АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программала иалкааз ақалақь амҩадуқәа ԥшьба рҟны аусурақәа хыркәшахоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз ҳәа Sputnik иазааицҳаит ақалақь аҟны акапиталтә ргылара аусбарҭа анџьныр Геннади Бигәаа.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программала ақалақь Ахадара иалнакааит: Афырхацәа рыпроспект, Ӡиӡариа имҩа, Арӡынба имҩа, Март 4 амҩа.
"Аԥхьа апрограммала иҳагәҭакын Ӡиӡариа имҩеи Афырхацәа рымҩеи шьаҭанкыла аремонт рзура. Арахь иаҵанакуан афымцалашара, аканализациа, ацрыҵӡқәа рцарҭа, аӡымҩангага, акаҭран. Аха ақалақь егьырҭ амҩақәагьы аҭагылазаашьа бааԥсӡа ахьрымаз азы, иҳаӡбеит арҭ аҩ-мҩак рыдагьы аҽа ҩ-мҩак рҟны аӡымҩангареи аканализациеи акаҭрани ҟаҳҵарц. Афымцалашареи атротуарқәеи ақалақь ахахьы иагеит", — иҳәеит иара.
Иалкааз амҩақәа рзы 130 миллион мааҭ аҭахны ишьақәыртәан.
"Арҭ амҩақәа ақалақь аҭоурыхтә центр иаҵанакуеит. Аҵлақәа рдацқәа акаҭран ҵыршәаахьан, аӡымҩангагагьы иаԥырхагоуп. Цәыббрамза анҵәамҭазы арҭ апроблемақәа хыркәшаны ҳрылгеит", — иҳәеит Бигәаа.
Арӡынба имҩеи Март 4 амҩеи рҟны аусурақәа ирылаган 2018 шықәса жәабранмзазы аха аԥаразоужьра ахьаанкылаз иахҟьаны макьаназ аусурақәа хыркәшам.
"Арӡынба имҩа аура 1200 метра инаӡоит, Март 4 амҩа – 1800 метра. Ашықәс ҿыц аҟынӡа аӡымҩангагеи акаҭрани рышьҭаҵара хҳаркәшараны иҟоуп. Иахьазы аканализациеи абордиурқәеи ҳрылгахьеит", — иҳәеит иара.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аусурақәа нарыгӡоит аилахәырақәа: "Аԥсныавтомҩа", АУН "Аӡыканал", "Аԥсныҟәарахьчара".