Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

© SputnikПас Гәбаз.
Пас Гәбаз. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азеиԥш џьынџь ахьчаразы еибашьуаз, аха хабарда ибжьаӡыз аԥсуа еибашьҩы Пас Гәбаз иҭоурых еиҭалҳәоит имоҭа, Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Малс исымоу шәара шәоуп

Азеиԥш џьынџь ахьчаразы Аԥснынтәи 17 430-ҩык аибашьра хлымӡаах рыԥсы ахҭнырҵеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 334-ҩык Мгәыӡырхәаа аҵеицәа.

Схәыҷаахыс санду Замира Гәбазԥҳа лҟынтә исаҳауан "малс исымоу шәара шәоуп" ҳәа, изхылҳәаауаз сзеилкаауамызт, аха саныҩеидыс еилыскааит. Рыцҳарас иҟалаз, санду лхала лоуп иҟоу, аиашьцәеи аиаҳәшьцәеи агәакьақәа лымаӡам, лара лҭаацәара аибашьра дуӡӡа ахәра ду аннаҵеит.

Ҳагба Иасон Сиҭ-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран. - Sputnik Аҧсны
Смоленсктәи аибашьра. Аԥсуа ветеран Иасон Ҳагба иҭоурых

1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аналага, 18 шықәса зхымҵыцыз, ааигәа аҭаацәара иалалаз Пас Џьгәанаҭ-иԥа Гәбаз аибашьцәа днарывагылеит. Усҟан иара издыруамызт иԥшәмаԥҳәыс Царԥица Шугенԥҳа ахшара лцәа дшалашәахьаз. Санду лаб Пас Гәбаз Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа аҟны хабарда дыбжьаӡит, аҭаацәаратә ԥхарра иамоу агәыбылра икаанӡа. Иара иеибашьратә мҩа дуумызт.

Пас Гәбаз Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҿынтә Қарҭҟа ддәықәҵан, уи анаҩс аибашьра амцашыра далагылан. Санду лашьа ишеигәалашәоз ала, Пас Гәбаз деибашьуан Кавказ ахьчаразы ахырӷәӷәарҭақәа рыҟны. Уи анаҩс, 1942 шықәсазы далахәын Севостопальтәи ажәылара, Ҟрым аҭырцәра. 1943 шықәсазы аԥсуа еибашьҩы Пас Гәбаз Сталинград ақалақь аҟны хабарда дыбжьаӡит.

Уи аамҭазы Аԥсны…

1942 шықәсазы абҵарамза 2 аҽны Мгәыӡырхәа ақыҭан Гәбаз Пас иҭаацәараҟны диит аҵеи. Пас иԥшәмаԥҳәыс Царԥица Шугенԥҳа ҩымыз лхыҵуан лхаҵа еибашьра данцоз. Царԥица ланхәԥҳацәеи лареи Пас аибашьра аҟынтә иизԥшын, драаӡон агәараҭа зхьыԥшыз ахәыҷы.

1945 шықәсазы, Аиааира ду ашьҭахь Гәбазаа рҭаацәара ирзааит ашәаџьҳәаратә бӷьыц. Аха Царԥица Шугенԥҳа ихалҵомызт лхаҵа иҭахара.

"Аибашьра еилгеит, сара исызҳауан, сан егьа аџьабаа лбазаргьы слааӡеит. Аибашьра анеилга ашьҭахьгьы акыр шықәса дизаԥшын саб, ихалҵомызт иара дҭахеит ҳәа. "Иԥсыбаҩ сымбакәа исызхаҵом"  лҳәон лара лыԥсы ахьынӡаҭаз", — лҳәеит санду урҭ аамҭақәа лгәаларшәо.

Аибашьра ашьҭахь, Царԥица Шугенԥҳа лхаҵа ихабар ҳәа акыр лаҳауазар ҳәа Қарҭтәи арратә комиссариат ахь акырынтә ашәҟәқәа лыҩхьан. Аха иԥсырҭа-ижырҭа ҳәа акгьы нҭкааны иларҳәомызт.

© Фото : предоставлено Радой АжибаЦарпица Шуген-Губаз
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Царпица Шуген-Губаз

"Гәбаз Пас Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҟны 1943 шықәсазы хабарда дыбжьаӡит, ижырҭа ҳәа акгьы ҳаздыруам ҳәа иаауан ашәҟәқәа", — лҳәеит санду Замира Гәбазԥҳа.

Пас Гәбаз ихылҵшьҭра…

Аамҭа цон, Пас Гәбаз иԥҳа лызҳаит, аҭаацәара далалеит. Замира Гәбазԥҳа лыԥсҭазаара лыцеиҩишеит Франц Григолиа, дара ирыхшеит быжь-ҩык ахшаара. Замира дахьыҟазаалак лаб иеибашьратә мҩа аилкаара дашьҭан.

"Есышықәса Аиааира ду амш азгәаҭараан џьара саб ихьыӡ саҳауазар ҳәа сгәаҟуан, аха сан еилылкаахьаз ианахыҳәҳәанны акгьы сзеилкаауамызт", — ацылҵеит лара.

Аԥсны аинтернет ахархәара ианалага, Замира лмоҭацәа лыцырхрааны актәи аканал ала ицоз адырраҭара "Жди мениа" ахь изныкымкәа аҳәара рышьҭхьан иԥшаара алҵуазар ҳәа, аха аҭак ҳәа акгьы ыҟамызт акыр аамҭа. Ус шықәсқәак рышьҭахь, Мгәыӡырхәа инхо Даҭикәа Ӡаԥшьба иҭаацәаратә ҭоурых дшашьҭаз, Украина ақыҭақәа руак аҟны, абаҟаҿы ахаҳә ианын "абраҟа Гәбаз.. Аԥсны…Мгәыӡырхәа…  дҭахеит 1943 шықәсазы" ҳәа. Иара дшааиз еиԥш Аԥсныҟа, адырра лиҭеит санду, уи лаб итоурых дшашьҭаз ала аҳасаб азуны.

© предоставлено Радой АжибаГубаз Замира Пасовна
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Губаз Замира Пасовна

"Гәбаз ҳәа ианыз ихьыӡ ҳәамызт уи абаҟаҟны, убри аҟнытә саб иоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәаны исзыҳәом, избанзар Гәбазаа Мгәыӡырхәантәи еибашьуаз рхыԥхьаӡара рацәоуп", — лҳәоит 73 шықәса зхыҵуа Пас иԥҳа Замира.

Иахьазы, Замира Гәбазԥҳа аамҭа егьа агәырҩеи ахьааи лзаанагазаргьы, аибашьра ду лаб иҭаацәеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра лара лхатәы ҭаацәареи ахәра лнаҭазаргьы дрылагәырӷьоит 12-ҩык лмаҭацәеит, урҭ ирыхшааз фҩык рхәыҷқәеи. Заб иҭоурых инҭкааны издырыр, еилызкаарц зҭахыу Замира Гәбазԥҳа лгәыӷрақәа рыдылҳәалоит лмоҭацәа, урҭ мышкызны ранду лаб иҭоурых еилыркаап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0