Аҭацаагарашәа "Радеда" шыҟалаз

Аҭацаагарашәа "Радеда" аҭоурых дагәылаԥшны иаҳзеиҭалҳәеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳажәлар енагь ирыцын ажәеи ашәеи. Ажәа хшыҩрҵаган, ашәа акәзар — ианыԥшуан агәырӷьара, афырхаҵара, агәҭыха, агәырҩа. Убас агәырӷьареи аҿиареи ирсимволны аԥсуаа рҟны инарыгӡоз ашәан аҭацаагарашәа "Радеда". Ишәмаҳацкәа шәыҟам ари ашәа аӡбахә. Ажәытә аҭаца данааргоз хәылбыҽхала акәын. Амза шәахәақәа лықәыҷҷо, аҭацаагацәа аҭацаагарашәа "Радеда",  ма "Уа, Радеда Мофа" лыхҳәаауа агәараҭа дҭаргалон. "Радеда" — аҭаацаагарашәа, агәырӷьарашәа ҳәа иршьон. 

Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

Ари ашәа аҵарауаа аӡәырҩы шазааҭгылахьоугьы, иахьа уажәраанӡагь уи ахылҵшьҭра цқьа еилкаам. Аха ақыҭақәа рҟны ианҵаз афольклортә материалқәа рыбзоурала, иҟауҵар ауеит алкаа, "Радеда" аԥхьа абзиабареи агәаҟреи ируазашәаны ишцәырҵыз. Уи агәра удыргоит иахьанӡа еиқәхаз алегендақәа.

Афольклорист Валентин Каӷәаниа Дәрыԥшь ақыҭан ианиҵаз алегендаҿы ус аҳәоит:

"Радеи Дедеи хатәы хьыӡқәоуп, бзиа еибабоз аҷкәыни аӡӷаби ракәын. Аҷкәын Деда аибашьра дахьцаз дҭахеит. Аӡӷаб Рада дизҳәаны дтәан, ачарагьы аҿҳәара ԥырҵәахьан, иара дрыманы ишаауаз, Рада даарԥылеит. Данынаихәаԥш, иаԥхьала ахы иқәшәаны дыҟан. Ларгьы ахәшә лымазаарын, убраҵәҟьа лҽылшьит. Нас, Бзыԥ аарцәҟа акәын иахьеибашьуаз. Нырцәҟа аԥсцәа рзырымгеит, Бзыԥ хыҽҽаны ицон. Ари Рада лан ианлаҳа, "Диида, Рада диида!" – ҳәа дыҳәҳәон. Изаҳаз зегьы "Рада, диида!" – ҳәа ишьҭырхт". Радеи Дедеи рыхьӡқәа ирхылҿиааит "Радеда".

Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Аизга "Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. VII атом" аҟнытә иаагоу афольклорист Цира Габниаԥҳа ланҵамҭала, Аԥсны инхоз аҳак ԥҳа ссирк диман. Аԥсны ҷкәынс иҟаз зегь аҳ иԥҳа илышьҭан, аха дриҭомызт. Ауаа ирылеиҳәеит "Сыԥҳа зегь реиҳа зҽы зырхәмарыз, зегь реиҳа икәашаз, зҽы ырхәмарны, амацәаз аҵӷа ԥызҵәаз дисҭоит" ҳәа. Ари зылшаз арԥыс аԥҳәызба дҳәаны дышизтәаз нхыҵ Ашәынтәи иааз џьоукы даамҵарсны амҩа иқәлеит. Уи иара ианиаҳа, дрышьҭалан дрыхьӡаны (дара фҩык ыҟан) афҩыкгьы ишьит. Днеин аҳ иԥҳа даашьҭыхны дандәықәла, ихәны ишьҭаз аӡәы дааиеихысын, иҷапан иҭашәеит. Дылҽыжәԥан иеихсыз дишьит, ихҭырԥала ихәра ҿаҳәаны аҳ иԥҳа дирхынҳәит. Иара аҩныҟа дцеит. Аҩны данынаӡа ихҭырԥа анааԥирты, дыԥсит. "Аҳ, умаҳә дыԥсит!" – ҳәа аниарҳәа, уи иԥҳа ишаалаҳаз еиԥшҵәҟьа уа лгәы ԥжәаны дыԥсит. Даарган иара диваржит. Данааргоз "Радеда Мофа" рҳәон иӷызуа. Абри ауп изыхҟьаз "Радеда Мофа". Аҳ иԥҳа Мофа лыхьӡын". 

Иазгәаҭатәуп, аҭацаагацәа аҭаца лыҩн ҿыц ианазааигәахалак "Радеда" еиҳагьы рыбжьы ҭганы ирҳәон, уи иацырҳәон абыргцәагьы. Аҿар ракәзар, аҭаца игәырӷьаҵәа илԥылон. Абас имҩаԥысуан аҭаца агәараҭа лҭагалара. Уажә ас еиԥш иҟоу аҵас еиқәымхаӡеит, абыргцәа аҭаца ашәа лыхҳәаауа агәараҭа дҭаргало шамахамзар иубом. 

Иахьазы аҭаца ашҭа данҭаргало, ма ашьаԥа даныҵаргало иадырҳәоит иҭаҩны иҟоу "Радедашәа" иашьашәалоу ашәак. Аха уи ажәытәан абыргцәа рыбжьала инарыгӡоз ашәа иеиԥшым.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.