"Like абиԥара": изеиԥшроузеи иахьатәи "ҳҭоурых"

Аинтернет ада жәларбжьаратәи амш адунеи аҟны иазгәарҭоит ажьырныҳәа мза аҵыхәтәантәи амҽышазы. Ари аныҳәа хықәкы хадас иамоуп аглобалтә ҳақәа иртәыртәыз ауаатәыҩса мышкы иадамзаргьы "ахақәиҭра" рыҭара, "ихәыцу" адунеи аҟнытә, аамҭала иҵабыргу аԥсҭазаарахь рырхынҳәра.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Миллионҩыла ауаа рымш алагоит, иагьынҵәоит аинтернет хархәагақәа рыла. Џьоукы урҭ рхы иадырхәоит русура иадҳәаланы, даҽа џьоукы – баша аамҭагагас. Аха ишакәхалакгьы, ҳаԥсҭазаара армариаразы ихәыцыз амаҭәарқәа, даҽа ганкахьала, ҳаԥсҭазаара еиҳагьы идыруадаҩит, ҳархьыԥшыртәит. Убри аҟнытә аинтернет хәарҭара алоу иаламу азҵаара, досу ихазы ихаҭа аҭак ҟаиҵоит.

Саргьы исымоуп схатә аҭакқәа. Аинтернет – ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара зныкҟьарала ашьапы иқәырҟьаны ахы иқәзыргылаз цәырҵраны сахәаԥшуеит. Ауаҩы ари аҩыза "аҳамҭа" ихы ианазыҟаиҵа инаркны, асаркьа надаадақәа дрылахазшәа, дызланхоз, икәша-мыкәша иибоз зегьы иаалырҟьаны рҽырыԥсахит, еицакхеит шықәсы рацәала игәынкыланы имаз аилкаарақәагьы. Уажәшьҭа ауаҩы имаӡам маӡакгьы. Изнымхаӡеит иара мацара иитәу акагьы. Ауаҩы егьырҭ ауаа дызлареиԥшым аҳәаақәа еиҳа-еиҳа иӡәӡәахан, ишьақәгылеит досу дызлахәу асоциалтә "зеиԥшнхарҭа". Иуадаҩым ахаҿы аагара ари аҩнду аҟны аԥсҭазаара зеиԥшроу: аизкылаԥшра, аҵәеибаҵаҵара, аиҵашьыцра…

Адлеиԥҳа: аинтернет иацуп ашәарҭара зықәра намӡац аҿар рзы

Насгьы, зегь раасҭа ихадоу, ауаатәыҩса хаҭалатәи ҳаизыҟазаашьақәа шеиҿкаау зны-зынла уаҩы игәы ԥнажәартә иҟоуп. Иаҳҳәап, ҳарҭ, авиртуалтә ԥсҭазаараҿы аицәажәара еиҳа аԥыжәара азҭо аҿар ҳанааиниало иччархәуп ҳхымҩаԥгашьа. Еиқәлацәоу ауаа злацәажәаша атемақәа акы аанмыжь жәаминуҭк рышьҭахь инҵәозшәа, досу рџьыбақәа ирҭаланы "акәакьҭа лашақәа" ааҭыргоит. Ари иахьӡуп: "Шәбара сеигәырӷьеит, абзиараз!".  Убри аамҭазы ҳаицәажәара "шшьу" аныздырлак асааҭ снахәаԥшуеит. Иҵабыргыҵәҟьаны, ҳцәажәара жәаминуҭк изырҭымсӡеит.

Иаҳҳәап ҭыԥҳак дугәаԥхозаргьы, "абнауаа" реиԥш асалам шәҟәы лзыҩны, мамзаргьы лҩыза ӡӷаб лыла угәы иҭыхо лаҳәара уажәшьҭа иаҭахым. Ари аҩыза ахымҩаԥгашьа иаҳхысыз ашәышықәса иатәызаап. Хараӡа еиӷьуп зҩымҭакгьы уамыԥхьац шәҟәыҩҩык ииҳәахьаз, рацәакгьы зҵакы узеилымкаауа ажәа ԥшӡақәа "ватсап" ахь илзануҵар. Уи еиҳа аус ауазаап. Убри аан автор изинқәа рыцклаԥшра аҭахны иҟаӡам. Иауазеи, нас, анкьа аӡәы акы иҳәахьазҭгьы, уи уажәшьҭа зегьы еицыртәми. Изҭаххалакь ихы иаирхәалааит, автор ихьӡ амырбаӡакәа!

Хәмаршақә ауп ишысҳәо, аха ҳахәмарыртә ҳаҟамзар ҟалап. Сара есыҽнытәи аинтернет ахархәаҩцәа среиуам, аха аамҭа-аамҭала Инстаграм анаасыртуа, гәаныла снапқәа шәынтә иԥысҵәоит. Сыла иабо лассы иханагалоит сшьақәыӷәӷәарагьы. Иаҳҳәап, уажәы "имодоуп" азҵаара-ҭактә еицәажәара Инстаграм "аҭоурых" аҟны ақәыргылара. Сақәшаҳаҭуп азҵаарақәа интересзар, аҭакқәагьы акы уеилдыркаауазар. Аха аӡӷаб шьыжьнаҵы лыԥшәма дызлаиргәырӷьаз, мамзаргьы аӡәы игәхьаалгаз дзыгәхьаалгаз - саҭамыз, аха сара сус алаӡам.

Корсаиаԥҳа: аинтернет цәырҵит ҳәа ателехәаԥшра ыӡуам

Ԥыҭҩык ргәы иалсыргьы, ахархәаҩцәа рахьтә даҽа гәыԥкгьы алыскаар сҭахуп: инагӡаны романк иамыԥхьац, арахь аинтернет аҟны иааҟәымҵӡакәа аԥсҭазаара ҵакыс иамоу иалацәажәо. Егьырҭ ргәы ишаанаго сыздырам, аха сара "апсихолог" дысҭахӡам, еиҳаракгьы изҳәо ззымдыруа, аԥсҭазаараҟны макьана уеизгьы-уеизгьы еихьӡарак змауц. Убри аҟнытә досу ихаҟынтәи далагалар еиҳа еиӷьхап ҳәа сгәы иаанагоит.

Ари аҩыза ахымҩаԥгашьа ҳара иҳаланарҵәоит атәым ԥсҭазаара иахылҵыз "апоп-культура". Аӡәгьы иҳәаӡом аинтернет ҽеиӡам, уи ахархәара азин аԥыхтәуп ҳәа. Аха ҳҭелқәа рыда лашарак ҳала иамбо асоциалтә ҳақәа ҳанырҭатәо, ҳара иаҳхамышҭыр ҳахәҭоуп ҳмилаҭ зланхо азакәанқәа зынӡа даҽа ҟазшьак шрымоу, ахархәага ҿыцқәа лассы-лассы урҭ шҵыршәаауа. Иахьа ҳара ҳхылԥа ыршәны ҳхаҭа ауаа ирылаҳҵоит, аха уи азхаҵара ҳахыццакуам. Ҳхатәы пату ақәҵашьа ҳақәымшәозар, анҭыҵ аҽыҵгақәа рыԥшаареи атәым ахара идҵареи иаԥсам.

Ахархәага ҿыцқәа ицәырырго азҵаарақәа мышкала рыӡбара, ҳәарада иауаны иҟам. Аха мышкы заҵәык иадамзаргьы, шәааи, нас, ҳҭелқәа насҭхашәа инықәҵаны иаҳзааигәоу ауаа ҳгәазхара ҳрацәажәап.