ара иҟаҳҵоит" ҳҳәеит. Нас иалаҳхит абри хыхь иазгәасҭаз аҭыԥ, ақәыԥшцәа ртеатр аҭыԥ. Убра еиҿаҳкааит ахәылԥаз, уи ауаа арҵәыуеит, хыԥхьаӡара рацәала ажәлар еизеит. Избанзар, амҳаџьыраа ртема излацәажәар иҟамлоз, иахәаԥшыз гәыхьс ирыдыркылеит. Афотосахьагь ыҟоуп, акостиум шкәакәа сышәҵаны иаасыртуан убри ахәылԥаз. Ари 1989-тәи ашықәс, лаҵарамзазы ауп ахҭыс анымҩаԥысыз. Ииашаҵәҟьаны, игәыҭшьаагаз ахәылԥаз аиҿкаара ҳалҳаршеит. Ихәло ианалага, аиаҵәарақәа ирылхны, агирлиандақәа ацәашьқәа аларгыланы, ҳазегьы ҳдәылҵны амшын ахь ҳаихеит. Хымԥада, даараӡа ацәаныррақәа цәырнагон. Аҟәарахьы ҳнеит, нас ӷбала, иара уи аӷбагьы шаҳаԥшааз сыздыруам аха, авенокқәа ацәашьқәа ақәыргыланы, "Шьышь-нани" ашәа ҳәо, аӷба амшын ихыланы ицон, ауаа игылазгьы ацәашьқәа амшын иарҭон…

- Ишазгәашәҭаз еиԥш, амҳаџьырра аӡбахә аҳәара аныуадаҩыз аамҭазы абас еиԥш агәаӷьра аарԥшны имҩаԥыжәгаз аус аԥхьаҟа алҵшәа маиурц залшомызт. Ҳазҭагылоу аамҭазы, ҳаибабара, ҳаицынхара, ҳусеицзура ахырхарҭақәа рҟны иҷыдоу иарбан знеишьоу иаҭаху?

— Хымԥада, ҷыдала азнеишьа аҭахуп, аха иааидкыланы аԥсуарала иуҳәозар, дара-ҳара ҳәа ҳҽеиҟәаҳамшароуп, уи апроблемақәа рацәаны ицәырнагоит. "Аҭырқәцәа" ҳәа зҳәо ракәӡам изхароу, ҳара ҳауп изхароу. Избанзар, ишыхәыҷқәаз абри аԥсуара иалымхыкәа ирылаҳааӡар акәын. "Аԥуса дахьыҟазаалак даԥсыуоуп даҭырқәаӡам" ҳәа, нас еилырымкаар ҟалозма? Сара схәыҷкәа Франциа инхоит, уа аҵара рҵоит, аха урҭ францызцәаӡам, урҭ аԥсацәоуп. Сара Китаи снеир, скитаецхоума, Кореиа сыҟан 16 шықәса, аха иахьа аԥсышәала уамак сзымҳәозаргьы сҿахәы сҳәо сыҟоуп. Ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп. Саргьы уажәы Франциантәи сааит, саргьы стәымуаҩума нас ара? Абас ҳаизнеиуазароуп ҳара, дахьынтәааз ҳәа акәымкәа. Уи раԥхьаӡа иргыланы даԥсыуоуп.

Нарҭ Ҭлыша: сара ҩ-бџьарк сымоуп, акы – абызшәа, аҩбатәи - ақьабз

Аҿар аҽеимрақәа ҟазҵо, убарҭ ирылаҳмааӡаӡеит. Ашкол аҟны ирдырыр акәын, рҭаацәа рҿы ирдырыр акәын, даҽазныкгьы исҳәахуеит, арҭ зегьы аԥсацәоуп. Уара азин умазар ара анхара, Ҭырқәтәылантәгьы, Сириантәгьы, егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы иааны инхароуп аԥсуаа. Урҭ рабацәа, рабдуцәа арантә ицаз роуп, Аԥсны дара рыдгьыл ауп. Сара сшаԥшәымоу еиԥш, даргьы аԥшәымацәазароуп ара ианааи. Иаҳҳәап, Европа аӡбарҭа уарҭоит, аиқәаҵәа ус уизныҟәар, афранцыз, "ари уара удгьыл акәӡам, уара уеиқәаҵәоуп" ҳәа иеиҳәар. Аха Франциа дара ртәылоуп, даргьы ҳара ҳтәылоуп ҳәа иазнеиуеит. Ас ҟалома, Ҭырқәтәылантәи ара данааилак есымша дсасушәа, атәымџьара дыҟоушәа ихы ибо далагар? Ари ҟалашьа амаӡам. Ари апланетаҟны Аԥсны ҳәа аброуп иахьыҟоу, уаҳа Аԥсны ҳәа џьаргьы иҟаӡам. Иарбан тәылоу дахьынтәаалакгьы аԥсуа Аԥсны иара идгьылны иҟалароуп.

Иҟоуп ус еиԥш аҭагылазаашьа аныҟоу, "амҳаџьырра аныҟаз сара сабду дымцаӡеит, егьи иабду дцеит" ҳәа ианалацәажәо. Уи зынӡа иԥхашьароуп, ус еиԥш илаҟәны ацәажәара. Аԥсҭазаара убас иҟоуп, Анцәа уақәимыршәан. Аӡәы дычмазҩуп, уара учмазаҩӡам, ус анакәха, Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәа. Аӡәы аҭагылазаашьа убас иоуит, дқәҵны дымцар ҟамло. Уи лахь иуҭар ҟалома? Уи иҷкәын,имоҭа, иахьа Аԥсныҟа сцар сҭахуп ҳәа, ари сабду идгьылуп ҳәа данаа, уи иаҽԥнуҳәар ҟалома? Уи ԥхашьароуп.