Вадим Ҳаразиа: шьаҿа-шьаҿала аусура ҳаҿуп, ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадоуп

Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аҧсны Аҳəынҭқарра ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа дырзааҭгылоит 2018-тəи ашықəс алкаақəа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

2017 шықəса ҧхынгəымзазы Аҧсны Аҳəынҭқарра ахада иусҧҟала Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аҧсны Аҳəынҭқарра ахаҭарнакс дҟаҵан Вадим Николаи-иҧа Ҳаразиа. Қырҭтəыла аганахь ала амзызқəа ирхырҟьаны иаразнакҵəҟьа иалымҵит аусура ахацыркра. Ҳауаажəларра рхаҭарнакцəа даара аџьабаа рбазаргьы, ирылдыршеит жəабранмзазы аусура нап аркхартə еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵара.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа рыхьыӡқәеи иахьа урҭ рҭагылазаашьеи

"Ҳааит Ҭырқəтəылаҟа ҩыџьа — Џьансыхә Лазбеи сареи. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧснынтə хҩык аус ҳуеит, Асҭамыр Багаҭелиа ааигəа усура даҳзаарышьҭит. Ҳтəарҭа-ҳгыларҭа зегь рыла ҳаиқəшəоуп, зегь ирыцку ҩ-напыкала аусура ауп", — ҳəа азгəеиҭеит Ҳаразиа.

Вадим Ҳаразиа излаиҳəо ала, зегь раҧхьа иргыланы аҧсуа хеидкылақәа (адернеқьқəа) ирҭааит, абыргцəа рхеилакқəа, аҿар рхеилакқəа баны аусура нап адыркит.

"Ҳалаҽхəаратəы иҟоуп, а-14-тəи адернеқь ахьаадыртыз Ҭырқəтəыла. Туфан-бели ҳəа Ақҧынар араион иаҵанакуеит уи аҳабла. Аусурақəа имҩаҧаҳгаз ала, иахьа-уаҵəы ҳəа ҳаҧшуп Дорҳал ҳəа иҟоу аҭыҧ аҿы Каисери иазааигəоу, уаҟагьы а-15-тəи адернеқь аартхоит ҳәа", — иҳəеит Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқəтəыла иҟоуп убас еиҧш ақалақьқəеи ақыҭақəеи Аҧснынтə уаҩ дахьымнеиц. Ус еиҧш иҟоу аҭыҧқəа рҭаара рылдыршеит Ҭырқəтəыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра аусзуцəа.

"Каисери 250 км инацəыхараны иҟоуп аҧсуа-ашəуа қыҭақəа, Лоу-қыҭа, Исмаил-қыҭа, Қараель-қыҭа уҳəа. Убра имҩаҧаҳгаз аицəажəарақəа рыла, Кавказтəи ахеидкыла иалоуп, иаарласны иҵегьы ааҳартраны ҳаҟоуп. Иџьоушьаша, гəахəарас иҳадаҳкылаз, ақыҭақəа хароуп аха, рбызшəеи рқьабзи иахьынӡарылшо ала еиқəырханы ирымоуп. Аҿар уи аҟара ирзымдыруазаргьы, аиҳабацəа ирҳəоит рбызшəа", — ҳəа азгəеиҭоит Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқəтəыла инхо ҳауаажəлар Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқəа ирызҿлымҳауп, аҭоурыхтə рыцхəқəа азгəарҭоит.

Аибабара агәыбылра ацуп: Ҭырқәтәылатәи Џьгьарда ақыҭаҿ аԥснаа ачара шрарҳәаз

"Аиқəшəарақəа еиҿаҳкаауеит, шьаҿа-шьаҿала аусура ҳаҿуп. Излаҳалшо ала, асиақəа реиқəыршəара ҳаҿуп. Иаҳамбац, иаҳзымдыруаз рҟны аус мҩаҧаҳгоит, иҭаҳҵаауеит", — иҳəеит Ҭырқəтəыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак.

Аҧснынтə Ҭырқəтəылаҟа ицо аҳəынҭқарратə делегациақəа маҷым. Ҳдиаспореи ҳареи ҳусеицуреи ҳаимадареи рзы хымҧада уи акыр ицхыраагӡоуп.

"Иаҳҳəозар, лаҵарамзазы Аҧсны агəабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцəа, аҳақьымцəа гəыҧҩык ара иҟан. Аҧсуа хеидкылақәа р-Федерациеи ҳареи ҳаидгыланы излаҳалшоз ала ҳархаҵгылеит. Сҭампыл, Анкара иреиҳау ҧшьба-хəба хəышəтəырҭақəа ирҭааит. Анталиа имҩаҧысуаз агəабзиареи атуризми ирызкны аҳəаанырцəтəи афорум рхы аладырхəит", — иҳəеит Ҳаразиа.

Ҭырқəтəыла инхо ҳдиаспора рзы акыр иуадаҩны иаанхоит аиҭанаиааира амҩа иадҳəалоу азҵаатəы. Аиқəшəарақəа зегьы рҟны уи ҳдиаспора ргəы змырҭынчуа зҵаараны иалацəажəоит.

"Адлери Сҭампыли ибжьоу аҳаирплан ахə акыр еизҳаит. Зықь доллар рҟынӡа иаҧсахеит уахьгьы-арахьгьы аӡəы ибилеҭ ахə. Уа инеиз ауаҩы мчыбжьык даанхома, жəамш даанхома, ихныҟəгаразы аҟəрышь иҭахəуп. Амшынмҩа аартра иаӡбоз азҵаарақəа рацəан, аус адулара иаҿуп. Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба мышқəак раҧхьа дыҟан Анкара, Ҭырқəтəыла аҳəаанырцəтəи аминистрреи, апрезидент иаппарат ҳəа ззырҳəои рҟны аиқəшəарақəа иман, уаҟа ари азҵаарагьы иалацəажəан", — ҳəа азгəеиҭеит Вадим Николаи-иҧа.

Аҟәысба Ҭырқәтәыла акультуратә центр ҿыц азы: адиаспора еиднакылоит

Ҭырқəтəыла инхо ҳдиаспора, иара убас зҵаара хаданы иазнеиуеит ателехəаҧшратə спутник аҧҵара, рыҧсадгьыли дареи еимаздо ажəабжьқəа раҳартə еиҧш аҭагылазаашьа аиҿкаара. Уи аганахь ала аицəажəарақəа мҩаҧысуеит.

"Ҭырқəтəыла имҩаҧысуа Кавкази Аҧсныи ирыдҳəалоу арыцхəқəа зегьы ҳрылахəуп. Еиуеиҧшым афестивальқəа мҩаҧысуеит. Кавказ иалҵыз 16-17 милаҭ адернеқьқəа рымоуп, рхадацəеи ҳареи ҳаибабаратəы аҭагылазаашьа аҧаҳҵеит, аимадара ҳабжьоуп. Сынтəа ҩынтə афестивальқəа мҩаҧнагеит Кавказтəи Афедерациа, ҳара ҳрылахəын. Даргьы ҳаргьы еилаҳкаауеит ҳҳəоу еиқəшəаны ҳҟамлар ада ҧсыхəа шҳамам", — ҳəа азгəеиҭеит Ҳаразиа.

Ашықəс Ҿыц азы хымҧада ирацəоуп Ҭырқəтəыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра имҩаҧнагараны иҟоу аусурақəа. Аха, уажəазы ашықəсҿыцазтəи рыдныҳəалара ҳазааҭгылап.

"Сҩызцəеи сареи аҳаҭарнакра ахьӡала ҳауаажəлар Ашықəс Ҿыц рыдаҳныҳəалоит. Ҳаҧхьа ишьҭоу аусқəа рацəоуп, анагӡашьа ҳақəшəааит. Аҧсны шəҭыкакаҷлааит. Ҳаҧсадгьыл ҧшӡа ҳаиднакылааит нырцəи-аарцəи иҟоу зегьы. Ҽааныбзиала шəнеиааит зегьы!" — иҳəеит Вадим Ҳаразиа ҳаиҿцəажəара хыркəшауа.