Нугзар Ашәба: ҳакәша-мыкәша имҩасуа ахҭысқәа блаҵарыла азнеира аҭахыуп

© SputnikНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 21, даара ихьанҭоу, игәыҭшьаагоу мшуп аԥсуа жәлар рзы. Ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых, хымԥада ирдыруазароуп еизҳауа абиԥарақәа. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит аамҭаказы арепатриациазы аҳәынҭкарратә еилакы напхгара азҭоз Нугзар Ашәба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурых шаҳаҭра ауеит, ахҵәара иақәшәаз Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа ирыԥгылаз агәаҟра цәгьақәа ирзымиааикәа аӡәырҩы рыԥсҭазаара ишалҵыз. Ари зычҳара уадаҩхаз хьаа ӷәӷәоуп. Лаҵарамза 21, даара ихьанҭоу, игәыҭшьаагоу мшуп аԥсуа жәлар рзы. Ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых, хымԥада ирдыруазароуп еизҳауа абиԥарақәа. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит,  аамҭаказы арепатриациазы аҳәынҭкарратә еилакы напхгара азҭоз Нугзар Ашәба.

Госкомитет Республики Абхазия по репатриации - Sputnik Аҧсны
Қәҭарба: арепатриациа аилак Аԥсни ҳџьынџьуааи рыбжьара иҟоу цҳауп

"Сара, еснагь сазҿлымҳан, саԥхьон ари аҩыза арыцҳара зыхҟьаз ҳәа аҵарауаа ирыҩуаз ашәҟәқәа. Уи ҳара ҳажәлар рзеиԥш, Кавказ ажәларқәа рзы, еиҳау трагедиак ыҟам", — ҳәа азгәеиҭоит Нугзар Ашәба.

Ашәба игәалаиршәоит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ихҵәаз-ихыԥсааз, агәаҟра цәгьа зхызгаз ҳауаажәлар еиҳагьы ишырнырыз амҳаџьырра аҵакы.

"Аибашьра анцоз шықәсык инацны, ҳаҩнқәа рҿы ҳаҟаӡамызт. Ҳара убасҟан еиҳа еилаҳкаазар ҟалап уи ҵакыс иамаз. Аха, зегь акоуп усҟан ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаҟан. Егьырҭ зынӡагьы иахьцоз рыздырӡомызт, азин змам уааны адунеи иқәхеит", — иҳәоит ҳзыҿцәажәаз.

Иара убас, Нугзар Ашәба ҿырԥшыс иааигоит ачечен жәлар. Аҵыхәтәантәи реибашьраҿы аурысқәеи дареи, Кадыров ҩыџьа хҩы идыргыланы иҟарҵаз аус.

"Ачечен жәлар еиқәдырхеит, иахьа икәаԥӡа иҟоуп, русгьы ыҟоуп, рылшагьы ыҟоуп, зегь раԥхьа игылоу рхыԥхьаӡара ацлара иаҿуп. Ахыԥхьаӡара ианацла, уи даара мал дууп аҳәынҭқарразы. Уи еиҳау мал ыҟаӡам", — ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.

Зны-зынла ужәлар еиқәурхарц азы ахыларҟәра аҭахызар ҟалап ҳәа иԥхьаӡоит иара.

"Уи ус ҳҳәоит ҳара, иарбану ҳхы лаҳарҟәраны ҳзыҟаз аӡәы иҿаԥхьа ҳәа. Ҳхы хәыҷык илаҳарҟәыр, ушьҭан перспективак ҳазхәыцны ҳхы ҳҩахар еиҳа еиӷьуп. Адунеи ҳаԥсаҟьаны ҳалаԥсоуп, Анцәа ила хәыҷык ҳаиқәхазшәа ҳаҟоуп, аха наҟ-наҟ даҽа шәышықәса рышьҭахь иҟалоу ҳаздырӡом", — аҭоурых ашьҭа дазхьаԥшуа дцәажәон Нугзар Ашәба.

Иара дызлазхәыцуа ала, усҟантәи аамҭазы иҟаларын аилибамкаара, ачарҳәарақәа, аибаҭирақәа ыҟазҭгьы.

Президент встретился с главой комитета по репатриации - Sputnik Аҧсны
Дбар: арепатриациазы аилак 25-шықәса ахыҵра иазку апрограмма хиоуп

"Абарҭқәа зегьы цқьа ирызхәыцны, махәҿа ӷәӷәала аус ҟазҵоз ауаа ҳмоуӡеит убасҟан. Уи акәым, иара аԥсуаа рыҩныҵҟагьы аибаҭирақәа ҟалеит. Аԥсуаа мацара ҳакәӡам, егьырҭ ажәларқәагьы ус рыхьит. Аха ҳара ҳтәы ҳара иаҳҳәоит. Адыгаа ртәы сара исызҳәом ара, аха убарҭгьы ирыхьыз уи ауп, абри ҳара ишԥыкәу аӡә даҳхатәаны ишԥаҳачҳауеи ҳҳәеит, аха иахьа ус иҟазаргьы, уаҵәы уи иҭыԥ ақәҵашьа ҳақәшәазҭгьы еиҳа иҟәышран, умилаҭ реиқәырхара улшеит ауп иаанагоз", — ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.

Аҳәынҭқарра иамоу ашәарҭадара ауаа роуп, ажәлар маҷқәа еснагь ашәарҭара иҭагылоуп. Уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳаҩныҵҟа иҟамлар ауп.

"Ҳара ҳрацәаҩызҭгьы, миллионбжак рҟынӡа ҳаҟазҭгьы, ақырҭқәагьы ҳара иҳақәлаӡомызт. Ҳатәамбаӡакәа иҳақәлеит, избанзар ҳашмаҷыз рбеит. Егьа уҟәышзаргы, ухыԥхьаӡара маҷзар, ани аҟәышра зегьынџьара амч анамам ыҟоуп. Амч умазар, улшара ыҟазар, аӡә даауыдыӷәӷәаларгьы, акагь изыҟаҵом", — иҳәоит Ашәба.

Ҳакәша-мыкәша имҩасуа ахҭысқәа зегьы азҿлымҳара аҭахыуп, блаҵарыла, хшыҩзцарыла азнеира аҭахәуп ҳәа иԥхьаӡоит Нугзар Ашәба.

"Ҳгәы иахәо иамыхәо иаҳзаанагақәаз ыҟоуп Урыстәыла. Иахьа, ҳбызшәала ҳцәажәозар, ҳаҩуазар, ҳаԥхьозар, аурысқәа ирылшаз даара акрыҟоуп. Иахьатәи ҳара ҳҭынчра аҟынгьы урҭ ҳадгылеит, аха урҭ ҳанрацәажәогьы, даргьы ирдыруазароуп, ҳаргьы иаҳдыруазароуп аҭоурых ҳазлыҵыз, ҳазхысыз, иҟаԥшьу аҳәаақәа азгәаҳҭалароуп зегьы"-ҳәа иԥхьаӡоит Ашәба.

Аҳәынҭқаррақәа рыбжьара даара ашәарҭарақәа рацәаны иҟоуп. Аҳәынҭқар дуқәа рзы, ажәлар дуқәа рзы ишәарҭазар, ҳара ажәлар хәыҷкәа ҳзы еиҳагьы ишәарҭоуп.

"Даҽа хлымӡаахк уаҳа ҳажәлар ақәымшәааит. Идуу ажәларқәа, имаҷу ажәларқәа ирҳәо уиаҟара ианазымхәыцуа ыҟоуп, аха убригьы рхы иҭагаланы, ахәыцра зылшо, аҵара змоу рҟынӡа анагашьа иақәшәо иҟаҵатәуп", — дцәажәон Нугзар Ашәба.

Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

Иара излазгәаиҭо ала, иахьа аԥсуа жәлар хар рымаӡамкәа иҟоуп. Ҳара ҳхы ҳгәаԥхаратәы, ҩнапыкла аус ҳкыр, ҳусгьы ҟалоит, ҳекономикагьы ҟалоит, ҳбызшәагьы ԥшӡаӡа иҳамоуп.

"Абызшәақәа рацәаны рзыӡырҩра бзиа избоит. Ҳбызшәа зны-зынла даара ихьанҭоуп ҳҳәоит, аха ҳара аԥсуаа ҳбызшәала иааҳҭахәу зегьы, ҳгәы иаанаго зегьы ҳҳәар ҳалшоит. Уи ҳара ҳбызшәа абеиара ауп изыбзоуроу"-иҳәеит ахатәы бызшәа дазааҭгыло иара.

Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, Нугзар Ашәба, ҳажәлар аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит.

"Ҳара ҳауаажәлар амалгьы дырҳароуп, ахшыҩгьы дырҳароуп. Зегь раԥхьагьы иҳаргылароуп аҵара. Аҵара ҳҵар, ҳусқәагьы ҟалоит, Аԥсынрагьы, ҳымԥада еиқәхоит, уаҳа даҽа мҩак ҳамаӡам, ҳажәларгьы рызҳауеит, адунеи ҳадыруагьы ҳҟалоит иҵегьы, хымԥада, апотенциал бзиа ҳамоуп уи азы. Ҳажәлар уаҳа цәгьара рзааумган", — ҳәа азгәеиҭеит Нугзар Ашәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0