Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНаводнение. Архивное фото
Наводнение. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа леиит ԥхынгәы 14 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа леиит ԥхынгәы 14 рзы. Убри иахҟьаны Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариа.

"Ақәаршҩы акыр иӷәӷәан. Ақалақь амҩадуқәа Габечиа, Маиаковски, Ҷанба рыхьӡ зху аҩарӡ рнылеит. Ауаа рынхарҭақәа аԥхасҭа роуит. Аԥхасҭа маҷымкәа иаиуит Абӷархықә ақыҭа. Уа амҩа аӡәӡәеит, амхырҭақәеи ажьҭрақәеи аӡы рыҵаҵәеит.

Асеиԥш ақәоура абӷархықәаа иргәалашәом. Ашьыжь асааҭ ааба инаркны шьыбжьон асааҭ ҩбанӡа ақәа шлеиц илеиуан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ладариа.

Уажәы араион Ахадара ақәаршҩы иахҟьаз аԥхасҭа аԥхьаӡара иаҿуп.

Гәдоуҭа араион Ахада ишиҳәаз ала, аӡы зыҩны иҩналаз ауаа рыԥхасҭа ахәшәара уадаҩхоит араион алшара ахьамам иахҟьаны. Убри инамаданы дара ирыгәҭакуп Аԥсны аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵарц ацхырааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0