Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Изахьӡузеи "аглахьа ("агылхьа") ҳәа иҟоу аныҳәара, насгьы иабантәиаауеи уи аҭоурых ҳәа азҵаара ықәургылозар иахьатәи анацәа рҿаҧхьа – уи аҭак здыруа маҷӡоуп (издыруагьы шәҟәыла изыҧхьахьо акоуп). Аиҳабыратәи абиҧарақәа ари ақьабз ҳәарада иаҳа ирдыруеит, иргәалашәоит, аха иара дара урҭ рыбжьарагьы даҽа ныҳәарақәаки иареи ("ажьаҳареи" "адәныҟеи" реиҧш иҟоу) ирыладырҩашьоит, еилаҵаны ирҳәоит.
Аха изеиларҵои ҳәагьы гәыбӷан узрыҭаӡом, избанзар урҭ рыхҧагь еидҳәалоуп, аки-аки еихылҿиаауа иаауеит ("ажьаҳара" — аҭаца аҩнду ахь лнагареи "лжьы азҳареи" иазкны имҩаҧырго ныҳәоуп, "адәныҟа" — ахәыҷы иныҳәара "адәны иҟоу" рылаҧш иҧырхагамхаразы, "аглахьа" — аҧҳәыс хшара дзауз лыргылара. Ари аҵыхәтәантәи алацәажәарахь ҳаиасаанӡа ҳазааҭгылап зцәа зтәым аҧҳәыс илыдыркыло, дзықәныҟәалаша азгәаҭарақәа ртәы.
Иҟамзар ҟалап жәларыкгьы зцәа зтәым аҧҳәыс "рнапы дықәыргылан" дахьырымбо. Аҧсуаа рҿгьы уи лымкаала илхылаҧшуеит, алаҧш цәгьа дацәырыхьчоит, ус хьанҭак лдырҟаҵаӡом, илеиҷаҳауеит. Зцәа зтәымыз аҧҳәыс иахьынӡазалшоз лҭагылазаашьа лҵәахуан, иҧхашьаран ахацәа рҿы ацәырҵра, аиҳаракгьы лабхәа иҿы.
Ирацәоуп жәлар разгәаҭарақәа зыбаҩ зтәым аҧҳәыс иҟалҵар иҟало-иҟамло иазкны: амра анҭашәалак ашьҭахь адәахьы адәылҵра лҽацәылыхьчон, амца аҭәҳәара бзиаӡам рҳәоит, ахаҳә, ма ашәындыҟәракгьы ақәтәара ҽеиӡам уҳәа ирацәаны. Иҵасым ҳәа азгәарҭоит иара убас, анышәынҭрахь, аҧсрақәа рахь зыбаҩ зтәым аҧҳәыс лнеира. Аиҳаракгьы уи зхырҳәаауа аҧсы лаҧш лықәшәар ҟалоит ҳәоуп. Насгьы иҟоуп агәрагара, зцәа зтәым аҧҳәыс аҧсы ихаҿы лбар (ма даҿаҧшыр), лыхшараура цәгьахоит ҳәа, ииуа ахәыҷгьы дҟәашшӡа, ҧшшәы ихамкәа дҟалоит ҳәа. Уахынла аӡәы лықәҿиҭыргьы, ма лашбыжьк гар, аҭак аҟаҵарагь бзиам.
Иара убас, ибзиам ҳәа иҧхьаӡоуп лгәылҽанӡамкәа зцәа зтәым аҧҳәыс лыршәара – лыхшара дҿаҳаны дир ҟалоит рҳәоит. Ибзиоуп ҳәа азгәарҭоит ахәыҷы раҧхьатәи иҵысраан ан иҧшӡоу акы дахәаҧшыр: уи адәахьы даныҟоу акәзар, ишәҭуа, иҧшӡоу ҵлак, ма ашьха, аҩны даныҩноу акәзар, ипашәшәӡа иҟоу, ишкәакәоу аҭӡы – ирҳәоит усҟан ахәыҷы иҧсҭазаара ҧшӡахоит, зегь рыла дманшәалахазаауеит ҳәа.
Зцәа зтәым аҧҳәыс лыҧшәмагьы ихымҩаҧгашьа дацклаҧшуазароуп, иаргьы дрықәныҟәалароуп ахыхьчаратә қьабзқәа. Урҭ иреиуоуп ашәарыцара мап ацәкра, изакәызаалак акы ушьыр ҟалаӡом – ахәыҷы ашәахсҭа инылоит ҳәа азгәаҭан ирымоуп аҧсуаа, ирацәоуп ус иҟалахьеит ҳәа ишьақәырӷәӷәаны еиҭазҳәо ауаа.
Ан лыфатә атәы ҳазааҭгылозар, аҧсуаа араҟагьы рхатә азгәаҭарақәа рымоуп. Убас иаҳа ибзиоуп ҳәа иҧхьаӡоуп ашәырқәа, аҩнатә ҧсаатәқәа (акәты, ашәишәи) ркәац. Иара убри аангьы ахәыҷы игәабзиаразы иҽеим ҳәа азгәарҭоит ажьа акәац афара, мамзаргьы аџьма кәац, аҧсыӡ. Иуфар иҟамло рахь иаҵаркуеит ацхагьы. Аха егьа ус акәзаргьы зцәа зтәым аҧҳәыс дзыҳәаз афатә азы мап лцәукыр ҟалаӡом, "аҳәынаҧқәа уркуеит" рҳәоит.
Ани ахәыҷи ирыдҳәалоу арҭ еиуеиҧшым азгәаҭарақәа ирызкны инарҭбааны дазааҭгылахьеит аетнограф Сима Дбар. Иара убас уи дазааҭгылоит аҧҳәыс хшара данлоулак ашьҭахь имҩаҧыргоз аныҳәара – (ажәа "агылара" аҟынтәи). Уи ишылыҩуала, ажәытә аҧҳәыс хшара дахьлоуаз ахәышҭаара аҧхьа акәын, адашьмаҿы, уи азы аҧҳәысеилыргаҩ дыҟан. Ахацәа зегьы аҩны идәылҵны ицон. Аҧҳәыс лаамҭа ааины ахшараура дышналагазҵәҟьа, ахәыҷы дышьҭызхраны иҟаз аҧҳәыс бырг ашас шьҭалҵон "ажьаҳареи", "адәны иҟои", "адгьыл-дедоҧали" рыхьӡала. "Адәны иҟоу" ахьӡала, аҵарауаҩ ишылҳәо ала, абҩатә қәаб, мамзаргьы адырган хынтә ахшара дзауа лхы инакәыршаны иган ҭыҧ цқьак аҿы ишьҭалҵон. Ас еиҧш иҟаз ашас "акәыхшатәы" ҳәа иашьҭан.
Ажьаҳаразы – асаан, ма аҧатлыка иара убасҵәҟьа иҟарҵон. Адгьыл-дедоҧал ахьӡала – акәтаӷьқәа хәба: ахшара дзауаз дахьиаз аҵаҟа анышә аҿы ишьҭаҵаны идыркәымпылуан, нас аҩны аҧшь-кәакьк рҿы акәтаӷьқәа акака ыҵаҵан иҟарҵон, ахәбатәи хазы илҵәахуан. Абас еиҧш иҟарҵоз ақьабз аҧҳәыс лыхшараура иацхраауеит, имариахоит ҳәа иҧхьаӡан.
Ахәыҷы данилак ашьҭахь 14-15 мыш анҵлак ашас аҿыхра иазкыз ақьабз мҩаҧыргон.
Аетнограф Валерии Бигәаа ишиҩуала, уи "агылхьа" ("агылара амш") ахьӡын. Ари аныҳәара иалахәыз аҳәса заҵәык ракәын, урҭ рхәыҷқәа нарыцны. Ахшара дзауз ланхәа заанаҵы ааигәа-сигәа инхоз агәылацәа адырра рылҭон. Аныҳәара аҽны ианнеиуазгьы кәтык-кәтыки ашәаӡеи наргон, идырхиоз афатәгьы еицыҟарон. Аҵарауаҩ ишазгәаиҭо ала, "аглахьа" анымҩаҧыргоз аҽны акәын ахәыҷгьы ахьӡ анирҭоз.
Аныҳәара аныҟарҵоз аҽны аџьма-шьтәа, ма арбаӷь ршьуан, абысҭа, акәакәарқәа, ачашә адыргалон. Аныҳәаҩ – "аҧҳәыс цқьа" ачанах ани ахәыҷи рхы инакәлыхшон, нас уи налымхны иргон, анаҩс акәакәар аашьҭыхны Ажьаҳарахь лхы нарханы дныҳәон ани ахәыҷи дырхылаҧшразы. Ақьабз иазкны иҟаҵаз афатә зфоз аҳәса ракәын, ахаҵа уи ифар ҟалаӡом.
Аетнограф Валери Бигәаа ишазгәаиҭо ала, "аглахьа" анымҩаҧыргоз аҽны акәын аҭаца лангьы агареи уи иақәнаго амаҭәеи лыман данаауаз.
Иазгәаҭатәуп, иахьагьы ахәыҷы иныҳәара аныҟарҵо амш азы (уи раҧхьатәи хшаразар) шакәу хшара дзауз ан лҭаацәа (аҳәсеи ахәыҷқәеи) аҳамҭақәа рыманы ианаауа.
Аха "аглахьа" ахаҭа ҳаамҭазы ахархәара иаҳа имаҷуп, иара аҽны "адәныҟеи" "ажьаҳареи" рахь рыхьӡала ишныҳәо ала, арҭ аныҳәарақәа ирылаӡҩо иҟалеит, уимоу дара аныҳәаҩцәагьы ианырцәеилаҩашьо ыҟоуп. Иаҳҳәап, иуҧылоит убас еиҧш, аҭаца "ажьаҳара" ҳәа данырныҳәо аҽны акәтаӷь ыркәымпылны аҩнаҿы ианыҟарҵо.
Ҳаамҭазы аҧҳәыс ахшара аҩны (ахәышҭаара аҧхьа) дшылмоуа ала, уи азы иҷыдоу аҭыҧқәа ыҟоуп, аҧҳәысеилыргаҩ иахьа дыҧсахуп амедҳақьым лыла – уамашәа ибатәым "аҧҳәыс лгылара" — "аглахьа" иахьа ас еиҧш "ажьаҳареи" "адәныҟеи" ирылаӡҩо иахьыҟалаз.