Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы апты аизгаразы аԥарахшәаара еиҭахацдыркуеит

Амармалташьтә пты аизгара ааԥынразы еиҭахацыркхоит, усҟан иара аԥырра аҽазырхиара иалагоит, ацәа иалҵуеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амармалташьтә пты аизгара ахәԥса ахшәааразы иазыԥхьагәаҭахоит 5-7 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара. Апты акра иалагоит ааԥынразы ҳәа иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Шәачаа Аԥсны амармалташь пты ишаҿагыло ргәаԥхоит

"Ари аус ԥсыхәа змамоуп. Ишыжәдыруа еиԥш ииасыз ашықәс аан апты акьыла зықьмааҭ ахыршәаауан. Сынтәагьы иацаҳҵоит ари аус, уи ахылаԥшра аҭахоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, апты иаҿагыланы ақәԥараҿы абри аусхкы еиҳа алҵшәа амоуп.

"Адунеи зегь аҟынгьы абасеиԥш ала апты ақәырӡаара хра аманы ирыԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәоит Амиран Какалиа.

Ҵыԥх хә-нызқь кьыла рҟынӡа  апты еизган. Ауснагӡатәқәа ааԥынраз имҩаԥгахоит, апты аӡын иӷыҵысны ианааԥшлак ашьҭахь. Усҟан акрагьы еиҳа имариоуп ҳәа иҳәоит аминистр.

Дбар еиҭеиҳәеит апты анырҵәаразы иахәҭаны ииԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа ртәы