Аԥсны инхо аурысцәа реилазаара ааԥхьара ҟанаҵеит иҟалаз ашьра ҭҵаазарц

Ауаажәларратә еиҿкаара "Русское общество Абхазии" рыдышшылеит Аԥсны иршьыз Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Маслов иҭаацәа, агәабзиара изеиӷьаршьеит абизнесуаҩ Михаил Еваленко.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Ауаажәларратә еиҿкаара "Русское общество Абхазии" ақәыӡбеит ареспубликаҿ аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа. Ааԥхьара ҟанаҵеит Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Маслов Аԥсны дызшьызи, абизнесуаҩ Михаил Еваленко ишьра зҽазызшәози ацәгьоуцәа иаарласны рықәнага иақәдыршәарц.

Аԥсны иршьыз Урыстәыла атәылауаҩ иԥсадгьыл аҿы анышә дамардоит

"Ҳара иаҳҳәо ҳақәымшәо ҳҟанаҵеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан Кострома атәылауаҩ Михаил Маслов ишьра. Ҳрыдышшылоит иҭаацәа. Иара убасгьы агәабзиара изеиӷьаҳшьоит Михаил Еваленко", - ҳәа аҳәоит аилазаара аҳәамҭаҿы.

Костромантәи Аԥсныҟа зҭаацәа зманы иааны инхоз Михаил Маслов дыршьит Тамшь ақыҭан ажьырныҳәа 14 рзы. Ахҭыс инадҳәаланы ашьаусҭҵаара цоит.

Еваленко Шәача ақалақь ахәышәтәырҭахь днагоуп. Уа аоперациа изыруит. Уантәи Москваҟа диагахоит. Игәабзиара акыр иуашәшәыроуп.

Ахҭыс инадҳәаланы Гагара араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.