"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам": салам шәҟәык аҭоурых

Аҵыхәтәантәи ажәашықәсқәа рҟынӡа ауаа еимаздоз асалам шәҟәқәа иахьа ажәытәра иагоит, аха урҭ рҵакқәак наӡаӡа аҭоурых иазынхоит…
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Уажәааигәа, ибзианы издыруа, пату зқәысҵо, Гагра араион акыр шықәса акультура аҟәша иахагылаз, иахьа араион аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа ирхылаԥшуа аспециалист хада Ҭенгьыз Махаз-иԥа Габуниеи сареи акабинеҭ аҟны ҳаицәажәонаҵы, имеихсыӷьӡакәа смобилтә ҭел ахь, WhatsApp ахархәагала аацҳамҭақәа сзаауо иалагеит.

Ибзанызҵода ари аҟара смс ҳәа алаф зсылихуаз, акыи-акыи шеихаҳҳәаауаз, асалам шәҟәы атема аацәыраҳгеит.

Бебиаԥҳа арепрессиа иалаӡыз ирызку ашәҟәы иазкны: аҭыжьразы аԥара аҭахуп

— Иахьа, атехникатә ҭахрақәа акырӡа ԥхьаҟа ицеит, уи ҳаимадара арманшәалоит. Аха иҟан аамҭақәак, ауаа асалам шәҟәқәа анрыбжьаз. Ибдыруандаз шаҟаҩы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшыз, арра иҟаз иҭаацәеи иареи, аиуацәа уҳәа… Ааи Саида, бзиа еибабозгьы…

Асалам шәҟәы цҳан, гәыӷран…

Махаз-иԥа ибжьы аҽаԥсахуа иалагеит, дынкахәыцуа иажәабжь хадахьы диасит…

Аԥсны аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда анныркылоит 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа. Усҟантәи аамҭазы, ҳтәыла иацәыӡит шәҩыла иреиӷьыз ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа.

Уи ахлымӡаах убысҟак ҳаԥсҭазаара иалаҵәеит, ашьыжь еиқәшәоз аигәылацәа, иаха иргада, индырҵәада ҳәа еизҵааратәы.

Уамак ҵуам, Гагра араион еицырдыруаз, иара Аԥсны ахыи аҵыхәи зыӡбахә цахьаз, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Валентина Шьыдгәа-иԥҳа Агрԥҳа лышқәс цәымза шьҭырхижьҭеи.

Аԥсы лымаҭәа анеилдыргоз, лымаҳә Ҭенгьыз Габуниа аҳәара ирҭеит, лқьаадқәа, лышәҟәқәа иара рҭыԥ иқәиҵарц.

"Гәаларшәагас иаанҳажьуаз, мамзаргьы лыуа, лҭынха ираҳҭашаз ашәҟәқәа анеилсыргоз, сылаԥш иҵашәеит, иажәхьаз, аха макьана заԥхьара улшоз, Валентина иҵәахны илымаз, харада ахара зыдҵаны Сибраҟа иахыргаз лаб Шьыдгәа 1941 шықәсазы иааишьҭыз асалам шәҟәы. "Ишәзынасцҳауеит сыԥсы шҭоу", — ҳәа иалагоз раԥхьатәи аҳәоу аҟны сзаанымгылеит, атәым салам шәҟәқәа раԥхьара шиашам шыздыруазгьы", — иҳәоит Махаз-иԥа.

Бзыԥҭа аҳаблан ииз, иааӡаз, унеишь уааишь ҳәа ззырҳәоз Шьыдгәа Агрба, Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика хәашь данахәлабгоз, ԥшьыҩк ихшара Бабусиеи, Валеи, Лиубеи, Жореи зынӡа ихәыҷқәан. Аха уи иахәаԥшуадаз…

Шьадгәа Агрба исалам шәҟәы

"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам. Аус хьанҭақәа ҳдыруоит. Араҟа аҳауа бааԥсуп, аӡынра даараӡа иҵаауеит, аԥхынра ақәа ауоит. Жәашықәса сырҭеит. Шәызегьы шәыгәхьаазгеит. Схәыҷқәа сшәызхәыцуеит. Исзаашәышьҭқәаз сықәшәеит. Исоуит ашә, аҭаҭын, аҳәашша, ашыла, акакан. Иҭабуп сашьа Алықьса,сахьухамшҭуа. Бабусиа акырӡа сбықәгәыӷуеит, шәан шәылзыӡырҩла. Уи илхылго, дызҭагылоу здыруеит. Аламала сзыцәаӡом, аха сылацәа нҭаар сыла ихгылоу Валиеи Лиубеи роуп. Сшәыҳәоит Жора дгәашәҭала. Акагьы шәымҭиит, аџьықәреи лашәымҵакәа жәымун. Сыблақәа акагьы рымбо иалаган азоуп акакан сзаҳәаз. Нелли иҭабуп ҳәа лашәҳәа иахьсзаалҭииз. Схәыҷқәа ран, издыруеит быжәҩахыр иқәу. Аха ус мацара ицарым. Знык аҩны сызнеир шәымала шәакәым, ҳауа, ҳҭынха зегьы снапы шәыкәсыршон", — аҳәон Махаз-иԥа икәалап иҭыганы исиркыз аб исалам шәҟәы.

Шьыдгәа Агрба уаҳа дзыхнымҳәкәа, аполитика ҟьашь дналаӡа дцеит. Иԥшәмаԥҳәыс Аҭиа Џьыкырԥҳа, рыҩны, рыдәны, рмазара зегьы рымхны ианырга, лхәыҷқәа ирҿалҵо анылмоу, исыцәԥсуеит ҳәа ишхьаалгоз, хара имгакәа лыԥсҭазаара далҵуеит.

Барцыцԥҳа: сышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" азы 40 шықәса аматериал еизызгон

"Аиаҭым икәакәар былуам", — ҳәа баша ирҳәом. Анцәа инапы ианыз ахәыҷқәа, ргәакьацәа рыцхыраарала зегь акоуп ршьапы иқәгылеит, аҵарақәа рҵеит, ахьӡ-аԥша змаз уаахеит.

Шьыдгәа Агрба иҭаацәа рахь ииҩыз асалам шәҟәы 77 шықәса ахыҵуеит. Ақьаад зынӡа иҵаӷахеит. Ана-ара, аамҭеи, анапҭыԥи, алаӷырӡи икылырҵәаз анбанқәа еилажәжәа ишыҟоугьы, зегь акоуп аҭоурых дуӡӡа ргәылубаауеит.

Махаз-иԥеи сареи асалам шәҟәы ахьынӡеилҳаргоз, ҩаԥхьа сҭел ахь иааиз аацҳамҭа санахәаԥш еилыскааит шаҟа иҵакыдаз аб исалам шәҟәы иаҿырԥшы. Уи аамҭазгьы сгәанала Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәеит, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара иазынархоу атемала иаазышьҭызи сареи ҳахьеимадаз.

37-тәи ашықәсқәа ирылаӡаз гәыԥҩыуаак ирызкны, апоетесса Белла Барцыцԥҳа иҳаҩсыз ашықәс азы иҭлыжьит "Абааҭатәи аццышәқәа" захьӡу ашәҟәы. Уаҟа ибзиаӡаны иаҳәоит Шьыдгәа Агрба иҭоурыхгьы.