Аԥсны ААР: Қырҭтәыла ООН аҿы ареспубликазы иԥаршеиу аинформациа рыладырҵәоит

© AFP 2023 / HAZEM BADERООН
ООН - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министри ООН амаӡаныҟәгаҩ хадеи реиԥылара.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. ООН атәыла-лахәыла астатус ахы иархәо Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аилазаарақәа ирыладырҵәоит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа иазкны иԥаршеиу аинформациа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә департамент.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш диԥылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан Женеватәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш, арегион аҿы аҭагылазаашьа.

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыци ООН акоординатор Нилсон Скотти реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аԥыза-министр ООН акоординатор дидикылеит

"Иумҳәар ауам аԥснытәи аган изныкымкәа ааԥхьара шыҟанаҵахьоу аганқәа зегьы жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа аинформациа рыҭараан еиҟароу алшарақәа роурц. Аҭагылазаашьа ганкахьтәи ацхыраара аиуеит, иобиективтәым аҟазшьагьы амоуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәааҿы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҷыдала иазгәанаҭоит ақырҭуа официалтә хаҿқәа Қырҭтәыла ООН атәыла-лахәыла астатус рхы иархәо жәларбжьаратәи аилазаарақәа ирыладырҵәоит ииашам аинформациа ҳәа. Уи ала жәларбжьаратәи аилазаара инегативны ареспублика рызцәырыргоит.

"Убри аан Қырҭтәыла адунеи ауаажәларра агәра ддыргар рҭахуп дара рхаҭақәа аҭынчра ишазықәԥаҩцәо. Раԥшьгара "Шаг к лучшему будущему", ахьыӡҵаны агәреибагара рҭахушәа рхы аадырԥшуеит", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭоит амшхәаԥштә азҵаара иактуалтәу азҵаарақәа адунеитә уаажәларра рҟынӡа анагараз алшарақәа шрымам.

"Ииасхьоу ашықәсқәа рзы ишьақәгылеит инегативу апрактика: адунеи ауааԥсыра ироуа аинформациа ԥаршеины ироуа. Уи инамаданы даргьы ииашоу аҵаҵӷәы рыҭаны аӡбрақәа рызрыдкылом", — ҳәа азгәарҭоит аминистрраҿы.

Аԥснытәи аган азхьаԥшра анаҭоит ганкахьала ақырҭуа ган жәларбжьаратәи аплошьчадкақәа ахы иахьанархәо Женеватәи аиҿцәажәарақәа ааха рнаҭоит ҳәа.

Убри инадҳәаланы аԥсуа ган аҽазныкгьы жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рахь аҳәара ҟанаҵоит ареспублика аӡбахә иахьалацәажәо жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи еиҟароу алшарақәа рыҭахарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0