Нан Дуи Нан Хәыҷи: аԥсуаа Нанҳәа ишаԥыло

Оҭҳара ақыҭан итрадициатәу ԥсыуа ҭаацәарак рҿы Нанҳәа шазгәарҭо ҳзеиҭалҳәеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Шарԥазӡа инаркны Нан Дуи Нан Хәыҷи еивагьежьуа аишәа архиара иаҿуп. Ас еиԥш ахьыӡшьара зырҭаз Оҭҳара ақыҭа инхо аицалацәа Ира Қапԥҳаи Лиуда Жьиԥҳаи роуп. Абысҭа, акәац, акәтыжь, ачашә, аҿамаҿа – ажь, алаҳа, аџьықәреи уҳәа аишәа акы агмыжькәа идыргылоит, урҭ реиҳабацәа рҟынтәи ишырбахьаз еиԥш. Нанҳәа аԥсцәа ирызкны иҟарҵо аишәа ауп рҳәоит дара, убри аҟнытә ахылҩа-ԥсылҩа зхылҵуа, иԥхоу афатәқәа рықәыргылара араҟа ихадароуп: уи аҳалуа, ақашь, аилаџь. Иара убасгьы аишәа иқәдыргылоит ацхаӡҩа, ахарҵәы, ачаҳаржәқәа. 

Нанҳәа: итрадициатәу аԥсуа ныҳәара амҩаԥгашьеи аҵаки

"Нанҳәа аишәаргылара иатәуп. Иҳалшо ала аишәа ҳархиоит: шәырхкыс иҟоу зегьы ықәаҳҵоит, абысҭа ҳуеит. Ишахәҭоу аԥсцәа рхәы раҳҭоит. Ауаҩԥсы дтәоушәа, абас досу раԥхьа рхәы ықәыргыланы, абас ҳара акраҳфозар еиԥш, заҟаҩ аԥсцәа ҳамоу рхәы ықәҳаргылоит, хазы-хазы зегьы, аҵәца инаркны, убас иқәҳаргылоит. Шьоукы ҿахрак ауп иқәдыргыло, уи азхоит ҳәа, ус ииашаӡам. Сара санхәа ишыслырбаз еиԥш абас иҟасҵоит", — лҳәеит аицала еиҵбы Лиуда Жьиԥҳа. 

Дара аишәа "иадтәалоу" ирхагьежьуа рымаҵ руеит акы ықәҵо, акы ықәхуа, аҩы, аӡы наҳауа. Нан хәыҷы (Лиуда Жьиԥҳа) ашә аартны, иԥсхьоу зегьы (аҩнаҭа иатәу лара дызхаану) ааԥхьаны, "рнапқәа дырӡәӡәаны" илыртәеит. Нас лымпахьшьы сқамк ахы инықәлыршәын, Нан Дуи (Ира Қапԥҳа) лареи аишәа "иадтәалоу" ирхагьежьуа рымаҵ аура иалагеит, аҩы, ауатка рзырнаҳауа, рчанах ак нанҵо.

Нан Дуи Нан Хәыҷи: аԥсуаа Нанҳәа ишаԥыло

"Аӡы каҭәаны, мпахьшьыла, абас, ауаҩԥсы дантәо, инапы аниӡәӡәо ибырбошәа еиԥш, сқамцыԥхьаӡа ампахьшьы нарымҵакны, асаара инышьҭарсны, абас иҟаҳҵоит. Ԥыҭк ҳааԥшуеит, нас абанҭ иқәгылақәоу рызегь агьама аԥшәма илбароуп", — ҳәа азгәалҭеит аицала еиҳабы Ира Қапԥҳа.

Аицалацәа аишәа дыргылонаҵы аҩнаҭаҿы егьырҭ иҟоу рыбжьы мыргаӡакәа насҭха итәаны ирзыԥшуеит, "убжьы урдуур, аԥсы дшәар ҟалоит, даргәаауеит" рҳәоит. 

Барбанџьиа, аӡырыҩра, анасыԥ аԥшра - Нанҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа

Иара убас, Лиуда Жьиԥҳа ишҳалҳәаз ала, аҩнаҭа иатәу рыдагьы, ахьыԥшы ихәы ҳәагьы аишәа аҵыхәахьшәа иқәдыргылоит. Уи зыхҟьаз ҳәагьы еиҭалҳәоит абас:

"Аишәа ҳмыргылози ҳара есышықәса, ари ҳабду иашьа иаҿыганы хазы дынхон, абас, аишәа ахәы ҳәа агьиоуамызт. Абри ҳаишәаргылара иақәыршәаны, ԥхыӡырла ҳгәыла хаҵа ибоит, аџьмақәа анеицу еиԥш, ахәы еимаркуеит аԥсцәа – ахәы змаузи ҳара ҳтәқәеи. Абас аниба нахыс, ахьыԥшы ихәы ҳәа унахан иқәыргыл ҳәа сыԥшәма иарҳәан, убри нахыс абас салагеит ақәыргылара".

Хьыԥшы-ҿыԥшы ӡәыр дыҟазар, зегьы шьҭа рызхара рфеит аныргәахәлак ашьҭахь аҭаацәа зегьы аӡәаӡәала инеины аӡы, аҩы, ауатка хырҭәалоит, ацәа (ацәашьы) акәасҭӷақәа инрықәрыԥсоит, уи ахылҩаԥсылҩа афҩы аҩны иҩнанаҵартә еиԥш. Нас аиҳабы афатәқәа иқәгылоу зегь рыхкы хәыҷык-хәыҷык нарымхны, чанахк инанҵаны, арыжәтәқәагьы убас акы инҭаҭәаны анышәынҭрақәа ахьыҟоу иганы икалҭәоит. 

"Рызегь, ахышәҭмышәҭ иҟоу зегьы ҿаҵак-ҿаҵак нарымхны, чанахк инанҵаны, аџьыкхыш ақәырҳәҳәны, аҩы, ауаткагьы убас, изго аиҳабы сара соуп, "арахь шәхьамԥшын, иныҟаҳҵо-иааҟаҳҵо зегьы рзы ҳашәзыразуп, бзиала шәаҳхылаԥшла" ҳәаны, арахь ааигәа акәымкәа, анахьхьи иганы икасҭәоит", — лҳәеит Нан Ду (Ира Қапԥҳа).

Игьежьны ианааилак, аишәеи асқами дырҵысуеит, ампахьшьы ршәшәаны инаскьаргошәа ааҟарҵоит, ашәгьы хынтә иаркны иаадыртуа иҟарҵоит. Уи ашьҭахь ачанахқәа ԥсахны инықәдыргылоит, хәыҷи-дуи аҭаацәа зегьы неидтәалоит.

Нанҳәа аҭоурых атәы уҳәозар, Н.С. Џьанашиа игәаанагарала, ан лымш ("нан" — ан, "ҳәа" — а́́ҳәара аҟынтәи) аанагоит. Уи ишиҩуа ала, ари аҽны аԥҳәыс "цқьа" (аиҳабы) ачашә ҟаҵаны, арбаӷь ашьа каҭәаны, лҭаацәа раԥхьа днагыланы ауҭрахь ицоит. Уаҟа изызҳауа ауҭраҭых (анаша) аԥхьа ршьамхы ларсны Нан илыҳәоит: "Нан ду, акыр зымчу, ҳбыҳәоит, ажәҩан аҿы аеҵәақәа шырацәоу еиԥш, аҿиара ҳаҭ!" ҳәа. Егьырҭ "Амин" рҳәоит. Нанҳәа зызку ауаҩы иҿиара аизҳара ауп ҳәа азгәаиҭоит иара.