Арадио

Кәарҷиа: амамзаара иахҟьаны астудентцәа рҵара ааныжьны ианцо ыҟоуп

Аҵаразы аԥара ззымшәо астудентцәа иҟоуп аинститут анаанрыжьо ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа.
Sputnik

"Бжьаратәла шықәсык ҳинститут иалгоит 80-100 ҩык рҟынӡа. Аҵара иҭаҳҵоит 120-130- ҩык. Иҟоуп изалымго. Сынтәа мацара ахԥатәи, аԥшьбатәи акурс аҟынӡа инеихьоу, ԥсшьара ҳанцоз арзаҳалқәа рыҩҩит 25-ҩык рҟынӡа хатәгәаԥхарала аҵара ааныжьны ишцо, избанзар рҵара ахә рызшәаӡом. Ҳара ҳҟны бжьаратәла 40-нызқь шәатәуп аҵаразы. Урҭ рҵара иацырҵарц ианыгежьлакгьы иҳадаҳкылоит, избанзар аԥара амамзаара иахҟьаны ауп ишцаз", — иҳәеит Қәарчиа.