Бигәаа: ашықәс нҵәаанӡа Гәдоуҭатәи амҩақәа реиҭашьақәыргылара хҳаркәшоит

Гәдоуҭа ақалақь аҿы аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программала иалкааз ақалақь амҩадуқәа ԥшьба рҟны аусурақәа хыркәшахоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз ҳәа Sputnik иазааицҳаит ақалақь аҟны акапиталтә ргылара аусбарҭа анџьныр Геннади Бигәаа.

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программала ақалақь Ахадара иалнакааит: Афырхацәа рыпроспект, Ӡиӡариа имҩа, Арӡынба имҩа, Март 4 амҩа.

Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит

"Аԥхьа апрограммала иҳагәҭакын Ӡиӡариа имҩеи Афырхацәа рымҩеи шьаҭанкыла аремонт рзура. Арахь иаҵанакуан афымцалашара, аканализациа, ацрыҵӡқәа рцарҭа, аӡымҩангага, акаҭран. Аха ақалақь егьырҭ амҩақәагьы аҭагылазаашьа бааԥсӡа ахьрымаз азы, иҳаӡбеит арҭ аҩ-мҩак рыдагьы аҽа ҩ-мҩак рҟны аӡымҩангареи аканализациеи акаҭрани ҟаҳҵарц. Афымцалашареи атротуарқәеи ақалақь ахахьы иагеит", — иҳәеит иара.

Иалкааз амҩақәа рзы 130 миллион мааҭ аҭахны ишьақәыртәан.

"Арҭ амҩақәа ақалақь аҭоурыхтә центр иаҵанакуеит. Аҵлақәа рдацқәа акаҭран ҵыршәаахьан, аӡымҩангагагьы иаԥырхагоуп. Цәыббрамза анҵәамҭазы арҭ апроблемақәа хыркәшаны ҳрылгеит", — иҳәеит Бигәаа.

Арӡынба имҩеи Март 4 амҩеи рҟны аусурақәа ирылаган 2018 шықәса жәабранмзазы аха аԥаразоужьра ахьаанкылаз иахҟьаны макьаназ аусурақәа хыркәшам.

"Арӡынба имҩа аура 1200 метра инаӡоит, Март 4 амҩа – 1800 метра. Ашықәс ҿыц аҟынӡа аӡымҩангагеи акаҭрани рышьҭаҵара хҳаркәшараны иҟоуп. Иахьазы аканализациеи абордиурқәеи ҳрылгахьеит", — иҳәеит иара.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аусурақәа нарыгӡоит аилахәырақәа: "Аԥсныавтомҩа", АУН "Аӡыканал", "Аԥсныҟәарахьчара".