Аԥсны иршьыз Урыстәыла атәылауаҩ иԥсадгьыл аҿы анышә дамардоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Костромантәи Аԥсныҟа зҭаацәа зманы иааз, ара инхоз ауаҩԥсы дыршьит Тамшь ақыҭан ажьырныҳәа 14 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иршьыз Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Маслов иԥсадгьыл аҿы анышә дамардоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит иԥҳәыс Ольга Маслова.

Гагра араион аҿы аԥжәара ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҿы аԥжәара ҟалеит

"Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп араион аиҳабыра иҟарҵаз ацхырааразы. Аԥсыбаҩ амҩаԥгаразы афинанстә харџьқәа рхахьы иргеит. Ҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәылантәи иааз ҳҭаҳцәа, ауаажәларратә еиҿкаара "Русское общество Абхазии" ахантәаҩы Роман Риазанцев, ҳгәылацәа", - лҳәеит лара.

Аԥсыбаҩ Кострома ианнаргалак иҭаацәа аҳаирплан иаԥылоит, иԥшәмаԥҳәыс макьаназы ара даанхоит ашьаусҭҵаара цонаҵы.

Маслова лажәақәа рыла, лхәыҷқәеи лареи рышьҭахьҟа ихынҳәуеит ашьаус анхыркәшахалак ашьҭахь.

"Сҭаацәагьы рықәра нықәсхьеит. Иҟалап ахәыҷқәа сыманы уахь схынҳәыр. Ҳара Аԥсныҟа ҳаара ахәыҷы лгәамбзиароуп изыдҳәалаз. Уи ара еиҳа аҳауа лнаалон. Макьаназ иҟасҵаша сазымхәыцыцт", - ҳәа лҳәоит Ольга Маслова.

Костромантәи Аԥсныҟа зҭаацәа зманы иааз, ара инхоз Михаил Маслов дыршьит Тамшь ақыҭан ажьырныҳәа 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0