Аԥсны иҟоу арратә округ аррамаҵзурауаа рыла ихаҭәааит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра арҵаратә Центр аушьҭымҭацәа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҟәшақәа хадырҭәааит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14– Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра арҵаратә Центр аушьҭымҭацәа азениттә ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", аоператорцәа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҟәшақәа хадырҭәааит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ахысрақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра арҵаратә Центр аушьҭымҭацәа хымзтәи аҽазыҟаҵара ҷыдақәа ирхысит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы.

Аррамаҵзурауаа ҳаамҭа иақәшәоны еиҿкаау аказармақәа рҿы иҩнарҵеит. Аказармақәа еиқәыршәоуп аҳауа еиҭарсгақәеи аҽыкәабарҭақәеи рыла.

Дара арахь раара аламҭалаз рыԥсихологиатә ҭагылазаашьа гәаҭан анкетамҩаԥгареи атестмҩаԥгареи рыла.

Арратә база аррамаҵзурауаа рыла аиқәыршәаразы абҵарамза нҵәаанӡа еиҭах иаараны иҟоуп 300-ҩык: амеханик-ныҟәцаҩцәа, атанк ныҟәцаҩцәа, аракетатә комплексқәа "Штурм-С" аоператорцәа, аимадаҩцәа.