Москватәи агроааглыхратә цәыргақәҵаҟны Аԥснытәи аалыҵ ӡыргахоит

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан" ("Золотая осень-2018") аатуеит Москва, жьҭаара 10 - 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит москватәи агроааглыхратә цәыргақәҵаҿ Аԥснытәи аалыҵ аԥхьахәқәа анашьахап ҳәа дышгәыӷуа.

Барцыц: аалыҵ ԥаршеиқәа ахарџь роуа иалагеит

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан" ("Золотая осень-2018") аатуеит Москва, жьҭаара 10 — 13 рзы.

"Ҳара ҳаалыҵ ҳацәыԥхашьо иҟаӡам. Ацәыргақәҵа ҳалахәуижьҭеи Аԥсны еицырдыруа ахы аанарԥшит. Ареспублика изныкымкәа гран-при, еиуеиԥшым амедақәа анаршьахьеит", — иҳәеит иара.

Ахәаахәҭратә хаҭарнак иажәақәа рыла аԥсуа тауарқәа рыхкы сынтәа иҭбаахоит уаанӡа аасҭа.

"Зны-зынла ааглыхыҩцәа рышьшьылаҳара аҭыԥ амоуп. Иҟоуп заалыҵ уахь иназгаз, аха уа иахәҭаны иҟоу аусқәа рыҟаҵара зҭахым. Ус иҟалом. Ацәыргақәҵахь инагоу аалыҵ ишахәҭоу еиԥшгьы иӡыргатәуп", — иҳәеит Барцыц.

Олег Барцыц дақәгәыӷуеит Аԥсны егьырҭ ацәыргақәҵа алахәылацәа ирылаӡҩарым ҳәа.

"Асеиԥш иҟоу афорум ду аҿы аԥышәа ҳамоуп. Иҳагқәоу ыҟазаргьы ҳаицырдыруеит ҳаалыҵқәа рхаҭабзиарақәа рыла", — иҳәоит иара.

Сынтәа аҳәаанырцә ахаҭарнакцәагьы рацәаҩхараны иҟоуп ацәыргақәҵаҿы.

"Урыстәыла арегионқәа реиԥш ҩеижәа инареиҳаны аҳәаанырцәтәи атәылақәа адыԥхьалоуп. Рыҩаӡарагьы акыр иҳаракуп. Иаҳҳәап иапониа еиԥшу атәылақәа раалыҵ акраҵанакуаны иҟоуп", — ҳәа ациҵеит иара.

Ахәаахәҭратә хаҭарнакра шықәсыки бжаки иназынаԥшуа аусурақәа мҩаԥнагон аԥсуа ааглыхыҩцәа рахь аинтерес аҟаҵаразы. Ҷыдала ацхааглыхрахь.

"Ацха ааглыхра знапы алаку раалыҵ апозициа иаша ааннакылап ҳәа агәыӷра ыҟоуп", — иҳәеит иара.

Барцыц очамчыратәи анаплакқәа рзы: ҩышықәса рыҩныҵҟа 400 миллион мааҭ рзоужьуп

Ацәыргақәҵа иалахәхоит зхы бзианы иаазырԥшхьо ҳааглыхыҩцәа.

"Аҩызауад, ауарашзауад уҳәа 15-16 рҟынӡа егьырҭ ҳаилахәырақәа бзианы ирдыруеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Олег Барцыц.

Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа ақәҵара инапы аҵеиҩит аԥснытәи аделегациа агроааглыхратә цәыргақәҵа иалахарц азы аусутә гәыԥ аԥҵаразы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан" ("Золотая осень-2018") аатуеит Москва, жьҭаара 10 — 13 рзы.

Ацәыргақәҵа еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрра. Аԥснытәи анаплакқәа ари ауснагӡатә бжьынтәуп иалахәхоижьҭеи.