"Хаир", "Хыир, абзиара уанаҳәааит!": аԥсуаа еимсаз ауаҩы иарҳәо иазкны

Аԥсуаа ус ҵасс иҳамоуп, ҳзааигәа иҟоу аӡә деимсар иаразнак "Хаир", "Хыир, абзиара уанаҳәааит!" – ҳҳәоит, уи аҵас анцәырҵыз аамҭа ҳаздыруам, аха иахьанӡа иааӡеит.
Sputnik

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ауаҩ џьара жәабжьк анеиҭаиҳәо иазыӡырҩуа руаӡә деимсар "Хыир, абзиара уанаҳәааит! Исҳәаз иашоуп, уақәеимсеит", – иҳәоит. Зыԥсҭазаара иалҵхьоу иӡбахә ианалацәажәо аӡә деимсар "Хыир абзиара уанаҳәааит! Ҳа уаҳтәуп, анцәа уитәуп", – рҳәоит.

Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

Издыруа маҷӡоуп ҳажәлар рҟны "Хаир" иадҳәалоу алакә шыҟоу. Алакә абас иалагоит: Аԥсуаа аӡәы данеимсалак "хаир" рҳәауеит, аха уи рҿы мыӡәӡәакәа ирымҳәозаарын, ҵасым ҳәа ирыԥхьаӡон. Аҳак иуаажәлар иман дныҟәалон. Аҳ данҽыжәлалоз ицҽыжәлозгьы рацәаҩын, уи аҳ ус данҽыжәлауаз дахьцо иҳәаӡомызт. Ианыхәла аҳ џьара днымҩахыҵит, аха шаанӡа дгылан иҿы мыӡәӡәакәа дҽыжәылт, игәы иамыхәа здырхуада. Ани аҳ ицҽыжәыз рахьтә нхаҩык ҽабаак дақәтәаны дрышьҭан, уигьы аҳ схы игәасырԥхап ҳәа акәхап.

Аҳ амҩа дықәланы дышнеиуаз, ашьыжьымҭан амра иҩагылаз аниҿаԥха, (амра уҿаԥхар ус адыруеит) аҳ дареимсеит. Ицыз зегьы еибарыҩны инеин – Аҳ, уххьа аагеит, хаир! – ҳәа иарҳәеит, аха аҽабаа иақәтәаны ихыс – хысуа ирышьҭаз анхаҩы дымнеит.

Ус амҩа иқәны ишнеиуаз, амра акыр ианыҩхала, аҳ дәы ԥшӡак аҿы дынҽыжәҵит. Уа ӡыхь бзиак ыҟан. Аҳ аӡыхь аҿы днеин, иҿы ӡәӡәаны, ирбаны, днатәан аҭаҭын ахара дналагеит. Ус ани аҽабаа иақәтәазгьы днеин уигьы иҿы ӡәӡәаны, икалҭ ала иааирбеит. Нас аҳ дахьтәаз днеин, – Аҳ, уххь згеит, хаир! – иҳәеит.

– Иууазеи, хаир ҳәа зсауҳәазеи, смеимсаӡеитеи? – иҳәеит аҳ.

Шә-хык рахьынтә хык ақәшәоит: амреи амзеи атыҩ ианакуа имҩаԥырго аҵасқәа

– Аҳ ухаҵкы. Уажәы умеимсеит, аха ашьыжьымҭан уеимсан, аха усҟан уаргьы уҿы умыӡәӡәацызт, саргьы сҿы аӡы ақәсымҭәацызт, убри аҟнытә усҟан егьырҭ иуарҳәеит, аха сара иуасымҳәеит. Ҳабацәа уҿы ӡәӡәамкәа "хаир" умҳәан, ҵасым ҳәа рҳәо саҳахьан, убриазы ауп уажәы изуасҳәо! – иҳәеит анхаҩы.

– Иҭабуп, уара сара исываҟәало аӡә уакәзаап, аамсҭара усҭауеит, 25 десҭын адгьылгьы ацуп, – ҳәа аҳ ажәлар ицыз аарӡырҩны, иреиҳәеит.

Ҳаи, анышә ҳамандаз, ҳаргьы убас ҟаҳҵар аамысҭара ҳмауази зҳәазгьы рацәахеит, аха иабаҟахыз. (иаагоуп "Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. V атом")

Убас, анхаҩ ӷар аҳ "хаир" ҳәа ахьиаиҳәаз, аамысҭара лалԥаа игеит. Иԥсҭазаарагьы еиӷьхеит.