Ашәба: шьала икәабаны иааҳгаз ҳиааира ду - алҵшәа аиуит жәашықәса раԥхьа

Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵа ашықәс азы, Аԥсны жәлар реизара аиҳабыс иҟаз, ари аус аҟны злагала ыҟаз Нугзар Ашәба игәалаиршәоит ахҭысқəа рыҿиара шыҟалаз атәы.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Нугзар Нури-иԥа, шәара аҳәынҭқарра анапхгараҿы акыр шықәса аус жәухьеит, шәџьабааи шәԥышәеи акыр ирацәоуп. Аҳәынҭқарра аргылараҿы, ажәлар рхақәиҭра аиқәырхаразы иарбан ԥҟарақәоу изықәныҟәатәоу ҳәа шәгәы иаанагоу?

Нугзар Ашәба: ҳакәша-мыкәша имҩасуа ахҭысқәа блаҵарыла азнеира аҭахыуп

— Ҳажәлар шәышықәсала иззықәԥоз, иззеибашьуаз, еиҳарак аҵыхәтәантәи ашәышықәсазы ахынҭаҩынҭарақәа иаҳхаҳгақәахьаз акыр иаҳныԥшхьан. Иазхаҵоу ҳхатә ҳәынҭқарра ахьҳамамыз азы, аԥсуаа зегьы убас еиԥш иҟаз агәаанагара ҳаман, ахатәы ҳәынҭқарра ҳамазар ҳара ҳхахьчара еиҳа имариахоит ҳәа. Уи ус имариаӡам, аӡәы уихьыԥшны, даҽа политикак ахьымҩаԥырго иуқәмыӷәӷәрозар цхыраара ахьунамҭо, уи адагьы ҳара ибзианы еилаҳкааратәы аҭагылазаашьа бааԥсқәа ҳрықәшәахьан. Ҳара ҳада аӡәгьы ҳус шымҩаԥимго, ҳаиқәырхара дшашьҭам ари даара ибзианы еилкааны иҳаман. Аибашьра ду иаҳзыҟалаз аҵыхәтәантәи акәаԥ аргылеит. Убри инаркны иара Владислав ду зхаҿы дгылаз, заԥҵара ҳалагаз аҳәынҭқарра атрадициа дуӡӡақәа амоуп. Аҳәынҭқарра еиԥшшәа традициақәак ыҟан а-20-тәи ашәышықәсазы, а-19-тәи ашәышықәса алагамҭазгьы. А-8-тәи, а-9тәи ашәышықәсақәа рзы аҳәынҭқарра еиԥшшәа узлаҽхәаша акыҟан, уи 1200 ш. ахыҵит. Аҭоурых иаҳнарбоит уажәгьы усҟангьы аҳәынҭқарра дуқәеи ҳареи ҳаидгыланы аҳәынҭқарра бзиа аргылара ҳшаҿыз, ҳналаӡ ҳцарцгьы акагь шҳагымхаз. 20- 30 шықәса раԥхьа, аполитикцәа, апатриот дуқәа, Владислав дзаԥхьагылаз ибзианы еилыркаауан ҳара ахақәиҭра ада ԥсыхәа шҳамамыз, ҳара ҳхақәиҭра азхаҵара шаҭахыз, уи ада даҽа мчык, даҽа лшарак шыҟамыз. Уи даара имариамызт, аибашьра ҳаиааиҵәҟьеит ииашаны, иҳацхраақәаз ыҟоуп ҳашьцәа Нхыҵынтәи, Аахыҵынтәи, џьоукы бџьарла иҳацхрааит, џьоукы малла иҳацхрааит. Аԥсуа жәлар аԥхьа иҩагылан, уаҳа ԥсыхәа шамамыз еилкааны рхы ақәырҵеит, рыԥсы ақәырҵеит, рылшара зегьы адырҵеит Аиааира ду иҟалаз, алҵшәагьы аиуит.

- Уи алҵшәа шьақәырӷәӷәатәын, ҳхьыԥшымра азхаҵатәын. Ишԥалыршатәыз, иарбан усмҩаԥгатәқәаз изықәныҟәатәыз?

Ҷаниа Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкны: жәытә-натә аахыс ҳзызхәыцуаз ҟалеит

— Амҩақәа ирацәаны ҳрықәлеит аха, ишыжәдыруа еиԥш иҳадгылаз ҳпартниорцәа дуқәа ҳәа ҳзышьҭоу Урыстәыла усҟантәи аиҳабыра даҽа политикак рыман, ишакәхалакгьы Қырҭтәыла ҳалаларц акәын гәҭакыс ирымаз. Уи ҳазхысыз ауп, иаадыруа ауп. 2000-тәи ашықәсқәа инадыркны, Ельцин данықәҵ ашьҭахь, Путин данааи инаркны ус иаразнак ирзаԥымхзаргьы, еиҳа иаҳхаҵгыло, ҳапроблемақәа хәыҷык ирзыӡырҩуа иалагеит. 2002 шықәса алагамҭазы Владислав Арӡынба, Урыстәыла ахадара рышҟа абас иҟаз ашәҟәы дәықәиҵеит: "Иауазар, Урыстәылеи ҳареи ассациативтә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵоит" — ҳәа. Уи иаанагоз Урыстәыла ҳалалоит ҳәа акәӡамызт. Ус иҟоу еиқәшаҳаҭрак убжьауҵарц азы маанак аҵаҵашәа иҟаҳҵеит. Убри ашьҭахь, 2003 шықәса рзы убри ашәҟәы Урыстәылатәи апарламент апалатақәа аҩбагь рышҟа идәықәаҳҵеит ҳара- Аԥснытәи апарламент. 2004 шықәса рзы алхрақәа раан Аԥсны аҩныҵҟатәи ҳусқәа маҷк ихьанҭан. Аха, ишакәхалакгьы алҵшьак ҟаҳҵеит. 2006 шықәса рзы ҿыц еиҭадәықәаҳҵеит Урыстәыла аиҳабыра рышҟа ус еиԥш иҟаз ашәҟәы. Уаҟа иазгәаҭан иарбан усқәоу еицыҟаҳҵоу, уигь маанак аҵаҳҵеит, даргьы ирзеилымкаауа иҟамызт аха. Уара иуҭаху уара иумҳәар, даҽаӡәы иҳәаӡом, ҳәашьак аҭатәын. Убри азоуп уи зыҟаҳҵаз. Убри ашьҭахь, Урыстәыла аиҳабыреи ҳареи аиҿцәажәарақәа ҳаман, иара еиҳарак апарламентқәа рганахь ала, аханатәгьы Урыстәылатәи апарламент Дума ҳәа ҳзышьҭоу, аибашьра анцоз аума, ашьҭахь аума хынтә-ԥшьынтә аԥсуаа рызҵаара иахәаԥшхьан. Урҭ ирылшоз даара ирацәамызт, аха иҳадгылоз маҷҩмызт. Убри ҳхы иархәаны, 2006 шықәса анҵәамҭазы Москва имҩаԥаҳгеит, усҟантәи аҳәынҭқарратә Дума ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бабурин напхгара зиҭоз аконференциа. Ҳхы алаҳархәит аҵарауаа, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рхаҭарнакцәа, аполитикеи адипломатиеи знапы алакыз ауаа. Аԥсны аиҳабыраҿы иҟаз сҩызцәагьы саргьы, Сергеи Шамба усҟан адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан, досу ҳганахь ала аус рацәаны иадаҳулеит. Сара ажәахә ҟасҵон убасҟан: "Ирҭахузеи аԥсуаа, ирҭахузеи приднестровиаа, ирҭахузеи Аахыҵ-Уаԥстәылаа?"-ҳәа. Убас еиԥшгьы анаҳҵеит: Приднестровиаа ирҭахуп Урыстәыла иалаларц, Аахыҵ-Уаԥстәыла Нхыҵ-Уаԥстәыла иадларц, аԥсуаа ирҭахуп хазы иҟоу аҳәынҭқарра" — ҳәа. Раԥхьа акәны документла Урыстәыла ахадараҿы апарламент ахада ихаҭыԥуаҩ иранг ала уи иҳараку усуп.

- Анаҩс ишԥаҿиоз аҭагылазаашьа?

Ҷолокәуа: Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара зегьы иалганы иааигеит ауаҩра

— Ирацәаны аусурақәа цон. Ишыжәдыруа еиԥш, Европатәи аҳәынҭқаррақәеи Америкатәи аҳәынҭқаррақәеи, 48 ҳәынҭқарра, Косово азхарҵеит. Уи прецедентуп ҳәа ишьҭаҳхит ҳара зегьы, иара Урыстәыла аиҳабырагьы. Уа, Урыстәылеи ҳареи ҳҳәамҭақәа еиқәшәеит. Усҟан, Урыстәыла аҭагылазаашьа хәыҷык ихьанҭан. Избанзар, 90-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла иаиуз ааха ду, аҳәынҭқарратә политикаҿы акала ириашатәын. Урҭ ишьамхнышло аҟынӡа инеихьан, ршьамхы иқәгыланы ршьапы иқәгылар акәын. Убри азы уск ҟаҵатәын. Косово социалисттә ҳәынҭқарран, Иугославиа иатәын, Сербиа иадхны иахьыҟарҵаз иаргәаан иҟан. Иахьа Украинеи Урыстәылеи акыр рыбжьоуп, аха урҭ еишьцәоуп егьа уҳәаргьы. Ҳара хәажәкырамза 2008 ш.рзы, Урыстәыла апарламент аҿы апарламенттә ӡырҩрақәа мҩаԥаҳгеит. Ус еиԥш иҟаз аиҿкаара Урыстәылатәи адепутатцәа ишырҳәоз ала, адунеихаан иҟамлаӡацызт Урыстәылатәи апарламент аҩныҵҟа. Ауаа даара ирацәаны иалахәын, апарламент адагьы, адәныҟатәи аусқәа рминистрра, азиндырҩцәа уҳәа. Убра ажәахәқәа рыла ҳақәгылеит. Лиубовь Слиска ҳәа дыҟан усҟан апарламент ахада ихаҭыԥуаҩс иҟаз, лара лакәын хантәаҩра азызуаз. Ҳара иҳадгылақәоз зегьы еизеит, Багдасаров ҳәа аполитик ду усҟан депутатын, Муратов Георги, усҟан Москва ақалақь адәныҟатәи аусқәа дырхылаԥшуан, Константин Затулин, СНГ ахеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, лара Слиска иналыркны даара ибзианы иқәгылеит зегьы. Аханатә ажәахә сара иҟасҵеит, нас Аахыҵ-Уаԥстәылаа, Приднестровиаагьы ажәа рырҭеит, аха урҭ уиаҟара ирзымӡырҩӡеит. Азыӡырҩрақәа иҟарҵаз Аԥсны иадҳәалан. Сара ацәажәара салагаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ дсыдтәалан, "абра иаартны иумҳәан ишәҭаху суҳәоит" — ҳәа сеиҳәеит. Алеқсеи Островски ҳәа дыҟан, Дума СНГ ахеилак аиҳабы, ҳусқәа рзы даара аџьабаа ҳадибалахьан, "суҳәоит ҳара ҳполитикахь иаҵанакӡом ишәҭаху аартны ишәымҳәан" — ҳәа сеиҳәеит. Уи ҳамҳәозар зынӡа ҳаҟәыҵуеит анысҳәа, ҳаинаалт. Уи анеилга ашьҭахь, Аԥснытәи аделегациа сааҭк, ҩсааҭк ҳаурыжьуамызт, азҿлымҳара рацәаны иаадырԥшит. Уи ашьҭахьгьы аиҿцаарақәа ҳаман. Ус нанҳәамза 8 ааит, иҟалаз аусқәа ижәдыруа ауп Аахыҵ-Уаԥстәыла. Ақырҭқәа ирыхәҭаз иақәыршәан, аха аус наҟ-наҟа иӡбатәын. Аԥсны инхо ажәлари, Аахыҵ-Уаԥстәыла инхоз ажәлари еиқәырхатәын.

- Усҟантәи аамҭазы Аԥсны ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь инаигӡаз аполитикатә знеишьа атәы шәазааҭгылар ҟалоума?

— Урыстәыла амҩақәа рыԥшаара иалагеит "иҟаҵатәузеи?" — ҳәа. Убасҟан Сергеи Багаԥшь иџьабаа даара иӷәӷәан, ирольгьы акыр иҳаракын. Нанҳәамза агәҭаны, Сергеи Уасил-иԥа Москваҟа иԥхьан дцеит. Москва дахьнеиз Урыстәыла усҟантәи ахада Медведеви, Кокоитыи иареи еиԥыланы еицәажәеит, вариантк рыдыргалеит. Авариант абас иҟан: "Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи аконфедерациатә ҳәынҭқарра ҟашәҵа" — ҳәа. Сергеи даара игәалаҟара ыҟамкәа дгьежьны дааит. Ҳаидтәаланы ҳаицәажәеит. "Мчыбжьык аамҭа ҳарҭеит, мчыбжьык анаҩс Шәача ҳаиқәшәоит, Медведев Шәачаҟа даауеит, уа абри аус ҳалацәажәоит, иҳадыргалаз сақәшаҳаҭзам" — иҳәеит. "Иахьа аконфедерациа Аԥсныи Уаԥстәылеи иҟарҵар, уаҵәы Кырҭтәылагьы уахь иаларҵар рҭаххоит, ҩаԥхьа ҳгьежьны ҳахьыҟаз ҳнеиуеит ауп иаанаго" — ҳәа ҳазнеит усҟан Аԥсны аиҳабырас иҟаз, абас еиԥш ала ҳаицәажәеит. Мчыбжьык анаҩс, Медведев данаа, Шәачаҟа дцеит. Ара ҳазегьы ҳахшыҩ еилаҵаны, аҵарауаа алархәны, идәылганы ауаа ираҳауа ҳцәажәаӡомызт, ауаа ҟәышқәа алархәны иҳаӡбоз зҵаарақәан. Медведев, Сергеи диазҵааит "ишәыӡбеи?" — ҳәа. Раԥхьа Сергеи иакәын еснагь ицәажәоз, ауаԥсаа раԥхьа ацәажәар бзиа ирбаӡомызт. "Уаҳа ԥсыхәа ыҟамзар, ҳаҭыр зқәу Урыстәылатәи апрезидент, сара уи аҩыза азҵаара сзыӡбаӡом, уи сзадгылаӡом, саныгьежьлак арзаҳал сыҩуеит, сусура аансыжьуеит, ишәҳасабуазар даҽакала ишәҳасаб" — иҳәеит. Медведев, Кокоиты диазҵааит: "Уара ушԥазхәыцуеи?" — ҳәа. "Сара, Сергеи Уасил-иԥа ииҳәаз ауп исҳәо, саргьы ус ауп сшазхәыцуа" — иҳәеит. Медведев дааччан: "Ус шышәҳәоз здыруан, амала аинформациа џьара имцааит, шәазхаҳҵоит", — ҳәа реиҳәеит.

- Шәара ишԥашәаҳаи раԥхьа ас еиԥш иҟаз ажәабжь, насгьы ахҭысқәа рыгәҭаны шәгылан, ишԥамҩаԥысуаз?

Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изкыз сархив шәҟәык алҵоит ҳәа сгәы иабомыз

— Сергеи Багаԥшь даныгьежь, ауха ҵхыбжьон, асааҭ ҩба реиԥш аҭел дысзасит. "Ҳаиқәшәап"- иҳәан, ҳаиқәшәеит. "Мчыбжьык сара сыԥжәоит исзычҳауам, амала суҳәоит аӡәгьы иаумҳәан, ҳазхарҵоит" — иҳәеит. Хымш-ԥшьымш анааҵы Москваҟа иҳаԥхьеит. Раԥхьа Асовет Федерациаҿы, нас аҳәынҭқарратә думаҿы аизарақәа ҟарҵеит ари аус иалацәажәарц азы. Москва ҳаннеи иаҳԥылеит аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа раҳасаб ала ишахәҭаз. Ақәгыларақәа ҳаман, ҳҽазыҟаҳҵон. Сергеи аҷыдара бзиақәа иман, иқәгыларақәа иҩуан, аха уи нас наҟ ԥхьакны дцәажәон, уи ажәлар даара иргәаԥхон. Асовет Федерациаҿы усҟан еиҳабыс иҟаз ажәахә ҟаиҵеит, адепутатцәа ықәгылеит, Багаԥшьи Кокоиты ықәгылеит, ақәҵара шьҭырхит зегьы-зегьы еицҿакны —Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи азхаҵатәуп ҳәа. Гасиев ҳәа дыҟан, Аахыҵ-Уаԥстәыла апарламент аиҳабы 83 шықәса ихыҵуан. Аизара анынҵәа, уажәшьҭа амассатә информациа ахархәагақәа рахь ҳцәырҵыр акәын, аха иара дызгылом рыцҳа дтәоуп. Нас сара саанҿасит, сааизыԥшит. Снапы ааникылан: "Нугзар, абри сара сахьӡама уара, сара соума ара итәоу?.." — ҳәа дсазҵааит. Нхыҵ-Уаԥстәылатәи апарламент аиҳабы лакәзар, уи аҵәыуара далагеит, ҩсааҭк даҳзаҟәыхуамызт. Уантә ҳашиашаз зегьы Думаҿы ҳааит. Даара ауаа рацәаҩын еизаз. 445-ҩык рыбжьы ахьырҭиуаз, зегьы еицҿакны азхаҵара иадгылеит. Ус иҟоу азҵаара Асовет Федерациаҿгьы, Думаҿгьы аӡә дахьаҿамгылац цәырымҵӡац. Уагьы ақәгыларақәа даара ибзиан. Дума аиҳабы хаҭала иҟаиҵеит ажәахә, Островскигьы убас, рнапы еинҟьаны ҳрыдыркылеит, акыраамҭа ҳрышьҭуамызт. Адырҩаҽны шьыжьымҭанынӡа Москва ҳаҟан, уи аҽны адумаҿы ҳшыҟаз иҳархәлеит, ҳаурмышьҭит, асасааирҭаҿгьы аԥсшьаха уаҩы иҳаиҭомызт, ҳаргьы ҳашьҭалан ҳазмыцәар ҟаларын аха… Апрезидент иусԥҟа ыҟаӡам, иара ара Шәача дыҟан. Адырҩаҽны шьжьымҭан аҳаирплан ала Шәача ҳааит. Шәача дыҟан Приднестровиа ахада Смирнов. Сергеи убриаҟара агәыбылра, ауаҩра илан, арахь Аԥсны иаҳзыԥшуп, асааҭ хԥа рзы акы шырҳәо ҳдыруеит, ҳахьӡароуп, аха "абри ҳивсны ҳцар иԥшӡам, игәы каҳауеит"- иҳәан иара иахь ҳаигеит. Ҳаидтәаланы ҳаицәажәеит, игәы ҟаҳҵеит, ихы ҟаҳҵеит. Ҳара ҳазхарҵоит, иара иҳәынҭқарра ахьазхарымҵоз даара игәы инархьуан. Уантәи ҳдәықәлеит арахь. Ешыра хыхь ҳанааиуаз уажәшьҭа асааҭ хԥа иазааигәахон, Жора Гәлиа аҭел изасра салагеит, нас Кремль имҩаԥысуаз аҭакԥхықәра зцыз аусқәа инапы ианын, Интерфакс аҿы аус иуан. Жәантә раҟара "да, да"- ҳәа ибжьы гон дгәырӷьаҵәа, нас ҳаззасуаз имдыруаз. Сергеи Багаԥшь икабинет аҿы ҳагьынхалеит, Медведев телехәаԥшрала ацәажәара дналагеит. Уи аҽны имҩаԥысуаз ажәлар ирбеит, ирдыруеит. Уԥсҭазаара зегьы узышьҭо, уззықәԥо, узҿу, уԥсы зқәуҵо уск аныҟалалак еиҳау иарбан?! Жәаминуҭк раҟара акагь сымбаӡеит, сыҩныцҟа убриаҟара ацәанырра рацәаны иаман ари ахҭыс, уи ҳаидызкылоз акакәын.