Арадио

Нанба Аҟәа агаразы аҵыхәтәантәи ажәылара иазкны: ҳаанызкылоз мчы ыҟамызт

Цәыбррамза 16 рзы излагаз Аҟәа агаразы ажәыларатә операциа шхацыркхаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьцәа рыштаб актәи абригада аиҳабы, Леон иорден занашьоу аинрал-маиор Закан Нанба.
Sputnik

"Абри амш азы ажәылара ҳцоит ҳәа аплан шьақәыргыланы аҟаҵара мацара иауӡом. Аибашьцәа ианаамҭо рдәықәҵарагьы акыр аҵанакуеит, уи аамҭа азыԥшаарагьы мариам. Иара аибашьра ахатә чымазарақәа амоуп. Асолдаҭ акоп данҭахацәа, нас иргылара цәгьахоит. Иацы амца зыцралоз игәы, иахьа ихьшәашәар ҟалоит. Убри аҟнытә ажәылара иарбан аамҭоу ианхацырктәу аӡбара акыр аҵанакуеит. Усҟан агоспитальқәа еиқәшәазар ауп, ахәшәқәеи ашьеи рыла. Амашьынақәа, аҽқәа уҳәа зегьы рыла умазеизар ауп. Аҵыхәтәантәи ажәылараан еибашьра ҳцаҵәҟьеит. Ҳаанызкылоз мчы ыҟамызт, ҳаилибакаауан зегьы", —  ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.