Лика Ҵәыџьԥҳа: "Орфеи" ахәыҷқәа даҽа гәыӷра лашак рнаҭеит

Лассы имҩаԥысраны иҟоуп Очамчыра араион ашәаҳәаратә еицлабра "Орфеи" ахԥатәи аконцерт. Апроект амузыкатә напхгаҩы Лика Ҵәыџьԥҳа еиҭалҳәеит аицлабра шеиҿкаахаз, ахәыҷқәа ишрыдыркылаз, насгьы ахԥатәи аконцерт азы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.
Sputnik

-Ахәыҷтәы ашәаҳәаратә еицлабра шԥеиҿкаахеи, насгьы зхы алазырхәышаз радыԥхьалара шԥамҩаԥгаз?

- Авокалтә еицлабра "Орфеи" аиҿкааразы ицәырҵыз аидеиа аԥсҭазаара аҭараҿы схы аласырхәырц иансыдыргала, минуҭкгьы сымхәыцкәа сақәшаҳаҭхеит. Избан акәзар гәыԥҩык ахәыҷқәа еидкыланы ашәаҳәашьа дырҵара, аус рыдулара - ари сара кыраамҭа исыцыз сгәыхәтәқәа иреиуан. Аицлабра амҩаԥгара анаҳаӡба, уажәшьҭа алахәылацәа ԥшаатәхеит. Ииашоуп, ақалақь иаҵанакуа ашколқәа рҟынтәи аҵаҩцәа ҳаҽрылаҳагӡар ауан, аха ари аицлабра араион зегьы алархәтәын, хымԥада. Убри аҟнытә ҳара ҳарҭаауа ҳалагеит ақыҭа школқәагьы. Ҳәашьак сзаҭом аҵаҩцәа ҳашрыдыркылоз: ргәацԥыҳәара, аицлабра ирызцәырнагаз аинтерес ӷәӷәа ирхалашоз рхаҿсахьақәа ирнубаалон.

Чагәааԥҳа апроект "Орфеи" азы: ақыҭа хәыҷқәа рбаҩхатәра амҩа азаанартыр ҳҭахуп

- Ахәыҷқәа аус рыдулара ицәырнамгар залшом еиуеиԥшым ауадаҩрақәа. Шәара шәԥышәаҿы урҭ зеиԥшрааз?

- Ҳәарада, ақыҭа школқәа ҳрылсуанаҵы хаҭала сара сгәы сзырхьуазгьы ирацәаны саниеит. Иаҳҳәап, џьара-џьара ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо ахыбра аҭагылазаашьа, мамзаргьы ихымԥадатәиу ахархәагақәа рымамзаара уҳәа, имаҷым араион ашколқәа ирзымхо… Анаҩс ҳара имҩаԥаҳгеит акастинг. Уаҟа ҳарзыӡырҩит шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа, аха урҭ рахьтә 40-ҩык алахәылацәа алҳаԥшааит. Аҵыхәтәан инхеит 20-ҩык.

Ари аетап аҟны ицәырҵуа иалагеит ауадаҩрақәа. Зегьы акака ашәа рзалԥшаатәхеит. Иҟалеит зхатәы ашәақәа змазгьы, аха урҭ маҷын. Аиашазы, ахәыҷқәа ирҳәарц ирҭаххаз ашәақәа ансдырҳауаз схәы-сжьы еилыбзаауан. Еилкаау усуп, аамҭа ҿыц иашьашәало ашәақәа рхатәы стиль рымоуп, аха абри аҟынӡаҵәҟьа ҵакы змам, музыка змам ашәақәа ахәыҷқәа иахьыргәаԥхо рацәакгьы иҽеим ҳәа сахәаԥшуеит. Ашәа аҳәара зегьы ирылшоит, аус злоу ишуҳәо ауп. Убри аҟнытә сара сзы ихадаз ахәыҷқәа иахьынӡауа ала ииашаны, ицқьаны ашәа дырҳәара акәын.

Шәманиа "Ткуарчал Fest" азы: акастинг рҽаладырхәит Аԥсны зегьы аҟынтәи ашәаҳәаҩцәа

Насгьы ауадаҩрақәа цәырҵуан ахәыҷқәа асценаҿы ахымҩаԥгашьа дырҵараан. Ахаан ауаарацәа рҿаԥхьа ицәырымҵыц, амикрофон знапаҿы изымкыц ауаҩы, ҳәарада, раԥхьаӡакәны ари зегьы ирҵара мариаӡам. Акыс, актәи ҳконцерт аан акультуратә хан азал зегьы ҭәит, убри аҟара ахәаԥшцәа ҳҭааит. Аха ахәыҷқәа - аферымқәа, рыгәҭыхақәа зегьы ириааины қәҿиарала ақәгылара рылшеит.

Аицлабра – еицлаброуп. Иҳамбаӡакәа анаҩстәи аетапахь ицо алахәылацәа ралхра аамҭагьы ааит. Хәҩык ахәыҷқәа ныжьтәын, аха ҳгәы иамукәа анаҩстәи аетапахь зегь наҳашьҭит. Актәи аконцерт аҟны ахәыҷқәа аҳәаанырцәтәи ашәақәа рҳәара азин рыман, аха анаҩс хымԥада аԥсуашәахь ҳаиасит. Сара усызҵаауазар, аԥсуашәақәа даараӡа пату сызрықәуп, аха "минусовка" ҳәа изышьҭоу, ажәақәа злам амузыка аиура цәгьоуп, аԥара маҷымкәа иахшәаалатәуп. Ашәак амузыка 20-30 нызқь мааҭ ианаԥсахо ҟалалоит. Сгәанала, ахәыҷқәа акы дурҵарц ануҭаху, аҟәрышь азҵаара ҵыхәтәантәизароуп. Убри аҟнытә аусура саналадыргоз иаразнак срыҳәеит сџьабаа хәыда-ԥсадатәи ашьаҭа амазарц. Избан акәзар дыҟоуп аӡәы - аҟәрышь зманы баҩхатәра злам, аха дыҟоуп даҽаӡәгьы - абаҩхатәра злоу, аха аҟәрышь еиҵанархо. Урҭ еснагь ҳрызхьаԥшлар ҳахәҭоуп.

- Аҟазара ахәыҷқәа рылааӡараан иарбану еиҳа хшыҩзышьҭра зышәҭо, насгьы аҭаацәа иарбан знеишьоу иалырхлар акәу?

Мықәԥҳа "Абжьы зхоу" иазкны: ахәыҷқәа "мап" ҳәа раҳәара цәгьан

- Сара кырӡа саргәырӷьоит ахәыҷқәа ирҳәо ашәа "аԥсабара" аарԥшра анрылшо, саҟара сыцнаҵоит ирҳәо ажәақәа зегьы акакала рҵакқәа анырныруа. Уи гәаумҭар алшаӡом. Аҭаацәа ракәзаргьы, ахәыҷқәа ирыдаҳбало аџьабаахь аилкаара ду аадырԥшит, аҽазыҟаҵарақәа рахь иагмырхаӡакәа иаарышьҭуеит. Дара аҽазыҟаҵарақәа есыҽныҵәҟьа имҩаԥаҳгаӡом, избанзар ақалақь хәыҷқәа реиԥш ҳара иҳамоуп ақыҭа хәыҷқәагьы. Аурокқәа рышьҭахь урҭ рҭаацәа иаҳзааргоит. Ирацәаҩуп ахәыҷқәа ашәо рҳәонаҵы итәаны иԥшу. Иахьатәи аамҭазы уск-уск зегьы ирымоуп, аха раамҭа рҽахаршәаланы ахәыҷқәа акы рылаҳхындаз ҳәа иахьыҳаҵҳаҵо ҳаргьы ҩынтәны аусуразы агәаҳәара ҳнаҭоит. Иазгәасҭар сҭахуп, ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рҟны аус анумоу, изакәызаалак акы аныдурҵо, уи апроцесс аҟны аҭаацәа алаурхәыр ҩынтәны алҵшәа шаиуа.  Аха, ҳәарада, зегь раасҭа ихадоу, зегьы ирыцку - ҳазҿу аус ахәыҷқәа рхаҭа ирзыинтересуп. "Орфеи" ахәыҷқәа даҽа гәыӷра лашак рынаҭеит, ахықәкахьы анаӡара шауа днардырит.

Быжь шықәса ирықәуп аинтернат аҟны аус зуеижьҭеи. Ари аамҭа рацәаӡам, аха уи иалагӡаны хәба-фба класс ашкол иалсыргахьеит. Убри аҟнытә, сԥышәа аҟынтәи схазы иазгәасҭахьеит ахәыҷқәа зегьы доусы рхатәы ҟыбаҩ шрымоу, акызаҵәык – ииашаны уи аҟыбаҩ ахырхарҭа аҭара шаҭаху. Ҳәарада, иҟоуп аҽаартра зцәыцәгьоу, мыцхәы аԥхашьара злоу ахәыҷқәагьы. Аха урҭгьы гәыгәҭаҳажьӡом, зегьы реиԥш даргьы рхы аус адырулартә алшареи аҭагылазаашьеи раҳҭоит. Ахәыҷыцәгьа дыҟаӡам, иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ ауп.