Сырма Ашәҧҳа, Sputnik
Иџьааби дызнысыз аибашьратə мҩа лассы-лассы агəаларшəара шиҟазшьамызгьы, ҳазҵаарақəа рҭак аҟаҵара дацəхьаҵуамызт. Рыцҳарас иҟалаз, ихы-игəы дақəгəырҕьо иҭаацəеи иареи рыҧсадгьыл аҿы ишынхоз, шықəсқəак раҧхьа иаалырҟьаны иҧсҭазаара далҵуеит. Иџьааби иҭынхеит афырхаҵара, аҧсуара, ауаҩра, ахшара бзиа. Иара шаҳаҭ диҭахӡам, шаҳаҭра изнауеит иихьчаз иабдуцəа рџьынџьдгьыл, еиқəирхаз ихəышҭаара. Аҧсадгьыл ахьчаҩ иаҳасабала даҳгəалаҳаршəап Иџьааби, ҳарзыхынҳəып игəҭахəыцрақəа. Аҧсны аибашьра анцоз аамҭазы иҧсадгьыл ахь аара шҧаилиршеи, иҧсҭазаара араҟа ишҧаҳəаақəиҵеи, абартқəа зегьы ишəыдаагало анҵамҭаҿы.
"Ҭырқəтəыла инхоз аҷкəынцəа иаразнак ҳаигəныҩит Аҧсны аибашьра ҟалеит ҳəа шааҳаҳаз еиҧшҵəҟьа. Адаҧазар амитинг ду мҩаҧысраны иҟан, уа иҳаӡбап ҳазлацара ҳəа аҧшьаҳгеит. Знык ҳцароуп анаҳҳəа, ҳажəа ҳацəхьаҵраны ҳаҟаӡамызт", — иҳəоит Иџьааби Агрба.
Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа, аҧсадгьыл ахь еиҳа ианшəарҭаз, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, ачҳареи, агəаҕьреи, агəашьамхи аарҧшны аҧсадгьыл иазыхынҳəуан аҧсуа еибашьцəа, аамҭаказы забдуцəа ахҵəара зқəашьхахьаз аҧсуаа рхылҵшьҭрақəа.
"Ҭырқəтəылатəи аҳаиртə баҕəазахь амҩа ҳақəлеит. Иаҳаулак ҳаирпланла арахь ҳдəықəлеит. Раҧхьа Шəача ҳалбааит, нас Адлер аҷкəынцəа ҳҧылеит. Еицыз ҳахьтə аҧсшəа ззымҳəақəозгьы ыҟан. Аџьар ҟаҧшь зныз ҕба хəыҷык ыҟоуп, убра шəҭалароуп, убри ала шəаҳгоит Гəдоуҭаҟа рҳəеит", — игəалаиршəон Иџьааби Агрба.
Ҭырқəтəылантəи раҧхьатəи агəыҧ иаланы Аҧсныҟа иааз ҳџьынџьуаа 40-ҩык инарзынаҧшуан. Иҟан урҭ рахьтə зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахаан изымбацыз, лакəҵас аӡбахə раҳахьан умҳəозар. Аҷкəынцəа рхаҭақəа изларҳəоз ала, ҧхыӡзу лабҿабоу аилыргара рцəыуадаҩын усҟантəи аамҭа.
"Баҭымынтəи иаақəозгьы уа иҳақəшəеит. Ҩыџьа-ҩыџьала, хҩы-хҩыла шəыҩны шəҭалароуп рҳəеит аҕба. Ишырҳəаз еиҧш иҟаҳҵеит, ус ашьшьыҳəа ҳдəықəлеит ҳамҩахь. Ҳахьцоз ҳдыруан, аибашьра амца шыра ишалагылаз ҳауаажəлар, агəырҕьара аамҭа абаҟаз, аха ҳдоуҳамч ҳиааизар акəхап, ашəак аацəыраҳгеит. Ҳааскьо ҳаналага ҳаҕацəа рыҕбақəа ҩба шгылаз ҳбеит. Аҕба алашарақəа ирцəеит аҧсҟы зкыз, ишəарҭан даара. Убраҟагьы ҳаршьыр ҟалон, аха Анцəа ҳихьчеит", — дҳацəажəон аибашьра аветеран.
Иџьааби Агрба даара дуаҩы лашан, алафҳəара бзиа ибон, еснагь ихы-иҿы ихалашо дыҟан. Аҧсра абла изныкымкəа иҭаҧшхьаз ари арҧыс аҧсҭазаара акыр даӡрыжəхьан, иаҧсуара еснагь иаҧхьа игылан.
"Ҳаӡхыҵит иаҳаулак. Иаҳҧылаз рахьтə раҧхьаӡа сара исгəалашəо Иури Аргəын ауп. Асасааирҭа "Черноморец" ҳган ҳаҩнарҵеит, ҳаҧсы ҳшьарцгьы ҳарҳəеит, ҳкараханы ҳаҟамзи. Аха уи егьҳазгəаҭомызт. Шəара шəазхəыц аҧсуа дгьыл ҳшьапы анықəҳаргыла ҳцəаныррақəа зеиҧшраз?!" — агəырҕьареи ахьаагареи деимаркуа дҳацəажəон Иџьааби.
"Аҧсны ҳахьааиз ҳашьцəа ргəалаҟазаара акыр ишьҭнахит, акыр иҳахӡыӡаауа иалагеит. Абџьар ҳаҭаны еибашьраҵəҟьа ҳармышьҭырц иалагеит. Аха, ус ҟалашьа амазма?.. Владислав Арӡынба ҧсаҭа шкəакəа днеин ус ҳаиҳəеит: "Шəеибашьыр сара исуӡом, шəарҭ ҳауаажəлар ус ргəы шьҭышəхла", — иҳəеит.
Аибашьратə ҧышəа шырзымдыруазгьы, абџьар ишаҵамгылацызгьы аҷкəынцəа рыҧсадгьыл аҿаҧхьа ирыдыз руалҧшьа нарыгӡон, рашьцəа ирывагыланы рџьынџьдгьыл рыхьчон.
"Армаҭəақəа ҳзааргеит, сара сапог дуӡӡақəак сырҭеит, арахь сышəагаа шаҟа имаҷу жəбоит. Амҩа санықəлоз соура-сыҭбаара дуун, аха аӡы ҳахьҭалаз сеиҵалазар ҟалап", —иҳəеит Иџьааби илафҳəарагьы камыжьуа.
Иџьааби игəалаиршəоит раҧхьа ҧшьшəақь заҵəык шракəыз ирымаз. Урҭгьы иҭархаз ақырҭқəа ирымырхыз ракəын. Убас еиҧш иалагеит Иџьааби иҩызцəеи иареи реибашьратə мҩа.
"Шроматəи ажəылараҿы ихəыз, ишьыз рацəаҩын. Саргьы хəра хəыҷык соуит. Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа иҳацааз ҳҩыза Ефқан Цыба убра дҭахагəышьеит, Оқан Кəыџба, Ерсын Чқəуа, Шьандуан Ажəанба уҳəа хəҩы-фҩы ахəрақəа роуит", — игəалаиршəоит Иџьааби Агрба.
Иџьааби иҩызара бзиан, иара дахьыҟаз еснагь лахҿыхран, аҧсҭазаара агəазыҳəара уиҭон. Аибашьратə хҭысқəа шеиҭеиҳəозгьы, иҟан угəалаҟазаара шьҭызхуазгьы.
"Ҳара ахəцəа машьына дук ҳақəҵаны ҳрыман рҿынархеит. Сааҧшызар Шьандуан дҟəаҟəаса, ашьа иҿыҵкьаса сывара дышьҭоуп. Сара сызцəажəаӡом зынӡа, сҿаҳахазшəа. Шьандуан амедеҳəшьцəа дрыжəлеит "Иџьааби шəихылаҧш"- ҳəа. "Уара аҧсра уаҿуп сара соума хьаас иумоу", — ҳəа иасҳəарц сҭаххеит, аха арахь сызцəажəомызт, ус напыла акы исырбақəон. Нас, знык ҳаҧсы анҳалала шаҟа лаф ахаҳҳəаазеи", — иҳəеит Иџьааби Агрба.
Зыҧсадгьыл зыҧсы алаз, араҟа аҭаацəара аҧызҵаз Иџьааби Агрба иҧсынҵры кьаҿхеит. Уи даара гəалсрала ирыдыркылеит иара дыздыруаз зегьы.
"Аҧсадгьыл ҿызхыз, иҕəҕəаӡаны еибашьыз абратəи аҧсуаа роуп, ҳаргьы лагала хəыҷык ҳзыҟаҵазар, уи насыҧуп ҳара ҳзы. Шəҩыла акəымкəа, жəанызқьҩыла ҳааргьы ҟалон, уи еилаҳкаауеит. Иҭахаз рыҧсаҭа бзиахааит. Ҳаҧсадгьыл аҿы ҳхы-ҳгəы ҳақəгəырҕьо ҳанхозар дара ирыбзоуроуп. Абааҧсы, иахьа зегьы иреиҕьу аамҭаҿы ҳанхоит. Аҳəынҭқарраҿы имаҷу амилаҭ еидгылароуп. Ҳаззеибашьыз ҳхаҳмыршҭып"! — абас, нҵəара рықəмызт Иџьааби Агрба изеиҕьашьарақəа.
Иџьааби Агрба хҩык иашьцəа иахьа рыҧсадгьыл аҿы инхоит, инҵуеит. Иара иаҧиҵаз аҭаацəа ҧшӡа акыр уреигəырҕьаратəы иҟоуп. Иҧеи иҧҳаи рабиҧара иацырҵоит. Ааигəа иара иҧа аҭаацəара далалеит. Иҿымцəааит наӡаӡа Иџьааби Агрба игəараҭа, аизҳара, аҿиара рацəахааит.