Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа миллионк инеиҳаны автомашьынақәа ахысхьеит

Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаахьчаҩцәа акурорттә сезон аихшьаалақәа ҟарҵеит изаамҭанытәыз аиԥылараан, Цандрыԥшь.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. 2018 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы жәларбжьаратәи атрафик аҭоурыхаҿ урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ашәҟәы иҭарҩит аҳәаа иҭалози иҭыҵуази автомашьынақәа миллионк. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура.

Аҳәаахьчаҩцәа ишазгәарҭаз ала, есышықәса акурорттә сезон аан апассаџьыртәии атранспорттәии ныҟәара еизҳауеит.

Аԥсшьаратә сезон аламҭалаз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа еиԥҟьарада аус ауеит

2017 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар, сынтәа атранспорт аныҟәара 5 процентк иазҳаит. Апассаџьыртә шыҟаз иаанхеит.

Акурорттә сезон иалагӡаны аҳәаа аҩ-хырхарҭак рыла иахысит хә-миллионки бжаки ауааԥсыра.

"Бжьаратәла уахыки-ҽнаки, аиҳарак нанҳәамзазы, 55 000 рҟынӡа автотранспорт ашәҟәы иҭаагалон, ауаа – 57 000-ҩык рҟынӡа", — ҳәа азгәарҭеит аҳәаахьчаҩцәа.

Аиԥылараан ирылацәажәан иара убасгьы еиуеиԥшымыз атематикатә зҵаарақәа.