Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит

25 шықәса раахыс зыԥсҭазаара аԥсуа кәашара иадҳәалоу, Ҭырқәтәыла иаԥҵаз ансамбль "Редада" аҟны ахкы назыгӡоз, иахьа аԥсуа кәашартә коллектив "Нарсов" еиҿкааны измоу, напхгарагьы азҭо ҳџьынџьуаҩ Озгьиур Сымсым иаҳзеиҭеиҳәеит ҳкультурахь Кавказ ахаҭарнакцәа рыдагьы, егьырҭ амилаҭқәагьы хьаԥшуа ишалагаз атәы.
Sputnik

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Озгьиур Сымсым 17 шықәса анихыҵуаз, Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иааны ахәыҷқәеи аҿари акәашашьа аныддырҵоз, раԥхьатәи агәыԥ иалалаз дреиуоуп. Уажәы иара ансамбль еиҿкааны имоуп. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигоит аиҳабыс дахьыҟоу ашкол аҿы, аспорттә зал аҩнуҵҟа. Ансамбль х-гәыԥкны еихшоуп, аиҵбыратәи, абжьаратәи, аиҳабыратәи ҳәа. Акәашацәа рхыԥхьаӡара шәкы еиҳауп.

Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит

"Сара, Кандид Ҭарбеи, Лев Қьецбеи, Беслан Бебиеи, Валери Ҭаниеи исдырҵази, ирымаздаз аԥышәеи ирыбзоураны, Адаԥазар иаԥҵаны исымоуп аԥсуа кәашартә ансамбль "Нарсов". Аамҭа-аамҭала ахьӡ аҽеиҭанакуан, зны "Риҵа", "Нарҭ", "Аԥсынра" ҳәа иҟан, аха уеизгьы акоуп. Убас санстудентызгьы, ауниверситет аҿы акәашаратә гәыԥ еидыскылеит, арахь иныҟәон Кавказ ахаҭаранакцәа рыдагьы, егьырҭ амилаҭқәагьы", - иҳәоит Озгьиур.

Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо

Акәашаҩ 2005-2012 шықәсқәа рзы Валери Ҭаниа иансамбль "Редада" дацны Аԥсныҟа даахьан. Анаҩс, 2015-2017 шықәсқәа раан иара иколлектив ааигеит. Аԥсны араионқәа рҟны иқәгылеит.

"Хымԥада Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳара ҳзыкәашаӡом, аха уеизгьы ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт. Ҭырқәтәылантәи иааз ҳашьцәа роуп ҳәа иаҳхаҵгылон, иҭабуп ҳәа ҳарҳәон ҳмилаҭтә культура еиқәырханы иахьааҳго. Ус иҟан Валери Ҭаниа ҳицны ҳанца, убасҵәҟьа иаҳԥылеит саргьы ахәыҷқәа анызга", - игәалашәоит ахореограф.

Озгьиур еиҭеиҳәеит Аԥснытәи рықәгылара иадҳәалоу лаф хҭыскгьы.

Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит

Аконцерт ашьҭахь, асасцәа ирзеиҿкааз ачеиџьыкаҟны аныҳәаҿақәа анышьҭырхуаз, аԥшәмацәа ҳџьынџьуаа рҟазара ахәшьара арҭазаап.

Гекче Ҷықьԥҳа: "сшаԥсыуоу дсырдырует"

"Раԥхьатәи афарџьан ашьҭахь, "хар амамкәа шәкәашеит" ҳәа ҳарҳәеит, аҩбатәи аан "шәыбзиан рҳәеит", аҳԥатәи аамышьҭахь "ҳаумахеит". Уи нас лафуп, аха мчыбжьык знык аҽазыҟаҵарақәа зламҩаԥаагоз ала, аиаша ҳҳәозар ҳалҵшәақәа џьаршьеит", - ҳәа азгәеиҭоит Озгьиур.

Ансамбль "Нарсов" Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа рыбжьара ахьӡ змаҳац дыҟам. Аколлектив алахәуп аԥсуаа рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, ачарақәа.

Шықәсык ҩынтә, Адаԥазар ақалақь аконцертқәа мҩаԥыргоит. Усҟан азал иамкуа ажәлар еизоит. Иҟалалоит ақәгыларақәа рышьҭахь Озгьиур акәашара дирҵарц азы ианидҵаало аԥсуа ҟазара ихнахуа егьырҭ амилаҭқәагьы.

Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит