"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

© Фото : предоставлено Ланой Цаава"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара
Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуаа рҿы ахәыҷы иныҳәара шымҩаҧырго ҳзеиҭалҳәеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаҧҳа.

Есма Ҭодуаҧҳа, Sputnik

Аҧсуаа ҳатрадициатә культураҿы ахәыҷы ииреи, уи диаанӡагьы, данилак ашьҭахь раҧхьатәи ишықәс ииреи ирыдҳәалоуп аҵасқәеи ақьабзқәеи жәпакы. Ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа еиуеиҧшым амч лашьцақәа, алаҧш иқәшәара иаҳа ианымарио ҳәа иҧхьаӡоуп. Убри аҟнытә урҭ дырцәырыхьчарц азы имҩаҧыргоит ахәыҷы иныҳәарагьы. Бзыҧтәи аҧсуаа рҿы ахәыҷы дырныҳәоит хымчыбжь анихыҵлак – 21 мшы рзы, абжьыуаа рҿы – 40 мшы рзы.

Аԥсны аҟны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд ахантәаҩы Амиран Какалиа - Sputnik Аҧсны
Какалиа: ахшара зааӡо анацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит

Ааигәа Цаа Лашеи Сақаниа Асҭандеи рҭаацәараҿы агәырӷьара ҟалеит. Урҭ ҧсыуа ҵасла ишаҧу еиҧш ари аизҳара иақәныҳәеит. Аныҳәаҩ Рена Ҭарҧҳа ишаҳзеиҭалҳәаз ала, ахәыҷы иныҳәара иадыргалоит акәытқәа ҩба: акәыт-ҿеи акәты-ажәи, ачашәқәа – идуқәоуи, иара убас иаҳа иаармаҷны иҟаҵоу даҽа ҩбеи, амзаҿа асахьа змоуи даҽаки. Иара убас ахаа-мыхаа иҟаҵоу астол инықәҵаны, уи аҧхьа ани аби ахәыҷы дыкны, амрагыларахь рхы рханы инаргыланы дныҳәоит. Амзаҿа асахьа змоу ачашә ахәыҷы имгәа иадылкылоит амгәахьаа имоуааит, иҷапан камшәааит ҳәа, ачашә маҷқәа ҩба – ан лгәыҧҳәыхш бзиахаразы, ахәыҷгьы изыбзиахаратәы ҳәа дақәныҳәоит. Аныҳәаҩ акәты анылшьуагьы, уи ашьа ахәыҷы илахь иахьылшьуеит.

"Агәабзиара лыманы, ахабзиара лыманы, данысныҳәа нахыс шаҟа дыбзиахазеи, шаҟа дӷьацахазеи, шаҟа леизҳара мариахазеи рҳәо Анцәа дҟаҵа Анцәа суҳәоит. [Ахәыҷы лҷапан амзаҿа сахьа змоу ачашә нақәҵаны]: Лҷапан лмыхьуа абринахыс ибзиахан, иманшәалахан, лымгәа лмыхьуа, убыс Анцәа дҟааиҵааит, агәабзиара лыҭаны. [Ан лгәыҧҳәқәа ачашә хәыҷқәа аҩба надкыланы]: Лгәыҧҳәыхш марымажахо, иманшәалан лара лзы Анцәа иҟаиҵааит, лааӡара маншәалахо, шәеигымхааит".

© Фото : предоставлено Ланой Цаава"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара
Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара

Хазы "адәныҟа" ҳәа рхәы рырҭоит, иҧсхьоу рзы иҟаҵаны. Ацәашьы афҩы гаратәы ацәа ахылҩа-ҧсылҩа рышьҭуеит акы инанҵаны иҟаҵаны. Аҩы, ауатка калҭәоит абарҭ ажәақәа ҳәо:

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

"Аҧсы лыҧха лоуртә, дахьындәылҵуа, алаҧш хаа ада ҽакы лхьымҧшуа уаҳа, кьыс лышәымҭан сшәыҳәоит. Шьақро [иҧсхьоу ахәыҷы иабду ихьӡ. – Е.Ҭ.] уара иудырып ушылхылаҧшыша. Аҧсцәа шәыхьӡала иҟаҳҵаз аҧсы илыҧха лоуааит, абри ахәыҷы лымаҭәа адәахьы инхама, лҩыҭәа нхама, агәабзиара лыҭан дҟашәҵа, хьаа-баа лымамкәа Анцәа дшәиҭааит".

Ацәашьы рыхганы дныҳәан даналгалак ашьҭахь, ахәыҷы ачашә-амзаҿа иқьышә инықәыршьуеит, ачашә хәыҷқәа ан илфоит. Акәыт-ҿа ахәыҷы иҭаацәа роуп изфо, акәты-ажә – егьырҭ зегьы аныҳәараҿ иҟоу.

Иазгәаҭатәуп, бзыҧааи абжьыуааи рныҳәараҿы аиҧшымзаара шыҟоу. Бзыҧаа рҿы ахәыҷы иныҳәараз хыхь еиқәыҧхьаӡаз рыдагьы иҟарҵоит аилаџь. Аныҳәаҩ акәытқәа руак лшьуеит ахәыҷ иҭаацәа руадаҿы, аҩбатәи – аҩны агәаҿы, ахәышҭаара аҧхьа. Ан аныҳәаҩ дныҳәонаҵы аҧшқа дыкны лызшьамхык арсны дгылоуп. Аныҳәара ианалгалак ашьҭахь "адәныҟа" иҟоу рхәы еизганы (иҟаҵаз ачысқәа зегьы ҿаҵак-ҿаҵак нарымхны) инахараны иганы икалҭәоит "шәхәы шәаҳҭеит, арахь ицәгьаны шәхьамҧшын, шәылаҧш хаахааит" ҳәа. Бзыԥаа рҿы иахьныҳәо иршьуеит акәытқәа хԥа: акәты ҿа — ахәыҷы ихьӡала, ажә- ан, аҭаацәа рзы, ахԥатәи — адәныҟа иҟоу рыхьӡала. Иҟоуп аныҳәаҩцәа аԥшьбатәигьы зшьуа — уи ахьыԥшы ихәы ҳәа. Арҭ аҵыхәтәантәиқәа ҩба ршьуеит адәахьы.

© Фото : предоставлено Ланой Цаава"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара
Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара  - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара

Абас еиҧш "адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара анымҩаҧыргалак ашьҭахь адәахьы идәылгара иаҳа ишәарҭаӡам ҳәа иҧхьаӡоуп, ушьҭанахыс аҧсы лаҧшума, даҽа мчы лашьцак аума дацәыхьчахоит. Аха уеизгьы ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа џьара данырго алаҧш имкразы ҷышәк илахь инахьыршьуеит, мамзаргьы џышк иџьыба инҭарҵоит иҵегь дыхьчахарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0