АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТОи Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа ахьаҽарӷәӷәо ҳәа аҳәоит аусбарҭа аофициалтә саит.
"Азхьаԥшра аҳҭоит Вашингтон имҩаԥнаго Қырҭтәыла амилитаризациа азура Аахыҵ Кавказ аибарххаратә ҭагылазаашьа шаԥнаҵо, арегион аҟны аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәыргыларазы иҟоу аҽазышәарақәагьы лҵшәаданатәыр шалшо", - ҳәа аҳәоит Аԥсны ААР аҳәамҭаҿы.
Аԥсны ААР агәҭынчымра азнарҵысуеит АИХқәа рҿы ицәырҵуа иалагаз – Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Леван Изориеи ЕАШ арратә мчрақәа ртранспорт акомандаҟаҵаҩ, аинрал Стивен Лаионси Вазиани аҿы арратә ҳаиртә баӷәаза аргыларазы аинформациа.
Ари аԥшьгара шаҳаҭра ауеит Қырҭтәылеи НАТО аблоки рырратә еизыҟазаашьа аҽа хырхарҭак шаиуа.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа иазгәанаҭоит Қырҭтәылеи НАТОи реизааигәахара уажәраанӡа зыӡбахә рҳәоз "Аԥсны ауааԥсыра рзы аҭынч аԥшьгарақәа" шбашажәоу унарбоит ҳәа.
"Еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы Қырҭтәыла аҭынчра иазку аԥшьгарақәа хықәкны ишамоу рыланаҳәон, аха убри аан мраҭашәаратәи аҩызцәа рыцхыраарала арратә лшарақәа реизырҳара ахықәкын. Абри зегьы иаанаго Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара аҭароуп", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Аԥсуа ган жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит қырҭтәыла амилитаризациа апроцесс азхьаԥшра арҭарц, иахәҭоу ахәшьарагьы аиурц. Ус анакәымха аԥсуа ган Урыстәылатәи Афедерациеи иареи рырра-техникатә усеицура аҿиара аҭо Қарҭ ашьаҿақәа аҭак рыҭара алнаршоит.