АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. "Иаԥсоу апартниор" захьӡу аҽазыҟаҵарақәа Қырҭтәыла имҩаԥнагоит НАТО. Иара иалахәуп х-нызқьҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа, акәылӡтәы техника, авиациа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәҭынчымра цәырнагоит абасеиԥш инарҭбааны имҩаԥырго аҽазыҟаҵара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Аминистрраҿы агәра ганы иҟоуп Қырҭтәыла арратә патенциал аизырҳара хықәкыла Аԥсны ашәарҭадара шыҵнашәаауа.
"Асеиԥш арратә акциақәа афинанстә цхыраара азыҟарҵоит Еиду Америкатә штатқәеи Мраҭашәара атәылақәаки. Дара Қырҭтәыла амилитаризациа апроцесс адгылара арҭоит. Арҭ атәылақәа рполитика арегион аҿы аҭагылазаашьа ашәарҭара иҭанаргылоит, Қырҭтәыла иҟоу аконфликт аҭышәныртәалара иазырхоу жәларбжьаратәи аформат аусура иаԥырхагоуп", — рҳәоит аминистрраҿы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҭыԥ заур алшо аибарххараз аҭакԥхықәра рықәырҵоит Қырҭтәылеи иара мраҭашәаратәи апартниорцәеи.