Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо Вадим (Мераб) Маан иабду Алескандр Маан далан "Аԥсуаа рышәҩы" ҳәа изышьҭоу адивизиа, иани иаби Карнети Матронеи Маанаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа иаветеранцәоуп, иара ихаҭа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы деибашьуан, иҷкәын Рашьыҭ иакәзар амилициа аҟны аус иуеит.
Sputnik

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа.

"Аԥсуаа рышәҩы"

Аԥсуа хаҵа — фырхаҵарылеи гәымшәарылеи иҭәу, зҟазшьа аиҿамсра алам хаҵоуп. Аҭоурых иадыруеит аԥсуаа ианаҭахха хьаҵра шыҟарымҵо, аӷа иҿаԥхьа рхы шыладмырҟәуа.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра амасштаб ду змаз раԥхьатәи еибашьран. Иара иаланагалеит 38 тәыла, усҟантәи аамҭазы иҟаз 59 ихьыԥшымыз атәылақәа рҟынтәи.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

1914 шықәса нанҳәа 9 рзы анапы аҵаҩын адҵа, Кавказтәи ар реилазаараҟны Ачерқьестә ҽылатә полк (асотниақәа ԥшьба рыла ишьақәгылоу) аиҿкааразы. Ачерқьестә ҽылатә полк асотниақәа ҩба Екатериноградтәии Маиҟәаԥтәии аҟәшақәа адыга милаҭ рыла ишьақәгылан, ахԥатәи асотниа – аҟарачқәа рыла, аԥшьбатәи асотниа – аԥсуаа рыла. 1914 шықәса цәыббра 22 рзы асотниа амҩа иқәлеит. Ачерқьестә ҽылатә полк алахәын 7-тәи, 8-тәи, 9-тәи ар имҩаԥыргоз аоперациақәа. 1916 шықәса рашәарамзазы 7-тәи ар ирылахәны, аӡиасқәа Стрынеи Днестри рраион иахьаҵанакуаз аурыс ир рқәылара иалахәны Брусиловск рнапахьы иааргеит.

"Аԥсуаа рышәҩы" Кавказтәи ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа зегь ааидкыланы ишырзырҳәоз "Адивизиа ццышә" (Дикая дивизия) ҳәа еиҳа ирдыруеит. Асеиԥш ахьӡ шамазгьы ари адивизиа еиҳа иреиӷьу ҳәа иазыԥхьаӡан. Иара раԥхьатәи акомандаҟаҵаҩыс дыҟан Николаи аҩбатәи иашьеиҵбы Михаил Александр-иԥа, нас адивизиа иара икорпус иалахәны еибашьуан.

Аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәыз реиҳараҩык руалԥшьа нарыгӡеит, ирывагылан еибашьуаз иҿырԥшыгангьы иҟан. Еицырдыруа "Аԥсуаа рышәҩы" аибашьцәа Кавказтәи ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа Ачерқьес полк иалахәны хатәгәаԥхарала еибашьуан.

"Аԥсуаа рышәҩы" ахьӡ ишаҳәо еиԥш акәымкәа, иара иалахәыз хыԥхьаӡарала акыр еиҳан, аамҭа-аамҭалагьы аҽаԥсахуан. "Аԥсуаа рышәҩы" далан Мгәыӡырхәатәи арԥыс Александр Маан. Рыцҳарас иҟоу, ари адивизиа  алахәылацәа рҭоурых еиҭоуҳәартә еиԥш инҭкааны иҭҵаам.

Александр Рашьыҭ-иԥа Маан аибашьраҟнытә даныхынҳә аҭаацәара аԥиҵеит. Аиҳабыратә абиԥара злаԥшыз аибашьра рыхшаара ацәырыхьчап ҳәа ирылшоз зегьы ҟарҵон. Аха, усҟан Александр Маан издыруамызт ихылҵшьҭра, иара ишьҭаиҵаз афырхаҵаратә уасхыр иақәнаҟәартә лахьынҵас ишроуаз.

Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

1941-1945 ашықәсқәа…

"Еибашьра уаҳа Анцәа иҟаумҵан" ҳәа шырҳәоугьы, аамҭа-аамҭала адунеи аҟны аибырххарақәеи, аизеилибамкаареи ирыхҟьаны аиҿагыларақәа, аибашьра иалагоит. Убас, 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи неибашьра дуӡӡа ианалага, Асовет ҳәынҭқарра ахьчараз хеигӡарак ҟамҵакәа аԥсуаа аӷа хәымга иҿагылеит. Ганха иаанымхеит хьӡи-ԥшеи згымыз Мгәыӡырхәа ақыҭа аҵеицәагьы. Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡахь ицеит 183-ҩык арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, изымхынҳәит 109-ҩык. Иҟоуп зынӡа иҭацәыз агәараҭақәа, иҿыцәааз ахәышҭаарақәа.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Асовет ҳәынҭқарра ахьчараз раԥхьатәи амш инаркны аибашьцәа днарывагылеит Александр иԥа — Карнет Маан. 1942 шықәса инадаркны, аҩбатәи Украинатәи ахысратә полк авзвод акомандир ицхырааҩыс дыҟан. 1942 шықәсазы Карнет Маан ахәра ӷәӷәа иоуит, уи иахҟьаны аҩныҟа дхынҳәуеит 1946 шықәсазы. Карнет Александ-иԥа Маан игәымшәразы ианашьоуп хыԥҳьаӡара рацәала аорденқәеи, амедалқәеи, аџьшьарақәеи.

Аибашьра ашьҭахь аҭаацәара далалоит Карнет Маан, ҩызас далихоит аибашьҩы — Матрона Гәынԥҳа.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Матрона Гәныԥҳа диит 1921 шықәса маи 22 рзы. Мгәыӡырхәа быжь-класск данрылга, далагеит ақыҭаҿтәи аклуб аҟны аусура, ус ахы анаркит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа. 1942 шықәса инаркны деибашьуан, дызлаз азениттә архәҭаҿы еимадаҩыс дыҟан. Матрона Ҭемыр-иԥҳа Гәынба –Маан иланашьоуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аорден аҩбатәи аҩаӡара, убас акыр амедалқәа.

Карнети Матронеи аибашьра ашьҭахь аҭынч ԥсҭазаара иазыхынҳәны ирылшеит, аҭаацәа ԥшӡа аԥҵара. Дара ирааӡеит хә-ҩык ахшаара: ҩыџьа аԥҳацәеи, х-ҩык аԥацәеи.

Аԥсҭазаара егьа иԥнашәазаргь анхара-анҵыра иаҿын Маанаа рҭаацәара, аха аамҭа ашықәс иара атәы ҟанаҵоит 1996 шықәсазы иԥсҭазаара далҵуеит Карнет Маан, жәашықәса рышьҭахь Матрона Гәынԥҳа.

Аибашьра еиҭа иԥнашәоит Маанаа рҭаацәара.

Аибашьра аџьамыӷәа цәгьа зхызгаз Карнет Алеқсандр-иԥеи Матрона Ҭемыр-иԥҳаи рыԥсы ахьынӡаҭаз еснагь Анцәа иҳәон рыхшаара аибашьра закәу димырбарц. Аха, Аԥсны иҵысыз Аџьынџьтәылатә еибашьра иахаанымхар амуит. Рыҷкәынцәа Вадими Иуреи абџьар иаҵагыланы аӷа иабашьуан.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Вадим (Мераб) Маан далан Мгәыӡырхәаа еидызкылоз, Фата Дбар напхгара зиҭоз абаталион, раԥхьатәи амшқәа инадыркны ари абаталион алахәылацәа ажәыларақәа зегьы ирылахәын. 1993 шықәсазы иуль мза 9 аҽны, Цугуровка ҳәа изышьҭоу аҳаракыра аҭырцәразы ажәылараан арҭҟәацга дахаԥжәеит Вадим, изшьапык ицәыӡит. Аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵаразы ианашьоуп "Агәымшәразы" амедал.

Аҵеира …

Аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь афырхаҵара згым Маанаа ргәараҭаҟны диит Вадим иԥа — Рашьыҭ Маан, иара иахьа амилициа аҟны аус иуеит, алеитенант ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Шықәсык аԥхьа, Вадим Маан иҷкәын Рашьыҭ аҭаацәара далалеит, агәараҭаҟны аҵеи иира иазыԥшуп.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Александр Маан, Карнети Матрони Маанаа, Вадим Маани рхылҵшьҭра зегьы рҭаацәаратә фырхаҵара иазгәыдууп.