Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Аҟәа ақалақь ахада ажәлар рыбжьыҭарала иалхразы ареферендум амҩаԥгареи, иааидкыланы Аԥсны алхрақәа ирымоу аҩ-ганки дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik

Аҳәынҭқарра ахадеи, Жәлар Реизареи, аҭыԥантәи адепутатцәеи алызхуа ҳара, аха еснагь зегьы рзы згәы наӡам ҳара.

Ауаажәларраҿы акырынтә иалацәажәахьеит аҭыԥантәи ачынуаа, даҽакала иаҳҳәозар, араионқәеи, ақыҭақәеи ақалақьқәеи рхадацәа ауаажәлар бжьыҭарала иалырхуазар еиҳа еиӷьын ҳәа. Игәаҳамҭац арбану, ҳгәы назыгӡоз ҳанымиеит акәымзар. Бжьыҭарала ажәлар иалырхуа Аԥсны ахадацәа рганахьгьы ауаажәлар еснагь агәынамӡара аадырԥшуеит, ҳполитикатә, ҳсоциалтә ԥсҭазаара ҭышәынтәалам ҳәа. Аиашазы, зегь иргәаԥхо дауҟахыу, аха алхрақәа рҿы иаиааиуа акандидат иҭыԥ ааникылоит азакәан инақәыршәаны. Адепутатцәа ракәзаргьы убас ауп. Акы заҵәык, ҳара ҳзакәанқәа рыла иҟам убас мҩакы, ажәлар иргәамԥхо, ихьысҳаны аус зуа адепутат иусура иамхразы. Урҭ хьчоуп закәанла.

Алхрақәа. Архивтә фото

Уажә аабыкьа Аҟәа ақалақьтә депутатцәа рыбжьы дыргеит Аҟәа ахада аринахыс бжьыҭарала иалхразы аҳҭнықалақь иаланхо ауааԥсыра ргәаанагара аилкааразы 2019 шықәсазы аҭыԥантәи ареферендум амҩаԥгаразы. Асоциалтә ҳақәа рҿы ари иадгыло маҷҩым, уажәы зегь реиҳа излацәажәо зҵаатәны иҟоуп. Аҭыԥантәи анапхгара ажәлар иалырхуазар бзиагәышьоуп, аха бжьыҭарыла ажәлар иалырхуа хымш рышьҭахь дыргәамԥхо иалагар ишԥаҟаҳҵо, иара иамхразы ажәлар рнапы закәан ҳәа акгьы акымзар?!

Уажәы араионқәеи ақалақьқәеи рнапхгаҩцәа Аԥнсы ахада инаишьҭуа акандидатура инақәыршәаны бжьыҭарала аҭыԥантәи адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәоит. Аҭыԥантәи адепутатцәа алызхуа ажәлар роуп, ус анакәха, уадаҩрас иалоузеи ажәлар ирыхәаша акандидатура адепутатцәа адгыларц азы? Шамаха исмаҳац, аҭыԥантәи адепутатцәа апрезидент ирыдигалаз араион ахада, ма ақалақь ахада икандидатура иадымгылеит ҳәа. Ари зазгәасҭо, ауаажәларра аҭыԥантәи рдепутатцәа рыла алхрақәа ирылахәуп уҳәар ауеит.

Агәынамӡара зауз ажәлар реизара

Ишәгәаласыршәоит аҭыԥантәи адепутатцәа азин шрымоу, араион ма ақалақь рхадацәа рганахь ала агәрамагара аарԥшра. Анаҩсан, уи аӡбамҭа апрезидент изынашьҭхоит, убри ашьҭахь атәыла ахада дамихыр алшоит аҭыԥантәи ачынуаҩ, мамзаргьы адепутатцәа рыӡбамҭа дақәшаҳаҭымхар ҟалоит. Аҳәара уадаҩуп, избан иахьа уажәраанӡа ари аҩыза азакәан ахәҭаҷ араионқәа, ма ақалақьқәа рдепутатцәа рхы изадмырхәац?!

Надараиа: ақалақь ахада иалхрахь ҳаиасыр Гал ахаангьы аԥсуа дузалхӡом

Аҟәатәи адепутатцәа ридеиа азакәантә мчы аиурц азы, Жәлар реизара иаланагалароуп ахаланапхгаратә усбарҭақәа рхадацәа раҭаразы азакәан аиҭакрақәа. 2016 шықәсанӡа аҭыԥантәи ачынуаа раҭара аԥҟарақәа рыла, атәыла ахада аҭыԥантәи адепутатцәа рахьтә аӡәы еиҳа иақәнаго ҳәа иишьоз даиҭон. Алхрақәа анцоз араион ма ақалақь ахадас иҟаларц зылшоз заа ҳгәы азҩон, амчраҿы иҟаз анапхгарагьы, уи даиааирц азы администативтә ресурс ҳәа акыр рымазар ахархәара арҭон. Ашьҭахь, уи аҩыза аԥҟара згәамԥхоз аиҭакрақәа аларагалеит азкәан, уи иалҵшәаны, иахьа апрезидент депутатс иалырхыз иакәымкәа, иара иахәҭаны иишьо ауаҩы икандидатура наишьҭуеит адепутатцәа рахь, дара — аҭыԥантәи адепутатцәа, ҳара бжьыҭарала иалаҳхуа, азин рымоуп уи адгылара, мамзаргьы мап ацәкра. Абас ҳшааиуаз, ицәырҵит аидеиа, ауаа рхала рнапхагаҩцәа алырхырц. Идеалла уазхәыцуазар ибзиоуп, аха аԥсуа алхрақәа рҟазшьақәа анаасгәалашәо, лҵшәа дук ҳзаанамгар ҳәа сшәоит.

Акырынтә игәаҳҭахьеит, Жәлар Реизара адепутатцәа ралхрақәа анцо, ажәла дуқәа ирхаҭарнакцәоу риааира шыуадаҩу, ус иҟоу ивагывлоу ҵаралагьы, хшыҩлагьы, деиҳазаргьы, далрымхыр шалшо. Шаҟантә иаҳҳәахьозеи, "ари дшыҟаз, ани дышԥалырхи" ҳәа. Абас ҳаикәшоит ҳара 25 шықәса рыҩныҵҟа, зны-зынла ажәлар рзы еиӷьу рхәыцуашәа, рхы иазеиӷьу азакәанқәа шьҭыхуа ҳаԥсҭазаараҿы ароль дуқәа нарыгӡоит аполитикцәа, аха ажәлар ракәзар, рыԥсҭазаара аҩаӡара уамак ианымԥшит.

Абжьқәа рыԥхьаӡара. Архивтә фото

2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь адепутатцәа рхацыркрала зымҩаԥгара ргәы иҭоу ареферендум алҵшәақәа ҳара ҳзакәан ала абжьгаратә ҟазшьоуп иамоу, апрезидент уи идимкыларгьы алшоит. Ареферендум алҵшәақәа хра рылазарц азы, иԥсахтәуп ахаланапхгаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рзы иаԥҵоу азакәан, насгьы Аҟәа мацара акәымкәа Аԥсны ахыи аҵыхәеи зегьы ирзеиԥшны. Убри азы иаҭахуп Аконституциатә закәан аԥсахра алагалара, убри ашьҭахь ауп аԥсҭазаара ианаҳнарбо жәлар иалырхуа араионқәеи ақыҭақәеи, ақалақьқәеи рнапхагаҩцәа ҽаҩра бзиала аус руоу ирымуоу.

Рыцҳарас иҟоу, зегь иргәаԥхо дабааҳго, ажәлар иалырхуа рхаҭа дыргәамԥхар, уи иусура дызламырхуа аԥҟарақәа ыҟазароуп, акы заҵәык амхара азҵаатәы аҿы аполитикатә интересқәа зхы иархәаны аҭыԥантәи ачынуаҩ иамхразы ареферендумқәа рымҩаԥгара иалаго иҟалар, абсурд ҳәа изышьҭоу аҭагылазаашьаҿы ҳнанагар алшоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.