Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәБаҳадыр Абаӷба
Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ирацәоуп Аԥсны афырхаҵа Баҳадыр Абаӷба ихаҿсахьа гәылзырҭәаауа, иԥсҭазааратә мҩа иадҳәалоу ажәабжьқәа, ахҭысқәа. 1967шықәса рзы, Ҭырқәтәыла, Есқьишьеҳир ақалақь аҿы ииз Баҳадыр, Аԥсны аибашьра ҟалаанӡагьы, аԥсадгьыл ихы-игәы азцахьан. Иҩызцәеи иареи ахьааидтәалоз, уи аӡбахә еснагь иалацәажәон, аԥсуаразы игәы былуан, дшааманшәалахазҵәҟьа еиԥш, Аԥсныҟа дызлаара даашьҭан.

"Сара саԥхьа Аԥсныҟа шәцоны шәҟалозар, уаԥсҵәык анышә сзаашәга, сзымцакәа саанхаргьы, сгәы инықәрыԥсап", — иҟан абас еиԥш иҩызцәа ианреиҳәалозгьы.

Есқьишьеҳир еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкылаҿы имҩаԥыргоз аизарақәа еснагь ихы рылаирхәуан Баҳадыр.  Ҽнак, убра дшыҟаз ауп ишиаҳаз, Аԥснынтә аестрадатә шәаҳәаҩцәа ргәыԥ "ТОМ И Ф", Енегиоль, аконцерт мҩаԥыргоит хәа. Аҩны иҭаацәа инараҳәаны, иҩызцәа дрыцны Енегиольҟа дцеит. Аконцерт шцоз ауп ишаарылаҩыз, Аԥсны аибашьра ҟалеит ҳәа. Еизаз зегьы рҿаԥхьа иқәгылаз зҵаара заҵәык акәын: иҟаҳҵарызеи?

Аԥсадгьыл ацәыӡра иацу ахьаа здыруаз аԥсуа хылҵшьҭра Зиуар Чычба

"Аԥсныҟа ҳцароуп, ҳашьцәа ҳаԥсадгьыл рыцҳахьчароуп" — раԥхьа зыбжьы зыргаз иоуп Баҳадыр Абаӷба. Уи ибжьы еиднакылеит аиқәлацәа, анаҩсгьы, Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахьчара иауааз рхыԥхьаӡара иацлон. Баҳадыр дызлаз раԥхьатәи агәыԥ,  Аԥсны иааӡаанӡа игәы ҭынчмызт. Ԥынгылак роуны, рыԥсадгьыл ршьапы рзықәмыргылар ҳәа дацәшәон. Акызаҵәык хьаас имаз, аҩны иҭаацәа ирзымдыруа дахьдәылҵыз ауп. Адаԥазар еизарак ыҟоуп, уахь сцоит — ҳәа нараҳәаны, иҩызцәа дрыцны, Аԥсныҟа амҩа дықәлеит. Ари баша еимдарамызт, ари еибашьран, Аԥсадгьыл хьчатәын. Баҳадыр идыруан дахьаауаз, дыззаауаз.

"Аԥсны аибашьра ҳаиаиаанӡа ҳаԥхьаҵуам, Аԥсны аԥсуаа иаҳтәуп. Ҳмаиааиргьы ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҳара аԥсра ҳацәшәаӡом!" — дхәыцуан Баҳадыр.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа еибашьра иааз арԥарцәа, иаразнак амцашыра иаладыргылар рҭахымхеит аҭыԥантәи рашьцәа. Аха, ус дара ируазма? Баҳадыр раԥхьа бџьарс инапаҟны иоуз агранатаршәгоуп. Уи ихы иаирхәеит Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы.

"Баҳадыр аибашьра ҟалаанӡа дсыздырӡомызт. Сара Гагра анырга аамышьҭхь сааит Ҭырқәтәылантәи.  Иара Гагра ахақәиҭтәра далахәын. Баҳадыр дуникалтә уаҩын, даԥсыуа цқьан. Баҳадыр, ауасиаҭ аанижьхьан, дҭахоны дҟалозар, аԥсуаҵас анышә ара дамардарц. Дыԥхьагылаҩын, иҩызцәа еснагь ҳгәы шьҭихуан.  Ахаҵара илан", — игәалаиршәоит ицеибашьуаз иҩыза Ерқан Қәҭарба.

Баҳадыр Абаӷба дрылахәын мрагыларатәи, мраҭашәаратәи афронтқәа рҟны имҩаԥысуаз ажәыларақәа. 1992 шықәса, Ноиабр мзазы, Баҳадыр дызлаз агәыԥ, мрагыларатәи афронт аҿы амацәаз иҭакыз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ацхыраара  рыҭаразы иԥрит. Шьхала мацара Тҟәарчал инеит, уантә Ҷлоу.  Уа иахьнеиз адырра роуит ақәылаҩцәа ргәыԥ Кәачара ақыҭа иалаланы Ӷәада аҳәааҟынӡа ишнеиз. Кәачара ахақәиҭтәра иазкын рымчқәа. Ноиабр 29рзы, ахәылԥаз, аибашьцәа ргәыԥқәа рҽеимаданы, Лашькьындар ақыҭанӡа инаӡеит. Аха, ақәылаҩцәа акыр ианхьаҵ, ӷәӷәала ахысра иалагеит. Аиҿахысрақәа руак аҟны ахәрақәа иоуит Баҳадыр Абаӷба. Иара убра дивыршьааит иҩыза, ҳџьынџьуаҩ Ведаҭ Кәаӡба. Баҳадыргьы, Ведаҭ иԥсыбаҩгьы верталиотла Гәдоуҭаҟа идәықәҵан.

Баҳадыр игәабзиара аиҭашьақәыргыларазы Ҭырқәтәылаҟа дрышьҭит. Аха, уа акыр даанымхакәа Аԥсныҟа ддәықәлеит. Аб Ниҳаҭ, иԥазаҵә дныҳәа-ныԥхьаны амҩа дықәиҵеит. Аха, уи аныҳәаԥхьыӡ ҵыхәтәантәизаарын.

"Баҳадыри сареи ҳаибадырит аибашьра анцоз аамҭазы, ақыҭаҿы. Ашҭа данааҭала, саҳәшьа ҳәа инапы ааиҵыхны сааигәыдиҳәҳәалеит. Уи агәаларшәара акыр исцәыуадаҩуп. Сара ахатәы ешьа дсымаӡамызт. Баҳадыр данызба нахыс, ешьа гәакьак еиԥш дсыдыскылеит. Аибашьрахь дымцар ҟамлеит, дхәын. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Лассы-лассы ҳнеилон иҩызцәеи иареи рбара. Ҟазшьала даамысҭашәан", — лгәалалыршәоит Баҳадыр ешьас дҟазҵаз, Манана Абаӷԥҳа.

Гәаҭала иаԥсыуаҵәҟьаз, Баҳадыр Абаӷба, Гәдоуҭа дыздыруаз иабжьон, игәабзиара ҭышәынтәалаанӡа ихы деиҷаҳарц. Аха аҭакс, ишиҟазшьаз еиԥш, дааԥышәарччон, уаҳагьы нараҭеикуамызт.

"Ҭырқәтәыла ҳизаргьы, ҳара гәыӷырҭас иҳамоу ҳаԥсадгьыл-Аԥсноуп. Сыԥсыргьы гәыблыла сыдгьыл саднакылап", — иҳәалон Баҳадыр еснагь. Аҳҭнықалақь иҩахыкны иҟоу ахәы ҳаракырақәа ҳаибашьцәа рнапы аагарахь ицоз ажәыларақәа дрылахәын, Баҳадыр. Аха, аҵыхәтәанӡа изымнаӡеит игәҭакы. Аҟәа абара дшаргәаҟуаз, иқәшәеит дызгашаз ахы. Усҟан, мышқәа заҵәык ракәын Аҟәа ахақәиҭтәраз ибжьазгьы.

Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

"Ари аҵыхәтәантәи ажәылара акәын. Иаҳзымдыркәа ақырҭқәа рааигәаранӡа ҳнанагеит. Хҩы-ԥшьҩы ахәрақәа ҳауит. Цәышба ҷкәынак ажра дҭаҳан дыҟан. Баҳадыр сааигәа дааин, абри аҷкәын дҭаҳгароуп иҟаҳҵалакгьы, иҳәеит. Ҳџьаԥҳани ҳабџьари ааныжьны, ҳҳәазо ҳахьылбаауаз, иара дшышьҭаҳхуаз, ахы сара исаахеит. Сшәеит сшьапы амнахызар ҳәа. Баҳадыр дааины схы иршьышьуа далагеит, сиргәыбзыӷуан, умшәан, уҽырӷәӷәа, ҳаиқәхоит ҳәа. Минуҭк ааҵуанеиԥш, иаргьы иқәшәеит ахы. Асааҭ хԥа рзы ирхәыз ҳара, асааҭ жәеизанӡа ацхыраара ҳмоуӡеит. Ҳакәша-мыкәша ақырҭқәа ыҟан. "Ҳаԥсыз џьыршьазар ҟалоит ҳҩызцәа, сара сҳәазаны сцап, ацхыраара саҳәап", — иҳәеит Баҳадыр. Ишакәхалакгьы ацхыраара ҳаҭаны ҳҭыргеит, ҳаргеит Каман. Уантәи Афон ахәышәтәырҭахь ҳнаргеит. Баҳадыр ӷәӷәала ашьа ицәцахьан, ауха измыршакәа дыԥсгәышьеит. Уаанӡа ахәрақәа шиоухьазгьы Баҳадыр, ҳахьцалак дҳаԥхьагылан", — игәалаиршәоит зҩыза дызвыршьааз Ерқан Қәҭарба.

© ФотоБаҳадыр Абаӷба
1/5
Баҳадыр Абаӷба
© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәҬырқәтәылантә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа
2/5
Ҭырқәтәылантә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа
© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытә Ҭырқәтәылантә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа
3/5
Ҭырқәтәылантә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа
© ФотоБаҳадыр Абаӷба
4/5
Баҳадыр Абаӷба
© ФотоБаҳадыр Абаӷба
5/5
Баҳадыр Абаӷба
1/5
Баҳадыр Абаӷба
2/5
Ҭырқәтәылантә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа
3/5
Ҭырқәтәылантә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа
4/5
Баҳадыр Абаӷба
5/5
Баҳадыр Абаӷба

Аԥсны Афырхаҵа, Баҳадыр Абаӷба, иуасиаҭажәа нагӡоуп. Уи анышә дамадоуп Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы.

"Сара исҭахын саб иҩнаҭахьы дызгар, уаҟа иԥсыбаҩ кҿазарц. Аха, убас иҟалеит аҭагылазаашьа, Гәдоуҭа дыхәны дахьышьҭаз дыкҿарҵартә еиԥш. Иани иаби Ҭырқәтәыла иҟан, изааӡомызт.  Аԥсыжра аҩызцәа еиҿыркааит. Аԥсуаҵасла иқә-иҵас сара схахьы изгеит, ихьӡала ашәы сшәысҵеит. Ешьаҵас сихәаԥшуан, аха сгәыӷрақәа сеижьагәышьеит", — лылаӷырӡқәа илдырҳәомызт Манана Абаӷԥҳа.

Баҳадыр Абаӷба, дыззықәпоз Аиааира абара дахьымӡазаргьы, иҟоуп иҭынхаз афырхаҵара. Уи шаҳаҭ диҭахӡам, шаҳаҭра изнауеит иара дзыҿҳәараз иԥсадгьыл.

Ажәабжьқәа зегьы
0