Барцыц: аалыҵ ԥаршеиқәа ахарџь роуа иалагеит

© Фото : Виктория КакалиаСельскохозяйственная продукция из Абхазии на выставке "Региональные ярмарки" в Белгороде
Сельскохозяйственная продукция из Абхазии на выставке Региональные ярмарки в Белгороде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә Хаҭарнакра азинмчра анаҭеит аилахәыра "Региональные ярмарки" аԥсуа ааглыхыҩцәа ирхаҭарнакхарц, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟны аԥсуа символика закәаншьаҭада рхы иархәаны аалыҵ ԥаршеи ӡырырго ианалага ашьҭахь.

АҞӘА, мшаԥы 11– Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц радио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо иҳәеит, еиуеиԥшым арегионқәа рҟны аԥсуа символика закәаншьаҭада рхы иархәаны аалыҵ ԥаршеиқәа ӡырызгоз ахарџьқәа роуа ишалагаз.

"Арҭ ламысдарала зхы мҩаԥызгоз ауаа иахьазы ахарџь дуқәа роуа иалагеит. Сара исымоу аинформациала Хабаровск мацара дара 1,5 миллион мааҭ ацәыӡ роуит, избанзар жәа-мш ахәаахәҭра мҩаԥыргараны иахьыҟаз мышкоуп аусура ахьрылшаз. Ҳара иаҳаркит. Рус еиҭахгьы иацырҵарц иалагар, еиҭахгьы абасеиԥш иаҳаркуеит, русура ԥаҳкуеит", — иҳәеит иара.

Абхазская продукция на международной выставке MITT - Sputnik Аҧсны
Барцыц: ацәыргақәҵа ԥаршеиқәа реиҿкааҩцәа рус аанкылатәуп

Барцыц иажәақәа рыла Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә Хаҭарнакра асеиԥш иҟоу ахҭысқәа ирҿагылоит, Урыстәыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахь алагьы аилкаара аҭыԥ амоуп.

Барцыц иҳәеит аԥсуа бренд закәаншьаҭада зхы иазырхәо анаплакыҩцәа ишрышьҭазаауа, уи афеидалхрагьы азин шыҟарымҵо.

Аилахәыра "Региональные ярмарки" акәзар, аамҭак азы аԥснытәи анаплакыҩцәа ҳәа зхы ӡырызгоз џьоукы рҟынтәи аԥхасҭа ду роуит.

"Арҭ амцҳәаҩцәа ҳрышьҭаҵаауа ҳаналага, аилахәыра "Региональные ярмарки" рыҽҳамардеит. Дара ажәадгала ҳарҭеит ииашахаҭоу аԥсуа тауарқәа рӡыргаразы азин раҳҭарц. Аилахәыра анҭаҳҵаа ашьҭахь, ҳара уи ажәадгала ҳақәшаҳаҭхеит", — иҳәеит Барцыц.

© Фото : Виктория Какалиа Сельскохозяйственная продукция из Абхазии на выставке "Региональные ярмарки" в Белгороде
Сельскохозяйственная продукция из Абхазии на выставке Региональные ярмарки в Белгороде - Sputnik Аҧсны
Сельскохозяйственная продукция из Абхазии на выставке "Региональные ярмарки" в Белгороде

2018 шықәса, жәабранмзазы Томск ақалақь аҿы еиҿкаан ацәыргақәҵа "Дары Абхазии". Аалыҵ Аԥсны ишадҳәаламыз азы адыррақәа аныҟала ашьҭахь Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә Хаҭарнакра еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа хацнаркит абри аҩыза ԥхьаҟа аԥырҟәҟәааразы.

Усҟан Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц иҳәеит арҭ ацәыргақәҵақәа ԥеиԥш шрымам атәы.

"Сгәы иаанагоит арҭ ацәыргақәҵақәа ԥеиԥш рымам ҳәа, избанзар, дара ԥаршеиуп, иӡырырго аалыҵгьы Аԥсны акала иадҳәаланы иҟам. Ҳаргьы аҭагылазаашьа ашьклаԥшра аҳҭоит. Адырра шааҳаулак, иахәҭоу ауснагӡатәқәа хацҳаркуеит", — иҳәеит иара.

Абри ашьҭахь Чита, жәабранмза анҵәамҭазы, имҩаԥган ақыҭанхамҩа аалыҵ ацәыргақәҵа "Дары Абхазии". Аамҭақәак рышьҭахь ацәыргақәҵа мҩаԥган Хабаровскгьы. Аха, иара убасҟангьы аалыҵ Аԥснытәи аалыҵны ишыҟоу азы агәыҩбарақәа цәырҵит. Ацәажәара дугьы рхылҿиааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0